АВГУСТ 3—9, 2026
АШӘА 113 Аҭынчра аиашара иалҵшәоуп
Егьырҭ ирыдыркыло аӡбарақәа пату рықәышәҵала
«Ауаҩы... игәаанагареи шәгәаанагареи ахьеиқәымшәо азы шәимықәыӡбалан» (РИМ. 14:1).
ЕИЛАҲКААУА
Аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирыдыркыло аӡбарақәа анаҳгәамԥхо, пату рықәаҳҵалар шҳалшо.
1, 2. Избан зны-зынла ақьырсианцәа ирыдыркыло аӡбарақәа зеиԥшым?
ШӘАРА ишәыдышәкылаз аӡбаразы зныкыр акритика шәзырухьоума? Мамзаргьы даҽаӡәы идикылаз аӡбара анышәгәамԥхаз ҟалахьоума? Арҭ аҩ-зҵаарак рҭак «ааи» ҳәа иҟашәҵар ҟалап.
2 Егьырҭ ақьырсианцәа ирыдыркыло аӡбарақәа ҳара иҳадаҳкыло аӡбарақәа ианреиԥшым, уи џьаҳамшьалароуп. Избан? Избанзар зегьы ҳаиԥшӡам. Дасу ҳхатә гәаанагара ҳамоуп. Ҳара ҳкультура, ҳааӡара, насгьы ҳхатә ԥышәа ҳхәыцшьа ианыԥшуеит. Аха зҵаарак аганахьала ҳгәаанагарақәа ахьеиқәымшәо азы аизараҿы аҭынчреи аӡәкреи ыӡыр ҳамуроуп (Еф. 4:3).
3. Избан ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рҟынтә аӡәы идикылаз аӡбаразы иқәыӡбара ҳалагар залшо?
3 Аӡәы иаҳгәамԥхо аӡбара анидикыло дышиашам, насгьы иӡбара иԥсахырц иаҳҳәарц ҳҭаххар ауеит. Мамзаргьы идикылаз аӡбара иашаӡам ҳәа даҽа шьоукы раҳәара ҳҭаххар алшоит. Ҳгәы абзиара ҭазар ауеит. Ҳара ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи бзиа иаҳбоит, абзиарагьы рзеиӷьаҳшьоит (Ажәам. 17:17). Ҳара иаҳҭахӡам урҭ ирыдыркыло аӡбарақәа ирыхьхәырц, мамзаргьы Иеговеи дареи реиҩызара бжьырхыр.
4, 5. Иҟаҵатәузеи, аизараҿы аӡәы идикылаз аӡбара ҳара иҳадаҳкыларыз аӡбара иеиԥшымзар?
4 Иахәҭоума аизара аҟынтә аӡәы идикылаз аӡбара ҳгәамԥхозар, иацәажәара? Ара изызхәыцтәу рацәоуп. Иаҳҳәап, аӡәы Абиблиа иаҿагыло ак аҟаҵара игәы ишҭоу еилаҳкаазар, иара бзиа дахьаҳбо азы дахьиашам аилкаара ҳицхраароуп (Ажәам. 27:5, 6). Аха иҟаҵатәузеи, ақьырсиан иӡбара Анцәа изакәанқәа ирҿамгылозар, аха ҳара иҭыԥаҿ ҳаҟазҭгьы, иҳадаҳкыларыз аӡбара иеиԥшымзар? Абиблиа иҳабжьнагоит: «Ауаҩы... игәаанагареи шәгәаанагареи ахьеиқәымшәо азы шәимықәыӡбалан» (Рим. 14:1).
5 Аха аӡәы идикылаз аӡбара пату ақәҵара мариамзар алшоит. Ари астатиа аҟны ҳалацәажәоит егьырҭ ирыдыркыло аӡбарақәа пату рықәаҳҵалар зҳахәҭоу, насгьы уи шыҟаҵалатәу. Аха раԥхьа шәааи ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рҟынтә аӡәы идикылаз аӡбаразы иқәыӡбара ҳҭаххар ахьалшо ҭагылазаашьақәак ҳрылацәажәап.
АӠӘЫ ИДИКЫЛАЗ АӠБАРАЗЫ ИҚӘЫӠБАРА ҲҬАХХАР АНАЛШО
6, 7. Ҳгәы иаанагар анбалшо аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирыдыркыло аӡбарақәа иашаӡам ҳәа? Иаажәга аҿырԥштәқәа.
6 Ишаҳҳәахьоу еиԥш, ҳааӡареи ҳхатә ԥышәеи зҵаарақәак рҿы ҳгәаанагара ианырлар ауеит. Егьырҭгьы ҳара ҳаиԥш ихәыцуеит ҳәа ҳгәы иаанагозаргьы алшоит. Аха ус иҟамзаргьы ауеит. Ҳрыхәаԥшып ҭагылазаашьақәак. 1-тәи аҭагылазаашьа. Ианизҳахьаз аҵабырг еилызкааз аиашьа иаб ижәуан. Иара аишьцәеи аиҳәшьцәеи ахьеизаз сасра даарыԥхьоит. Уа астол арыжәтә ықәгылоуп. Уи анибалак, уи аиашьа даара иџьеишьоит, иҟашәҵо иашаӡам ҳәагьы реиҳәоит. 2-тәи аҭагылазаашьа. Чымазара ӷәӷәак змаз аиаҳәшьа лҽылхәышәтәит. Ԥыҭрак ашьҭахь даҽа иаҳәшьакгьы уи аҩыза ачымазара шлымоу лаҳаит. Лара уи длыцхраарц лҭахуп аҟынтә, сара абри сыхәеит, баргьы иҟабҵар ауп ҳәа лалҳәоит — иаҳҳәап, абри адиета бықәтәароуп, абарҭ ахәшәқәа быжәлароуп, ма абарҭ аҳаскьынқәа рыла бҽыбхәышәтәыроуп ҳәа лалҳәоит. 3-тәи аҭагылазаашьа. Аиашьа уаанӡа амцдинхаҵара ныҟәигон, убри аҟынтә уажәшьҭа уи иадҳәалоу акы амԥан дықәларгьы иҭахӡам. Иара иаҳауеит аизара аҟынтә аӡәы ауахәамаҿы имҩаԥысуаз аԥсыжраҿы дшыҟаз. Уи даара игәаԥхаӡомa.
7 Абар даҽа ҩ-ҭагылазаашьак. 4-тәи аҭагылазаашьа. Аиашьа ахацәа аԥаҵа анныҟәрымгоз, аҳәса аиқәа рышьаҵаны амероприатиақәа рахь ианымныҟәоз аамҭа дахаануп. Иара идыруеит узықәгәыӷыртә иҟоу амаҵуҩ ҟәыш иҟынтә иҳауз аҵыхәтәантәи анапхгара инақәыршәаны, аишьцәа аԥаҵа ныҟәыргалар, насгьы аиҳәшьцәа ажәабжьҳәареи аизарақәеи рахь аиқәа рышьаҵаны иныҟәалар шрылшо. Аха иара уеизгьы уи ԥшӡаӡам ҳәа иԥхьаӡоит. Аишьцәеи аиҳәшьцәеи ус ҟашәымҵалароуп ҳәагьы реиҳәоит. 5-тәи аҭагылазаашьа. Аизара ахылаԥшҩы иидыруа иашьак ауниверситет данҭала ашьҭахь аамҭак анҵы Иегова имаҵ аура даҟәыҵит. Иара иаҳауеит иеизараҿы иқәыԥшу иашьакгьы ауниверситет дҭаларц шииӡбаз. Аизара ахылаԥшҩы уи игәы иҵхоит, убри аҟынтә уи аиашьа иҭаацәеи иареи шәыӡбара шәыԥсахроуп ҳәа реиҳәоит.
8. а) Избан ахәыҷқәа змоу ақьырсиан егьырҭ аҭаацәа акритика рзура далагар залшо? б) Ианыԥшыр шԥалшо аизара, егьырҭ ирыдыркыло аӡбарақәа акритика анырзаҳуа?
8 Уажәшьҭа ҳахәаԥшып аҭаацәа ибзианы еилыркаауа ҭагылазаашьак. 6-тәи аҭагылазаашьа. Шәара ахәыҷқәа шәымазар, «Иегова ишиҭаху еиԥш шәрылабжьо, ахшыҩ дырҵо» ишәааӡаларц азы ирацәаны аџьабаа жәбоит (Еф. 6:4). Аха шәара игәашәҭоит егьырҭ ақьырсианцәа шәара шәхәыҷқәа рзы ижәымуа рхәыҷқәа азин шрырҭо. Иаҳҳәап, шәара шәхәыҷқәа аҩныҟа заа ихынҳәларц рашәҳәоит, егьырҭ рхәыҷқәа еиҳаны аамҭа рырҭоит, ақәымчра ахьыҟам акомпиутортә хәмаррақәа ихәмарлар руеит, насгьы ишыхәыҷқәоу аҭел ддыркуеит. Уи иахҟьаны шәхәыҷқәа ргәы иаанагозар алшоит акгьы азин рышәҭаӡом, иахшәырҟьацәоит ҳәа. Дара абас рҳәозаргьы ауеит: «Сҩыза иҭаацәа зегь руеит, абри шәара ишәыхьи?» Ус еиԥш иҟоу аҭагылазаашьаҿы егьырҭ аҭаацәа акритика рзура уалагар алшоит. Ааи, егьырҭ ирыдыркыло аӡбарақәа ҳара иҳадаҳкыло аӡбарақәа ианреиԥшым, урҭ акритика рзура ҳалагар ауеит. Иаҳҳәап, аӡәы аԥара шнихуа, лассы-лассы аԥсшьара дахьцо, мамзаргьы гәырҿыхагас иалихуа ҳгәамԥхозар ауеит. Аха ҳгәаанагара аизараҿы иҟоу аӡәкра иаԥырхагахар ҳамуроуп.
9. Иаҳхаҳмыршҭлар ҳахәҭоузеи ҳара? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
9 Ақьырсианцәа зҵаарак аганахьала ирыдыркыло аӡбарақәа еиԥшымзар шалшогьы, уи иаанагаӡом ииашоу аӡбарақәа руак ауп ҳәа (Рим. 14:5). Абиблиа ҳгәазҭанаҵоит Иегова инормақәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа рҿы хәыцшьак ҳамазарц. Аха уи иаанагаӡом ҳхатә алхра ҟаҳҵалар ахьҳалшо аҭагылазаашьақәа рҿы иҳадаҳкыло аӡбарақәа еиԥшызар ауп ҳәа. (2 Кор. 13:11). Аӡбарақәа шҳадаҳкыло ныҟәара ҳанцо амҩа шалаҳхуа иаҿҳарԥшыр ҳалшоит. Ҭыԥк ахь еиуеиԥшым амҩақәа рыла унеир улшоит. Ҳара еиҳа иаҳгәаԥхо, иаҳзыманшәалоу амҩа алаҳхуеит. Убас еиԥшҵәҟьа ақьырсианцәа рхатә алхра ҟарҵалар ахьрылшо азҵаарақәа рҿы еиуеиԥшым аӡбарақәа рыдыркылалар ауеит. Аха ҳара зегьы хықәкыс иҳамоу Иегова иргәырӷьара ауп. Убри аҟынтә егьырҭ ирыдыркыло аӡбарақәа рзы ҳармықәыӡбалароуп (Матф. 7:1; 1 Фес. 4:11).
Аныҟәаҩ тыԥк ахь узго ииҭаху мҩак алихыр ауеит; убас еиԥшҵәҟьа Иегова имаҵзуҩцәагьы ухатә алхра ҟауҵар ахьулшо азҵаарақәа рҿы еиԥшым аӡбарақәа рыдыркылалар ауеит. (Шәахәаԥш абзац 9.)
ЕГЬЫРҬ ИРЫДЫРКЫЛО АӠБАРАҚӘА ПАТУ ЗРЫҚӘҴАЛАТӘУ
10. Ззин ҳамамзеи, Иаков 4:12 иану инақәыршәаны, насгьы избан?
10 Абиблиаҿы егьырҭ ирыдыркыло аӡбарақәа пату рықәаҳҵалар зҳахәҭоу амзызқәа аагоуп. Ҳрыхәаԥшып урҭ рҟынтә мзызқәак. Ҳара егьырҭ рхатә алхра ҟарҵалар ахьрылшо азҵаарақәа рҿы ирыдыркыло аӡбарақәа рзы рықәыӡбара азин ҳамаӡам. (Шәаԥхьа Иаков 4:12.) Иегова заҵәык иоуп иҟаҳҵалашеи-иҟаҳамҵалашеи ҳаҳәара азин змоу. Иара ииашоу Азакәанԥҵаҩи Аӡбаҩи иоуп. Убри аҟынтә ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ирыдыркыло аӡбарақәа рзы аҭак зырҭо Иегова иоуп, ҳара ҳакәӡам (Рим. 14:10). Ҳара ҳхәаԥшышьеи ҳгәаанагареи шьаҭас иҟаҵаны егьырҭ рықәыӡбара ма акритика рзура азин ҳамаӡамb.
11. Ишԥаҳалшо аизараҿы иҳабжьоу акзаара ҳахьчалар? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
11 Иегова ииҭаху имаҵзуҩцәа еиԥшызарц акәӡам, аӡәкра рыбжьазарц ауп. Анцәа аиԥшымзаара бзиа ибоит. Уи ишамҭақәа зегьы рыла иубарҭоуп. Иаҳҳәап, асцырақәаҵәҟьагьы еиԥшӡам. Ауаатәыҩса ртәы ҳҳәозар, аамиллиардҩык адгьыл иқәынхо ауаа рыбжьара ҟазшьалеи ԥшралеи еиԥшу ауаа ыҟаӡам. Иегова ауаа анишоз, урҭ еиԥшымзарц иҭахын. Иара акопиақәа реиԥш ҳаиԥшызарц иҭахӡам. Аха Иегова аӡәкра ҳабжьазарц иҭахуп. Убри аҟынтә ҳаиԥшымзаара аӡәкра ҳамнахыртә ҳауӡом. Ҳара аизараҿы иҳамоу аҭынчра ҳмырӡырц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵоит. Ҳаиашьараҿы иҳабжьоу акзаара ҳхатә гәаанагара аасҭа акырӡа ихадоуп (Рим. 14:19).
Иегова ҳаиԥшымкәа ҳаишеит, аха иара акзаара ҳабжьазарц иҭахуп. (Шәахәаԥш абзац 11.)
ЕГЬЫРҬ ИРЫДЫРКЫЛО АӠБАРАҚӘА ПАТУ ШРЫҚӘҴАЛАТӘУ
12, 13. Иаҳхаҳмыршҭлар ҳахәҭоузеи, аӡәы «ииашам амҩа дыныл[еит]» ҳәа ҳгәы иаанагозар? (Галатаа 6:1; шәахәаԥш иара убас арамка «Даҽа гәаанагарак шәымазар»).
12 Ухатә алхра ҟауҵар ахьулшо азҵаарақәа рганахьала аӡбара здызкыло егьырҭ ракәзар. Шәхы шәазҵаа: «Ауаҩы „ииашам амҩа даныл[оу]“, мамзаргьы идикылаз аӡбара сара исыдыскыларыз иеиԥшму?» Ауаҩы абиблиатә ԥҟара дахыԥаны, ииашам амҩа данылазар, абри аҩыза азҵаара шәхы иашәҭ: «Исылшома уи ауаҩ Абиблиа шьаҭас измоу иҟәыӷоу алабжьара исҭар, мамзаргьы уи даҽаӡәы, иаҳҳәап аизара ахылаԥшҩы, иҟаиҵар еиӷьхоу?» Ауаҩы алабжьара бзиа шәызиҭозар, уи хаала иҟашәҵа. (Шәаԥхьа Галатаа 6:1.) Аха лассы-лассы ишыҟоу абас ауп: ауаҩы идикылаз аӡбара иашоуп, уи ҳара иҳадаҳкыларыз еиԥшӡам ауп. Ус еиԥш иҟоу аҭагылазаашьақәа рҿы ауаҩы ихәыцшьеи ихымҩаԥгашьеи иашаӡам, доуҳалагьы дкәадахеит ҳәа ҳамхәыцлароуп. Иара убас идикылаз аӡбара ишакәым ҳахымцәажәалароуп. Ауаҩы ихатә алхра ҟаиҵалар азин шимоу шәхашәмыршҭлан, шәагьимықәыӡбалан (Рим. 14:2—4).
13 Шәхаҿы иаажәг шәҩызеи шәареи аресторан ахь шәцазшәа. Шәҩыза иалысхыз алухыроуп ҳәа иашәҳәалома? Ҳәарада, мап. Избанзар иара игәаԥхо фатәык алихыр шилшо еилышәкаауеит. Иара иалихыз шәгәамԥхозаргьы, уи уадаҩрас ишәыԥхьаӡаӡом, избанзар изфо шәара шәакәӡам. Уажәшьҭа шәазхәыц шәҩыза пату шәықәиҵар иҭахызшәа. Ҳәара аҭахума, ишәгәаԥхо дазымхәыцӡакәа фатәык шәзалихызҭгьы, уи шәгәаԥхарымызт. Убас еиԥшҵәҟьа ҳара егьырҭ пату рықәаҳҵалоит, рхатә ӡбарақәа рыдыркылалартә алшара раҳҭалар, ҳгәаанагарагьы рыдҳамцалалар.
14. Ишԥаҳалшо ҳхатә алхра ҟаҳҵар ахьҳалшо азҵаарақәа рҿы аӡбарақәа анҳадаҳкыло акзаара ҳахьчалар? (1 Коринфаа 8:12, 13).
14 Ухатә алхра ҟауҵар ахьулшо азҵаарақәа рганахьала аӡбара здызкыло шәара шәакәзар. Шәара акзаара шәыхьчалоит, егьырҭ ргәы нышәмырхаларц азы ишәылшо зегь ҟашәҵозар. (Шәаԥхьа 1 Коринфаа 8:12, 13.) Ҳара абиблиатә ԥҟарақәа еилазымго ӡбарак адкыларазы «азин» шҳамоу еилаҳкаауазар ауеит. Аха ҳаӡбара иашьак игәы шинархьуа еилаҳкаауазар, уи «ахәарҭа» аанагома?c (1 Кор. 10:23, 24). Ишәылшома уи аӡбара адкыларазы азин сымоуп ҳәа ахәыцра аҭыԥан, ахамеигӡара аарԥшны, егьырҭ шәрызхәыцыр? (Рим. 15:1). Аха уажәраанӡа иаҳҳәоз егьырҭ иудукыло аӡбарақәа пату рықәырҵалароуп ҳәа акәӡами? Ааи, усоуп. Дара ҳаӡбарақәа пату рықәырҵалар шрыхәҭоу еиԥш, ҳаргьы рыӡбарақәа пату рықәаҳҵалароуп. Ҳара Римаа 12:18 иану алабжьара ҳхаҳмыршҭлароуп: «Ауааи шәареи аҭынчра шәыбжьазарц азы, шәара шәганахьала ишәылшо зегь ҟашәҵала». Убри аҟынтә аҟәышра аарԥшны аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳареи иҳабжьоу аҭынчра ҳмырӡырц, рыгәгьы даҳмырхьырц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵалароуп.
15. Ишԥарылшо аизара ахылаԥшыҩцәа аизараҿы иҟоу аӡәкра иацхраалар? (1 Коринфаа 4:6).
15 Аизара ахылаԥшыҩцәа аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирыдыркыло аӡбарақәа пату рықәырҵоит. Аизара ахылаԥшыҩцәа ухатә ӡбара удукылар ахьулшо азҵаарақәа рҿы аԥҟарақәа шьақәдмыргылозар, насгьы «Иԥшьоу Аҩыра иану [иахымԥозар]», аизараҿы акзаара иацхраауеит. (Шәаԥхьа 1 Коринфаа 4:6.) Иаҳҳәап, дара ҳпубликациақәа рҿы иаагоу Абиблиа шьаҭас измоу алабжьарақәа ирҿагыло акгьы рҳәаӡом. Уи адагьы, аӡәы аизара ахылаԥшыҩцәа ацхырааразы данрыҳәо, рхатә ԥышәа иақәгәыӷны алабжьара ирҭаӡом. Дара Анцәа Иажәа шьаҭас иҟаҵаны ауп ауаҩы алабжьара ширҭо (Ис. 48:17, 18).
16. Ишԥаилшо аизара ахылаԥшҩы аизара ахылаԥшыҩцәа рхеилак иаднакыло аӡбарақәа пату рықәиҵалар?
16 Аизара ахылаԥшыҩцәа зегьы аизара ахылаԥшыҩцәа рхеилак иаднакыло аӡбарақәа пату рықәырҵоит. Аизара ахылаԥшыҩцәа рхеилак иԥшьоу адоуҳа иаҳәаны, Абиблиа иаҳәо иахәаԥшны ӡбарак анрыдыркыло, аизара ахылаԥшыҩцәа зегьы уи аӡбара иадгылароуп, ргәаанагара аиҳараҩык ргәаанагара еиԥшымзаргьы (Еф. 5:17). Иара убас аизара ахылаԥшыҩцәа ирҳәо рхатә гәаанагара акәӡам, Абиблиеи ҳпубликациақәеи рҿы иану ауп. Уа ианым ҳәа акгьы ацырҵаӡом. Иаҳҳәап, аизара ахылаԥшҩы статиак аҿы иаагоу азхәыцрақәа зегь рызхьаԥшра аҭыԥан, уа иану ҳәоук мацара шьаҭас иҟаҵаны сгәаанагара ауп ииашоу ҳәа иҳәалаӡом.
17. Иарбан хәарҭоу иаанаго егьырҭ рыӡбарақәа пату ахьрықәаҳҵо?
17 Ишаҳҳәахьоу еиԥш, ҳара зегьы ҳаиԥшӡам. Дасу ҳхатә гәаанагара ҳамоуп. Аха ҳахьеиԥшым еиҳагьы еиӷьуп! Ҳара ҳҟазшьеи, ҳааӡареи, ҳкультуреи ахьеиԥшым аизара угәы ахьеизҳауа зеиԥшыҟам ҭыԥны иҟанаҵоит. Убри аҟынтә ҳаиԥшымзаара иҳабжьоу акзаара иаԥырхагахар ҳмулароуп, аха аҭынчра ҳабжьазарц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵалароуп. Ҳара ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ргәы нҳархалар ҳҭахӡам, рхатә алхра ҟарҵар ахьрылшо азҵаарақәа рҿы ирыдыркыло аӡбарақәагьы пату рықәаҳҵоит. Убас ҟаҳҵалар, Иегова ҳџьабаа дазылԥхалоит, аизараҿгьы акзаареи агәырӷьареи ыҟазаауеит (Аԥсал. 133:1; Матф. 5:9).
АШӘА 89 Аӡырҩра азылԥхарақәа аанагоит
a Ақьырсиан ауахәамаҿы имҩаԥысуа аԥсыжрахь ма ачарахь дцару-дымцару аниӡбо, дзызхәыцша ыҟоуп. Шәахәаԥш маи 15, 2002 шықәсазы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы иану «Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа».
b Зны-зынла аизара ахылаԥшыҩцәа агәнаҳа ӷәӷәа ҟазҵаз ақьырсианцәа рус рыӡбалароуп. Дара ирхадмыршҭлароуп ус еиԥш иҟоу аусқәа Иегова ихьӡала ишырыӡбо. Убри аҟынтә рхатә гәаанагарала акәымкәа, иара иԥҟарақәа рыла аус рыӡбалароуп. (Иаҿшәырԥш 2 Ашықәсынҵа 19:6.)
c Иаҳҳәап, шәахәаԥш ашәҟәы «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!», аурок 35, апункт 5.