Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • mrt астатиа 134
  • Ақәымчра ала ауадаҩрақәа узыӡбаӡом

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ақәымчра ала ауадаҩрақәа узыӡбаӡом
  • Еиуеиԥшым атемақәа
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • Иисус ауаа идирҵоз
  • Иисус ихы шымҩаԥигоз, насгьы аԥхьаҟа иҟаиҵо
  • Адунеи зегь аҿы аҭынчра ҟалоит
    Еиуеиԥшым атемақәа
  • «Сара Сыԥсҳара ари аԥсабараҿтәым»
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
  • Аразра. Ҳажәақәеи ҳусқәеи ирныԥшуа ҟазшьоуп
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
  • Иалшома ақәымчра ахьыҟам адунеи ҟалар?
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
Еиуеиԥшым атемақәа
mrt астатиа 134
Иисус гәыԥҩык аҳәсеи, ахацәеи, ахәыҷқәеи аҵабырг дирҵоит.

ИИСУС ИҾЫ АҴАРА ШӘҴАЛА

Ақәымчра ала ауадаҩрақәа узыӡбаӡом

Аимак-аиҿакқәеи ауадаҩрақәеи ануӡбо, умч ухы иаурхәалар ҟалоит ҳәа згәы иаанаго рацәаҩуп. Уи Иисус ауаа идирҵози ихы шымҩаԥигози зынӡа иеиԥшӡам. Ҳрыхәаԥшып ҿырԥштәқәак.

Иисус ауаа идирҵоз

Иисус Ашьхараҿы ииҳәаз ажәахә аҿы иазгәеиҭеит аԥсахеибакреи, агәеибакреи, ақәымчреи аилибамкаарақәа рыӡбара ишуԥырхагоу. Абар Иисус ииҳәоз.

  • «Ауаа шәызныҟәалар шышәҭаху еиԥш, шәаргьы убас шәрызныҟәала» (Матфеи 7:12; Лука 6:31). Ари апринцип зехьынџьара ухы иаурхәалар алшоит, ахьтәы ԥҟара ҳәагьы иашьҭоупa. Уи ҳгәазҭанаҵоит ауаа ҳазныҟәалар шаҳҭаху еиԥш даргьы рызныҟәара. Ҳара иаҳҭахӡам ауаа рҽырџьбараны иаҳзыҟазар. Ус анакәха, ҳаргьы ауаа ибзианы ҳарзыҟазароуп, патугьы рықәаҳҵалароуп, ҳрықәшаҳаҭымзаргьы.

  • «Аӡәы ганкахьала дуҿасыр, егьи агангьы имҵак» (Матфеи 5:38, 39; Лука 6:29). Арҭ ажәақәа рыла Иисус ииҳәарц ииҭахыз ҳладырҟәлар ҳаулароуп ҳәа акәӡам. Иисус иҳаилиркаарц ииҭахыз узыргәааз дахьырхәтәуп ҳәа ауаа ирымаз агәаанагара шиашамыз ауп. Абас еиԥш иҟаз агәаанагара усҟан инхоз адиннапхгаҩцәа иреиуаз шьоукы ауаа ирыладырҵәозҭгьы ҟаларын. Иисус иакәзар, иҵаҩцәа ашьоура шаҭахым реиҳәон, иара убас аҭынчра аадырԥшларц ргәазҭеиҵон, шьоукы иакәым ак ддырҟаҵарц ианашьҭоугьыb.

  • «Шәаӷацәа бзиа ижәбала» (Матфеи 5:43, 44; Лука 6:27). Иисус иҳәон ҳазцәымӷу ма ииашамкәа иҳазныҟәо ауаа ибзианы ҳарзыҟазар шҳахәҭоу. Уи иаанагаӡом ииашамкәа зхы мҩаԥызго ауаҩы иҟаиҵо ҳақәшаҳаҭуп ҳәаc. Аха ауаҩы ҳара ибзианы ҳахьизыҟоу игәыԥжәара еиқәнартәар алшоит, пату ҳақәиҵо далагаргьы ҟалоит.

Иисус ихы шымҩаԥигоз, насгьы аԥхьаҟа иҟаиҵо

Иисус ауаа идирҵаӡомызт ауадаҩрақәа шәанрықәшәо ақәымчра шәхы иашәырхәала ҳәа. Иара ихаҭагьы ус ҟаиҵаӡомызт. Дыкны даныргоз ауха, иҵаҩцәа руаӡәк дихьчарц далагеит. Аха Иисус иҳәеит: «Уаҳәа аҭра иҭаҵа, избанзар аҳәа шьҭызхуа дарбанзаалак аҳәа ала дыршьуеит» (Матфеи 26:52). Иисус иаӷацәа бзиа ибон. Иара ииашамкәа изныҟәоз иранаижьит, дара рзы Анцәагьы диҳәон (Лука 23:33, 34; 1 Пиотр 2:23).

Абиблиа ҳақәнаргәыӷуеит Иисус, Аҭынчра Аҭауад, иаарласны ақәымчра аҵыхәтәа шԥиҵәо (Исаиа 9:6, 7). Аԥхьаҟа иаҳзыԥшу аԥсҭазаара бзиа иазкны еиҳаны еилышәкаарц шәҭахызар, шәаԥхьа астатиа «Покончить с войнами возможно!».

a Еиҳаны аинформациа аагоуп астатиа «Что такое золотое правило?» аҿы.

b Еиҳаны аинформациа аагоуп астатиа «Что означает принцип „око за око“?» аҿы.

c Еиҳаны аинформациа аагоуп астатиа «Что значит заповедь Иисуса Христа „Любите своих врагов“?» аҿы.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2026)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • Аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2026 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра