Софониа
3 Изакә рыцҳароузеи иазыԥшу аҿагылара аазырԥшуа, агәнаҳақәа рыла иҭәу, ауаа рыцҳашьарак аамырԥшӡакәа ирызныҟәо ақалақь* хәымга!
2 Уи аӡәгьы изыӡырҩӡомызт, аӡәгьы илабжьара аднакылаӡомызт,
Иегова иқәгәыӷӡомызт, Анцәа изааигәахаӡомызт.
3 Уи аҭауадцәа — ицхлымуа алымқәа роуп,
Аӡбаҩцәа — уахынла ишәарыцо қәыџьмақәоуп,
Дара шьыжьынӡа абаҩҵәҟьа аанрыжьӡом.
4 Уи аԥааимбарцәа ламыс рымам, иԥхамшьаӡакәа амц рҳәоит,
Аԥшьаҩцәа иԥшьоу хәымгартәуеит,
Азакәанқәагьы еиларгоит.
5 Уи ақалақь аҿы инхо Иегова — диашоуп. Иара ацәгьара ҟаиҵаӡом.
Есыҽны амра шгыло еиԥш
Иара есышьыжь ииашара дирбоит.
Аха ииашам ауаҩы аԥхашьара закәу издырӡом.
6 «Сара ажәларқәа ықәысхит. Рбаашқәа қьаԥҭахеит.
Урҭ рымҩадуқәа ҭасырцәит.
Ақалақьқәа ԥыххааса ишьҭоуп, иҭацәит, уаҩ даанымхеит.
7 Сара уи ақалақь аҿы инхоз ус расҳәон: „Шәсыцәшәала, сымҩақәҵарақәагьы* шәыдышәкыла“,
Рыгәнаҳақәа рзы рықәнага иақәсмыршәарц,
Рықалақьгьы* ықәхымзарц азы,
Аха дара рхымҩаԥгашьа еиҳа-еиҳа еицәахон.
8 „Убри аҟынтә шәысзыԥшыз, — иҳәоит Иегова, —
Снеины ахырҵәара саналаго амш аҽнынӡа*.
Сара ажәларқәа срыԥхьарц, аҳрақәа еизызгарц сыӡбеит,
Сгәынамӡара дсырбарц, еилашуа сгәыԥжәара зегь рхызгарц азы,
Избанзар сгәыԥжәара иахылҵуа амца адгьыл зегь ықәнахуеит.
9 Уи аамҭазы сара ажәларқәа абызшәа цқьа рысҭоит,
Дара зегьы сыхьӡ Иегова ҳараркларц,
Насгьы рыжәҩахыр еибыҭаны сымаҵ руларц азы*“.
10 Иӷьаҵәыӷьаҵәуа исыҳәо, иахганы иргаз сыжәлар,
Ефиопиатәи аӡиасқәа рыԥшаҳәақәа рҟынтә аҳамҭақәа сзааргоит.
11 Уи амш аҽны уара уусқәа рцәыԥхашьара уқәшәаӡом, —
Усҿагыланы иҟауҵоз аусқәа,
Избанзар убжьара зҽыҟаҵаны иҽхәо уаҩ дынсыжьуам,
Уаргьы иԥшьоу сышьхаҿы уаҳа уҽырԥагьаны ухы мҩаԥугалаӡом.
12 Сара уара уҿы иаансыжьуеит ахынраалара злоу, иԥагьам ауаа,
Дара Иегова ихьӡ хыхьчарҭас ирымазаауеит.
13 Еиқәхо израильаа ииашамкәа рхы мҩаԥыргалаӡом,
Дара амц рҳәалаӡом, ҩысҭаарала аӡәгьы дыржьалаӡом.
Дара ҳәлоит, ргәы рҭынчынгьы рыԥсы ршьалоит, урҭ аӡәгьы иршәалаӡом».
14 Бгәырӷьала, Сион аԥҳа!
Угәырӷьо убжьы ргала, Израиль!
Быччала, бгәырӷьала, Иерусалим аԥҳа!
15 Иегова уахьирхәӡом, иара иӡбара иԥсахит.
Уаӷагьы наҟ дықәицеит.
Израиль Аҳ, Иегова, уара дуцуп.
Уара уаҳа арыцҳара уацәшәалаӡом.
16 Уи аҽны Иерусалим ус арҳәоит:
«Умшәан, Сион.
Угәы каумыжьын.
17 Унцәа Иегова уара дуцуп.
Иара дыӷәӷәоуп, уеиқәирхоит.
Иара данухәаԥшуа, дгәырӷьалоит,
Уара уахь имоу абзиабара агәахәара изаанагалоит,
Дгәырӷьангьы ибжьы иргалоит.
18 Сара уныҳәақәа гәхьаазго еидыскылоит.
Дара уцәыхаран, итҟәаны иахьыҟаз адгьыл аҿгьы ирхыччон.
19 Уи аамҭазы сара узыргәаҟуаз зегьы сырҿагылоит.
Ицыркьуа зегь еиқәсырхоит, итҟәаны иргазгьы еизызгоит,
Сара урҭ ахьыладырҟәуаз адгьылқәа рҿы пату рықәырҵо, идырҽхәо иҟасҵоит.
20 Уи аамҭазы сара шәеизызгоит, аҩныҟагьы шәсырхынҳәуеит.
Шәыжәлар атҟәара аҟынтә иансырхынҳәлак, сара шәҳараскуеит,
Ажәларқәа зегьы пату шәықәырҵо иҟасҵоит,
Шәара уи шәылала ижәбоит», — иҳәоит Иегова.