Софониа
1 Иудатәи аҳ Амо́н иԥа Ио́сиа ихаан, Езеки́а иԥа, Ама́риа иԥа, Геда́лиа иԥа, Ку́ши иԥа Софониа* ила Иегова ииҳәаз:
2 «Адгьыл аҟынтә зегь ықәысхуеит», — иҳәоит Иегова.
3 «Сара ауааи, аԥстәқәеи, аԥсаатәқәеи, аԥсыӡқәеи нсырҵәоит,
Иқәысхуеит амҩа иаша уқәзырҟьо* зегьы, ауаа цәгьақәа инарыдкыланы иқәысхуеит,
Ауаа адгьыл иқәызгоит, — иҳәоит Иегова. —
4 Сара Иудеиа ахьсырхәуеит,
Иахьсырхәуеит Иерусалим инхо ауаагьы.
Ара Ваа́л имҵахырхәара ашьҭа сырӡуеит,
Аныхаԥааҩцәа рыхьӡ анысхуеит, аԥшьаҩцәагьы нсырҵәоит.
5 Сара иқәысхуеит ахыбқәа рҿы жәҩантәи ар* иреихырхәо,
Иара убас Иегова иеихырхәо, насгьы уара заҵәык сумҵахырхәалоит ҳәа иазҳәо,
Аха убри аамҭазгьы Малха́мгьы уара заҵәык сумҵахырхәалоит ҳәа иазҳәо.
6 Сара инсырҵәоит Иегова ицәхьаҵуа,
Иегова инапхгара иашьҭам, насгьы алабжьаразы иара имыҳәо».
7 Ҿышәымҭын Амчра зегь знапаҿы иҟоу Аҳ Иегова иҿаԥхьа, избанзар Иегова имш ааигәоуп.
Иегова акәырбан ирхиеит, ааԥхьара зиҭазгьы иԥшьеит.
8 «Сара, Иегова, акәырбан анназго аҽны аҭауадцәа рықәнага иақәсыршәоит,
Рықәнага иақәсыршәоит аҳ иԥацәа, иара убас атәым жәлар рымаҭәа ныҟәызго зегьы.
9 Уи амш аҽны сара иахьсырхәуеит аҳаракырахь* ихало,
Заҳ иҩны ацәгьоурақәа рылеи мыцлеи изырҭәуа.
10 Уи амш аҽны, — иҳәоит Иегова, —
Аԥсыӡ гәашә аҟны аҳәҳәабжь галоит,
Аҵәыуабжь — ақалақь ахәҭа ҿыц аҿы,
Абжьыцәгьагьы — ахәқәа рҿы.
11 Шәқьызқьызуа шәҵәыуала Махте́ш* инхо,
Избанзар ахәаахәҭцәа зегь нырҵәоуп,
Араӡны зкапануаз зегь ықәхуп.
12 Уи аамҭазы сара Иерусалим алашарбага кны хәыц-хәыц еимыздоит,
Акгьы хьаас изкым ахамаԥагьацәагьы* рықәнага иақәсыршәоит,
Избанзар дара абас ихәыцуеит:
„Иегова абзиарагьы ҟаиҵом, ацәгьарагьы ҟаиҵом“.
13 Урҭ рмал еимырҵәоит, рыҩнқәагьы ԥыххааса иқәырҵоит.
Дара аҩнқәа дыргылоит, аха урҭ рҿы инхалаӡом,
Аӡахәақәа еиҭарҳауеит, аха аҩы ржәлаӡом.
14 Иегова имш ду ааигәоуп!
Уи ааигәаӡоуп, иццакны ааирагьы иаҿуп!
Иегова имш абжьы гәыҭшьаагоуп.
Убасҟан аибашьцәаҵәҟьагьы қьызқьызуа иҵәыуалоит.
15 Уи амш — агәыԥжәара иамшуп,
Агәаҟреи агәырҩеи ирымшуп,
Аԥшацәгьеи ахҵәареи ирымшуп,
Алашьцареи аҵх еиқәаҵәеи ирымшуп,
Аԥҭа жәпақәеи анаҟә еилачқәеи ирымшуп,
16 Ақалақь ӷәӷәақәеи абааш ҳаракқәеи ықәырхырц азы
Абыкь* абжьи аибашьцәа рыбжьи андырго мшуп.
17 Сара ауаа арыцҳара иақәсыршәоит,
Усҟан дара алашәцәа реиԥш иныҟәалоит,
Избанзар Иегова иҿаԥхьа агәнаҳа ҟарҵеит.
Урҭ ршьа асаба еиԥш икаҭәазаауеит,
Рырҳәарахгьы ауац еиԥш иԥсаҟьаны икажьзаауеит.
18 Ахьгьы араӡныгьы урҭ еиқәнархом Иегова игәыԥжәара амш аҽны,
Избанзар игәыԥжәара иахылҵуа амца адгьыл зегь ықәнахуеит.
Иара адгьыл иқәынхо зегь нирҵәоит, уи амш хлымӡааххоит».