Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Аввакум 3
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

Аввакум. Ахҳәаа

      • Аԥааимбар Иегова ак ҟаиҵарц диҳәоит (1—19)

        • Анцәа иалихыз ижәлар еиқәирхоит (13)

        • Аԥааимбар уеизгьы Иегова дилагәырӷьалоит (17, 18)

Аввакум 3:2

Албаагақәа

  • *

    Мамзаргьы иҟалап «ҳаамҭазы», арагьы анаҩстәи ацәаҳәаҿгьы.

Аввакум 3:3

Албаагақәа

  • *

    Шәахәаԥш Ажәар.

Аввакум 3:8

Албаагақәа

  • *

    Ма «аиқәырхара».

Аввакум 3:9

Албаагақәа

  • *

    Мамзаргьы иҟалап «ахәымпалқәа».

Аввакум 3:12

Албаагақәа

  • *

    Ма «арыц еиԥш иуҭәаҭәон».

Аввакум 3:14

Албаагақәа

  • *

    Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «иансыжәла».

Аввакум 3:16

Албаагақәа

  • *

    Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «сыбаҩқәа абаара иалагеит».

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Ахьчаратә бааш» (аҵаразы аҭыжьымҭа),

    11/2018, ад. 20

Аввакум 3:18

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Ахьчаратә бааш» (аҵаразы аҭыжьымҭа),

    11/2018, ад. 20

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
  • 14
  • 15
  • 16
  • 17
  • 18
  • 19
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Аввакум 3:1–19

Аввакум

3 Аԥааимбар Авваку́м Анцәа даниҳәоз уазашәаны ииҳәаз ажәақәа:

 2 «Иегова, сара уӡбахә саҳаит.

Иегова, уусқәа сгәы дырхыҭхыҭуеит.

Ианраамҭоу* урҭ еиҭах инагӡа!

Ианраамҭоу урҭ ҳарба!

Аамҭа цәгьақәа раан ҳрыцҳашьа.

 3 Анцәа Тема́нынтәи дааит,

Иԥшьоу Анцәа — ашьха Пара́н аҟынтә. (Се́ла.)*

Ихьӡ-иԥша ажәҩан хнаҩеит,

Изырҳәо аҽхәаԥхьыӡ адгьыл арҭәит.

 4 Икаҷҷоз илашара амра алашара еиԥшын,

Инапы ҩ-шәахәак алҟьон,

Имчгьы уа иҵәахын.

 5 Ачымазара ҿкы иаԥхьа игыланы ицон,

Ашыӡ ишьҭанеиуан.

 6 Иара дааҭгылан, адгьыл ирхыџхыџит,

Ажәларқәа данрыхәаԥш, рцәа иааҭаӡыӡеит.

Аханатә аахыс иҟаз ашьхақәа еиҟәшеит,

Жәытәнатә аахыс иҟаз ахәқәа еилабгеит.

Иара имҩақәа ԥсахра рықәым.

 7 Сара кушантәи ақьалақәа рҿы арыцҳара шыҟалаз збеит,

Мадиантәи ақьалақәа рқәыршәқәа ааҵысит.

 8 Аӡиасқәа роума, Иегова,

Аӡиасқәа роума угәы ззыԥжәо?

Амшын аума уԥсахы еибазыркуа?

Уара уҽқәа урықәтәаны ушьҭхысаа уаауан,

Уҽыуардынқәагьы аиааира ааргеит*.

 9 Уара ахыц еиҵухит,

Уқәны абџьар* урхиеит. (Се́ла.)

Аӡиасқәа рыла адгьыл еиҟәушеит.

10 Ашьхақәа уанырба, ахьаа роун еиҵаӷәӷәеит,

Ақәаршҩы ӷәӷәа алагеит,

Иҵәааит атымитыша,

Анапқәа ҳаракны ишьҭнахит.

11 Амреи амзеи рҭыԥқәа рҿы иаанхеит,

Ухҿақәа алашара еиԥш иахьабалак ицон,

Уаԥсагьы амацәыс еиԥш илашон.

12 Уара уԥсахы еибакны адгьыл уқәланы уаауан,

Угәы ԥжәаны ажәларқәа укәаҳауан*.

13 Уара уцәырҵит ужәлар еиқәурхарц, иалухызгьы духьчарц.

Ацәгьоуцәа рыҩны иахагылоу дыцҟьашәҟьа дықәуҵеит,

Аҩнгьы ахыб инаркны ашьаҭанӡа еиларбган. (Се́ла.)

14 Уара уи иеибашьцәа рабџьар ала иушьит,

Ҳаиԥхьдырттарц азы афырҭын еиԥш ианҳажәла*.

Дара рҽыҵәахны итәан,

Арыцҳара иҭагылаз рышьра ахьрылшозгьы еигәырӷьон.

15 Уара уҽқәа урықәтәаны амшын уалсит,

Еилашуаз аӡ дуқәа урылсит.

16 Уи ажәабжь ансаҳа, сцәа сҭаӡыӡеит,

Сқьышә аҵыс-ҵысра иалагеит,

Сымчқәа сылӡааит*, сшьапқәагьы ааҟәарҟәарит.

Аха сара уеизгьы ҭынч сазыԥшызаауеит

Иҳақәло ажәлар зықәшәараны иҟоу арыцҳара.

17 Алаҳа ҟамларгьы,

Аӡахәа ажь ҿамларгьы,

Амаслинаҵлақәа аҽаҩра аарымгаргьы,

Амхқәа рҿы аҽаҩра ҟамларгьы,

Ауасагәарақәа ҭацәыргьы,

Аборақәа рҿы арахә ҟамларгьы,

18 Сара уеизгьы Иегова ибзоурала сгәырӷьалоит,

Сынцәа, Сеиқәырхаҩ, силагәырӷьалоит.

19 Амчра зегь знапаҿы иҟоу Аҳ Иегова сымч иоуп.

Иара сшьапқәа абынҽацә ашьапқәа реиԥш иҟаиҵоит,

Усҟан сымшәаӡакәа абахәқәа сырхалалоит».

Адирижиор изы: срахәыцтә рҳәагақәа ирыцҳәатәуп.

Аԥсуа публикациақәа (2000—2026)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • Аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2026 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра