Аввакум
1 Анцәа аԥааимбар Авваку́м* изааиртыз ажәабжь.
2 Иегова, шаҟаамҭа суҳәалар акәзеи ацхырааразы, сыбжьы уаҳарц азы?
Шаҟаамҭа суҳәалар акәзеи ақәымчра сацәухьчарц азы?
3 Изаԥырумгои сыла азакәандара?
Изучҳауеи ацәгьара?
Изыҟои зехьынџьара арҳәрақәеи ақәымчреи?
Изеиқәымтәои аимак-аиҿакқәеи аиҿыхарақәеи?
4 Уи иахҟьаны азакәан амч ацәыӡит,
Аиашарагьы уаҳа иҟаӡам.
Ацәгьоуцәа ауаа иашақәа ириааит,
Убри азоуп ауаа русқәа ииашаны изырмыӡбо.
5 «Шәрыхәаԥш ажәларқәа, ибзианы шәрыхәаԥш!
Иџьашьаны шәыԥшла, шәшанхангьы шәгылаз!
Шәара шәхаан убри аҩыза ҟалоит,
Аӡбахә шәарҳәаргьы, ишәызхаҵарымызт.
6 Сара халде́иаа срыԥхьоит,
Рыцҳашьарак злам, зегь ықәызхуа ажәлар.
Дара шьҭхысаа адгьыл акаршәрақәа ирықәланы иаауеит,
Иртәым аҩнқәа ргарц азы.
7 Уи уцәа уҭазырӡыӡо, злеишәа цәгьоу жәларуп.
Дара аӡәгьы изыӡырҩӡом, рхала рхазы азакәанқәа шьақәдыргылоит,
Амчрагьы рнапаҿы иҟоуп.
8 Урҭ рыҽқәа алеопардқәа раасҭа иласуп,
Уахынла ишәарыцо ақәыџьмақәа раасҭа рыԥсы цәгьоуп.
Рҽеибашьқәа ԥхьаҟа еихоит,
Харантәи ишьҭхысаа иаауеит,
Амла иакуа ауарбажәқәа реиԥш хланҵы рҿынархоит.
9 Дара еибашьра еихоит,
Ржәылара мрагыларатәи аԥша иаҩызоуп,
Итҟәаны иргогьы аԥслымӡ еиԥш ирацәоуп.
10 Дара аҳцәа ирхыччоит,
Ачынуаагьы ччархәс иҟарҵоит;
Абаашқәа анырбо, ччараха ирысуеит,
Анышә еиқәыԥсаны ихалоит, абаашқәагьы рнапаҿы иааргоит.
11 Дара аԥша еиԥш ԥхьаҟа ицоит.
Аха урҭ рықәнага иақәшәоит,
Избанзар амч рызҭо рынцәахәқәа ракәушәа рҳәоит*».
12 Иегова, уара наӡаӡа уҟоуп.
Иԥшьоу Сынцәа, уара иԥсуа уакәӡам*.
Иегова, уара урҭ иуӡбаз нарыгӡарц рыдуҵеит.
Сыцаҟьа, уара ҳахьурхәырц* азы урҭ алухит.
13 Уара улақәа убриаҟара ицқьоуп, ацәгьара узахәаԥшӡом,
Ацәгьоурақәагьы узычҳаӡом.
Изучҳауеи, нас, амцҳәаҩцәа?
Ауаа цәгьақәа ауаа иашақәа андыргәаҟәуа акгьы зумҳәои?
14 Иумбаӡои ауаа амшын иҭоу аԥсыӡқәа ишреиԥшхаз,
Анапхгаҩы* дызмам иҳәазо ашамҭақәа ишырҩызахаз?
Нас, акгьы зыҟаумҵои?
15 Аӷа* урҭ аҵәгәыр ала икуеит,
Акаҭа ду ала урҭ ҭигоит.
Убри азоуп уи дзыччогьы, дызгәырӷьогьы.
16 Иара икаҭа акәырбанқәа азнеигоит,
Афимиамгьы азибылуеит,
Избанзар уи абзоурала иара есымша ашша зқәу* афатә имоуп,
Зегь иреиӷьу афатәгьы имҵоуп.
17 Анаҩсгьы абас икаҭақәа ирҭәлома*?
Рыцҳашьарак аамырԥшӡакәа еснагь ажәларқәа нирҵәалома?