Наум
1 Нине́виа иазку аԥааимбаражәа. Елко́ш иатәу Наум* Анцәа изааиртыз зну ашәҟәы.
2 Иегова иара заҵәык уимҵахырхәаларц зҭаху Нцәоуп, иара зшьа зуа Нцәоуп.
Иегова ишьа иуеит, иԥсахы еибакны дыҟоуп.
Иегова иҿагыло рықәнага иақәиршәоит,
Иаӷацәа игәыԥжәара рхигоит.
3 Иегова ачҳара илоуп, имч ҳәаа амаӡам.
Иегова ахара зду ахьмырхәӡакәа иаанижьӡом.
Иара аԥшатлакәи афырҭыни дыргәылаланы даауеит,
Аԥҭақәа дзықәгылоу асаба иаҩызоуп.
4 Иара илақәа ырцәгьаны амшын дахәаԥшуеит, иагьҭаирбоит,
Иҭаирбоит аӡиасқәа зегьы.
Баша́ни Карми́ли аҩара иаҿуп,
Ливантәи ашәҭқәагьы ҩоит.
5 Иара иҿаԥхьа ашьхақәа ҵысуеит,
Ахәқәа ӡыҭуеит.
Иҿаԥхьа адгьыл хыџхыџуеит —
Адгьылгьы, уа иқәынхогьы.
6 Изхызгар зылшода игәынамӡара?
Изычҳар зылшода игәыԥжәара?
Игәыԥжәара амцеиԥш еилашуеит,
Ацаҟьақәагьы иҿаԥхьа еилабгоит.
7 Иегова дқьиоуп, иара арыцҳара аан уҽыԥхьоукыр ахьулшо аҭыԥ даҩызоуп.
Анцәа иара иҿы ахыхьчара иашьҭоу дрыхӡыӡаауеит*.
8 Иара Нине́виа аӡы ажәҵаны ирбгоит,
Алашьцара иаӷацәа ирышьҭашәарыцалоит.
9 Иегова шәиҿагыланы акыр шәзыҟаҵома?
Иара шәыҟаӡамызшәа шәықәихуеит,
Зныкала шәынирҵәоит.
10 Нине́виа инхо ақәыцаанда еиԥш еилаԥаны ишеизҳазгьы,
Рымчра ауараш иашьны иҟоу реиԥш ишыҟанаҵазгьы,
Амца иалаҳаз аҭәеиԥш иқәыццышәаа ицоит.
11 Уара уҿы* дцәырҵуеит Иегова диҿагыларц азы ацәгьара зхәыцло,
Акгьы иаԥсам алабжьарақәа зҳәало.
12 Абас иҳәоит Иегова:
Сара уахьсырхәит*, аха уаҳа уахьсырхәлаӡом.
13 Сара узҵоу ауӷә уаҵысхуеит*,
Узлаҿаҳәоу ԥысыҵәҵәоит.
14 Уара, Нине́виа, Иегова абас узиҳәеит:
„Уара аӡәгьы духылҵӡом, ухьӡгьы рхашҭуеит.
Сара унцәахәқәа рыҩны* иҟоу иҭаԥҟаны, насгьы ирҭәаны иҟаҵоу аидолқәа ықәысхуеит.
Сара анышә уахьарҭо аҭыԥ зжуеит, — акгьы иаԥсам уара“.
15 Шәыԥшы! Ацҳаражәҳәаҩ ажәабжь бзиа, аҭынчра иазку ажәабжь бзиа, иманы ашьхақәа дрықәланы даауеит.
Уныҳәақәа азгәаҭала, Иудеиа, уҿаҭахьақәа нагӡала,
Избанзар ацәгьаҟаҵаҩцәа уаҳа иуқәлалаӡом.
Урҭ ыҟаӡамызшәа иқәӡаауеит».