Михеи
6 Сшәыҳәоит, Иегова ииҳәо шәазыӡырҩы.
Шәҩагыланы, ашьхақәа рҿаԥхьа шәус аартны шәхы шәыхьча,
Ахәқәа шәыбжьы раҳааит.
2 Ашьхақәа, Иегова ишьақәырӷәӷәагақәа шәырзыӡырҩы,
Шәӡырҩла, адгьыл ашьаҭа ӷәӷәақәа.
Иегова ижәлари иареи рыбжьара аус иӡбоит,
Израиль ахара адиҵоит:
3 «Ишәзызуи, сыжәлар?
Шәызласырааԥсеи?
Исхарашәҵо шәҳәа.
5 Сыжәлар, сшәыҳәоит, ишәгәалашәыршәа моавтәи аҳ Вала́к игәы иҭеикыз,
Бео́р иԥа Валаа́мгьы уи иеиҳәаз,
Ишәгәалашәыршәа Шитти́мынтәи Гилга́лҟа амҩа шәанықәыз иҟаз,
Усҟан Иегова иус иашақәа еилышәкаауеит».
6 Изназгари Иегова?
Изназгари ажәҩан аҿы иҟоу Анцәа санимҵахырхәо?
Ишеибгоу ирбылуа акәырбанқәа сыманы сизнеирыма,
Шықәсык зхыҵуа аҳәарақәа?
7 Игәы иахәома Иегова зқьыла аҭыӷьқәа?
Игәы иахәома меигӡарахда ахәша?
Дисҭарыма раԥхьатәи сԥа сыцәгьоура азы,
Схәыҷы, сыгәнаҳа азы?
8 Иара абзиара закәу уеиҳәеит.
Дыззыԥшуи* Иегова уара уҟынтә?
Ахьырхәра мап ацәышәымкын*, уи аԥшьызгазгьы мап ицәышәымкын.
10 Агәнаҳаҟаҵаҩ иҩнаҭаҿы мыцла ирҳау ахазынақәа ҳәа иҵегь акрыҟоума?
Иҟоума уа ахәымгара — иҭәым ае́фа*?
11 Сиашахома*, схы иасырхәозар амц зҳәо акапанга,
Ахаҳә иалху амц зҳәо агьырақәа?
12 Уи ақалақь аҿы инхо амалуаа аӡәгьы ҭаха ирҭаӡом, еснагь ауаа дыргәаҟуеит,
Уа инхо аиаша рҳәаӡом,
Рыбз амц аҳәоит.
13 «Убри азы сара ахәра ӷәӷәақәа унысҵоит,
Угәнаҳақәа рзы уҭасырцәуеит.
14 Уара акруфалоит, аха узхара узыфаӡом,
Амла ушакуа унхоит.
Умазара уҵәахуеит, аха иузыхьчаӡом,
Иухьчазгьы уаӷацәа ирысҭоит.
15 Илоуҵоит, аха аҽаҩра ҭоугалаӡом,
Амаслина ухәоит, аха ахәша уоуӡом,
Аҩы ҟауҵоит, аха иужәӡом.
16 Шәара О́мри изакәанқәа нашәыгӡоит,
Аха́в иҩнаҭа иатәу иааҟарҵоз зегь ҟашәҵоит,
Урҭ шәырҿыԥшуеит.
Сара ауаа гачамкны, ишанханы ишәыхәаԥшлартә иҟасҵоит,
Ақалақь аҿы инхо ччархәны иҟалоит,
Ажәларқәа шәхыччалоит».