Михеи
4 Аҵыхәтәантәи амшқәа раан
Иегова иныҳәарҭа зықәгылоу ашьха
Ашьхақәа зегьы иреиҳахоит,
Иӷәӷәаӡагьы игылазаауеит.
Уи ахәқәа зегьы ирхыҳәҳәоит,
Ажәларқәагьы уахь идәықәлоит.
2 Ажәларқәа рацәаны иаауеит, иагьырҳәоит:
«Шәаала Иегова ишьхахь,
Шәааи ҳхалап Иаков Инцәа иныҳәарҭахь.
Иара имҩақәа ҳирҵоит,
Ҳаргьы урҭ ҳрықәныҟәалоит».
Избанзар Сион аҟынтә азакәан* ҭыҵуеит
Иегова иажәа — Иерусалим аҟынтә.
3 Иара имаҷымкәа ажәларқәа ӡбаҩыс дырзыҟалоит
Хара инхо иӷәӷәоу ажәларқәа еиниршәоит.
Дара раҳәақәа ақәаҭанқәа* рылырхуеит,
Аԥсақәагьы амаганақәа.
Ажәларқәа раҳәақәа шьҭыхны еиҿагылаӡом,
Уаҳагьы аибашьышьа рҵалаӡом.
4 Дасу иӡахәаҭреи илаҳаҵлеи рымҵан дтәазаауеит*,
Аӡәгьы урҭ иршәалаӡом,
Избанзар ари зҳәаз ар Рынцәа Иегова иоуп.
6 «Уи аҽны, — иҳәоит Иегова, —
Сара ицыркьуа ажәлар еизызгоит,
Еизызгоит еиԥхьсырттази
Зықәнага иақәсыршәази.
7 Сара ицыркьуа еиқәхартә иҟасҵоит,
Ихганы иргаз иӷәӷәоу жәларны иҟалоит.
Иегова Сион ашьха аҟынтә урҭ напхгара риҭалоит,
Уи аамҭа инаркны наӡаӡа.
8 Уара уахь, ахьчаратә бааш*,
Сион аԥҳацәа рхәы,
Уаанӡа иумаз амчра хынҳәуеит, хымԥада ихынҳәуеит,
Иерусалим аԥҳа илтәыз Аҳра.
9 Убжьы ҭыганы узыҳәҳәои?
Аҳ думаӡами,
Мамзаргьы уабжьгаҩ дҭахоу?
Уи аума ахшара дзауа аԥҳәыс леиԥш ахьаақәа зумоу?
10 Сион аԥҳа, ахшара дзауа аԥҳәыс леиԥш
Бгәаҟла, бӷызла,
Избанзар бара ақалақь балҵны адәаҿы бынхалоит.
Бара Вавилонынӡа бнеиуеит,
Уа багьеиқәхоит.
Уа бара Иегова баӷацәа рҟынтә бҿихуеит.
11 Имаҷымкәа ажәларқәа еизаны ибҿагылоит,
Дара ирҳәоит: „Дхәымгахааит лара,
Сион шеилыбго ҳала иабааит“.
12 Аха дара Иегова ихәыцрақәа рыздырӡом,
Игәҭакгьы рзеилкааӡом.
Иара урҭ ачаԥшь ахьырҭәаҭәо аҭыԥ аҿы еизырго аҿаҳәарақәа реиԥш еизигоит.
13 Бгыланы бҭәаҭәала, Сион аԥҳа,
Сара бтәыҩақәа аиха иалысхуеит,
Бшьапқәа абҩа иалысхуеит.
Бара имаҷымкәа ажәларқәа асаба рылыбхуеит,
Урҭ ирӷьычыз Иегова ибҭоит,
Рмал — адгьыл зегь иақәиҭу».