Авди
1 А́вди* Анцәа изааиртыз.
Абас иҳәоит Амчра зегь знапаҿы иҟоу Аҳ Иегова Едо́м иазкны:
«Ҳара Иегова иҟынтә ажәабжь ҳаҳаит.
Ажәларқәа рахь ацҳаражәҳәаҩ дышьҭын, абас реиҳәарц:
„Шәгыл, едо́маа рабашьра ҳцап“».
2 «Сара ажәларқәа рыбжьара акгьы уаԥсамкәа уҟасҵоит,
Дара ураҭәарымшьо иалагоит.
3 Уԥагьара уажьеит.
Уара ахрақәа реиҩхаақәа рҿы унхоит,
Ашьха ҳаракқәа урықәынхоит, абасгьы ухәыцуеит:
„Салзырҟьода абрантәи адгьыл ахь?“
4 Ауарбажә еиԥш иҳаракны уқәтәаргьы,
Аеҵәақәа рыбжьара уҭра ҟауҵаргьы,
Сара уантәигьы уалсырҟьоит», — иҳәоит Иегова.
5 «Уахынла аӷьычцәа ма арҳәцәа уҩны инеизҭгьы,
Ирҭахыз мацара акәын ирӷьычуаз.
Ажьҭаацәагьы уара уахь инеизҭгьы,
Жьыргәыцқәак аанрыжьрын.
Аха уара акгьы узынхаӡом, ухҵәоит!
6 Иса́в хәыц-хәыц деимырдоит!
Иҵәахны имоу имазара зегь рыԥшаауеит!
7 Иудгылоу атәылақәа рыдгьыл аҟынтә уқәырцоит,
Дара уржьоит.
Ҭынч иуцынхоз уҿагылоит, иагьуиааиуеит.
Ача уцызфоз ашьацҳәа уздыргылоит,
Аха уара иагьузеилкаауам.
8 Уи аҽны, — иҳәоит Иегова, —
Сара Едо́м иҟоу аҟәыӷацәа ықәысхуеит,
Иса́в ишьхақәа рҿы аилкаара змоу нсырҵәоит.
9 Тема́н, уеибашьцәа шәаҟьаны иҟазаауеит,
Избанзар Иса́в ишьхақәа рҿы дара зегь ҭахоит.
10 Рыцҳашьарак аамырԥшӡакәа уашьа Иаков уахьизныҟәаз азы
Ахьымӡӷ угоит,
Наӡаӡагьы уқәӡаауеит.
11 Аӷацәа* уи ир тҟәаны ианырга,
Атәымтәылауаа Иерусалим агәашәқәа ирҭаланы, аҵәы ҭаԥсаны ианыршоз,
Уара унаскьаны угылан,
Урҭ иҟарҵозгьы ҟауҵон.
12 Уашьа арыцҳара данақәшәа ушԥагәырӷьоз?
Иуда ихылҵқәаз анҭахоз аҽны узыргәырӷьози?
Урҭ агәаҟра ианақәшәа узырччози?
13 Сыжәлар арыцҳара ианақәшәа аҽны рықалақь ушԥалалеи?
Изықәшәаз агәаҟра ушԥеигәырӷьеи?
Агәаҟра ианҭагылаз рмал агара шԥоугәаӷьи?
14 Ишԥоугәаӷьи амҩадуқәа рҿы угыланы аӷацәа ирцәынхаз рышьра?
Излоугәаӷьи арыцҳара аҽны еиқәхаз кны аӷацәа рыҭара?
15 Иегова имш ааигәоуп, —
Ажәларқәа зегьы данырҿагыло амш.
Егьырҭ ушрызныҟәоз еиԥшҵәҟьа, уаргьы иузныҟәоит,
Уусқәа зегь ааҳәны ухы иҭаԥоит.
16 Иԥшьоу сышьхаҿы аҩы шыжәжәуаз еиԥш,
Ажәларқәа зегь сгәыԥжәара ржәлоит.
Дара уи ржәуеит, рыԥсы ырцәгьаны илбаардоит,
Ахаан иҟаӡамызшәагьы иқәӡаауеит.
17 Ашьха Сион аҿы акәзар, еиқәхаз ҟалоит,
Уи иԥшьоу шьхангьы иҟалоит.
Иаков ихылҵқәаз иртәыз дырхынҳәуеит.
18 Иаков иҩнаҭа мцахоит,
Иосиф иҩнаҭа мцабзхоит,
Иса́в иҩнаҭа акәзар, аҭәа иаҩызахоит.
Дара уи амца ацраҵаны ирбылуеит,
Иса́в иҩнаҭа аҟынтә аӡәгьы дзеиқәхаӡом,
Избанзар убас иҳәеит Иегова.
19 Дара Неге́ви Иса́в ишьхақәеи ргоит,
Шефе́леи филистимаа рыдгьылқәеи рнапаҿы иааргоит.
Дара Ефрем идгьылқәеи самариатәи адгьылқәеи ргоит,
Вениамин иакәзар, Галаа́д инапаҿы иааигоит.
20 Ари абааш аҿы инхоз, итҟәаны иҟаз израильаа,
Ханаа́наа рыдгьыл Саре́птанӡа рнапаҿы иааргоит,
Иерусалимынтәи Сефара́дҟа итҟәаны иргаз израильаагьы Неге́в ақалақьқәа ргоит.
21 Аиқәырхаҩцәа ашьха Сион ихалоит,
Исав ишьхақәа ирықәыӡбарц азы,
Аҳрагьы Иегова итәызаауеит».