Амос
2 Абас иҳәоит Иегова:
„,Моа́в ааҟәымҵӡакәа иахьысҿагылоз азы сыӡбара сыԥсахӡом.
Иара едомтәи аҳ ибаҩқәа ықәыццышәаа иаблит*.
2 Убри аҟынтә Моа́в амца ажәысҵоит,
Иара Керио́т ахырӷәӷәарҭақәа былны иқәнаҵоит.
Моа́в ҭахоит, абыжь дуқәа анго,
Аибашьра шалагаз анырҳәо, абыкь абыжьқәа анго.
3 Сара уи анапхгаҩы* дысшьуеит,
Аҭауадцәагьы зегь сшьуеит‘, — иҳәоит Иегова“.
4 Абас иҳәоит Иегова:
„Иудеиа ааҟәымҵӡакәа иахьысҿагылоз азы сыӡбара сыԥсахӡом.
Иудеиа инхо ауаа Иегова изакәан* мап ацәыркит,
Иԥҟарақәагьы ирықәныҟәаӡомызт.
Рабацәа шыржьаз еиԥш даргьы ржьеит.
5 Убри аҟынтә Иудеиа амца ажәысҵоит,
Иара Иерусалим ахырӷәӷәарҭақәа былны иқәнаҵоит“.
6 Абас иҳәоит Иегова:
„Израиль ааҟәымҵӡакәа иахьысҿагылоз азы сыӡбара сыԥсахӡом.
Израиль инхо ауаа араӡны азы ауаҩ иаша дырҭиуеит,
Иӷаругьы — ҩ-сандалеимаак рзы.
7 Дара иӷару аҳәынҵәа иларкәаҳауеит,
Ауаа ҟәымшәышәқәа аиашара амҩа анылара ирԥырхагоуп.
Аби аԥеи ԥҳәыск илыцышьҭоуп,
Убри ала иԥшьоу сыхьӡ рхәымгоит.
8 Акәырбаннагарҭақәа зегьы рҿы дара шасыс* иргаз амаҭәа рыҵаҵаны ишьҭоуп,
Рынцәақәа рыҩны* аҿы ахара здырҵаз ирымырхыз аҩы ржәуеит“.
9 „Сара урҭ раҳаҭыразы аморе́иаа ықәысхит,
Акедр еиԥш иҳаракыз, аџь еиԥш иӷәӷәаз.
Сара урҭ ршәыргьы ықәысхит, рдацқәагьы ықәысхит.
10 Сара Египет шәалызгеит,
Нас 40 шықәса ацәҳәыра шәықәҵаны шәсыман,
Аморе́иаа рыдгьыл шәысҭарц азы.
11 Сара шәыҷкәынцәа ԥааимбарцәаны иҟасҵеит,
Шәырԥарцәагьы назореицәаны иҟасҵеит,
Ус акәӡами, Израиль?“ — иҳәоит Иегова.
12 „Аха шәара аназореицәа аҩы дшәыржәуан,
Аԥааимбарцәа ԥааимбарлар шәуӡомызт.
13 Сара шәахьгылоу шәыскәаҳауеит,
Ачарыц* зқәу ауардын зегь шакәаҳауа еиԥш.
14 Еилҟьоу дыҩны дызцаӡом,
Иӷәӷәоу имчқәа илӡаауеит,
Аибашьҩыгьы иԥсы изеиқәырхаӡом.
16 Зегь раасҭа игәымшәоу аибашьцәагьы
Уи аҽны маҭәада иҩны ицоит“, — иҳәоит Иегова».