Даниил
11 Сара уи* ицхраара салагеит ми́даа иреиуаз Да́ри аҳра аниуаз актәи ашықәс азы. 2 Уажәшьҭа сара иузеиҭасҳәоит хымԥада инаӡараны иҟоу.
Персиа даҽа хҩык аҳцәа цәырҵуеит, аԥшьбатәи аҳ иакәзар, егьырҭ раасҭа амал еизигоит. Еизиго амал абзоурала даныӷәӷәахалак, зегьы Бырзентәылатәи аҳра иаҿагылартә иҟаиҵоит.
3 Нас дцәырҵуеит амчра ду зауа* аҳ. Иара иааиҭаххо зегь ҟаиҵалоит. 4 Аха даараӡа даныӷәӷәахалак, иаҳра еилаҳауеит, нас ԥшь-хырхарҭакны еиҩшахоит. Аха уи ишьҭра иатәқәоу ирҭынхаӡом, иара данахагылаз иамаз амчра аҩызагьы уаҳа иаиуӡом. Уи иаҳра аҵыхәтәа ԥҵәоит*, егьырҭгьы иртәхоит.
5 Уи иҭауадцәа руаӡәк — аладатәи аҳ — дыӷәӷәахоит, аха егьи* имч еиҳа еиҳахоит, аладатәи аҳ иаасҭагьы амчра иоуеит.
6 Ԥыҭраамҭак ашьҭахь дара аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵоит. Аладатәи аҳ иԥҳагьы аҩадатәи аҳ иахь днеиуеит, аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵарц азы, аха лнапы амч ацәыӡуеит, аҳгьы имч ицәыӡуеит. Лара егьырҭ дрыҭахоит — ларгьы, даазгазгьы, лабгьы, уи аамҭақәа раан илыцхраауазгьы. 7 Лдац иавҵиаауа иаб иҭыԥ ааникылоит, иара аруааи аҩадатәи аҳ ибааши дырҿагылоит, дрықәлоит, дагьыриааиуеит. 8 Иара урҭ рынцәақәеи, ирҭәаны иҟаҵоу рынцәахәқәеи, ахьи араӡни ирылху, зыхә ҳараку рнаплыхқәеи, атҟәацәеи иманы Египетҟа даауеит. Шықәсқәак рыҩныҵҟа иара аҩадатәи аҳ диҟәаҵуеит, дилакьысӡом. 9 Аҩадатәи аҳ аладатәи аҳ иаҳра дажәлоит, аха нас идгьыл ахь дхынҳәуеит.
10 Иара иԥацәа аибашьра рҽазыҟарҵалоит, ар дугьы еизыргоит. Иара ԥхьаҟа дцалоит, аӡы хыҵны адгьыл ишықәло еиԥш адгьыл дахыҵәоит. Аха шьҭахьҟа дхынҳәуеит, ибааш аҟынӡа днеиаанӡагьы деибашьлоит.
11 Аладатәи аҳ иԥсахы еибакуеит. Иара уи — аҩадатәи аҳ — диҿагыланы диабашьлоит. Аҩадатәи аҳ ар ду еизигоит, аха уи ар егьи* инапаҿы иааигоит. 12 Уи ар аибашьра иаҵахоит. Иара дԥагьахоит, жәанызқьҩылагьы ауаа ҭаирхоит, аха иҭыԥ бзиа ихы иаирхәаӡом.
13 Аҩадатәи аҳ дхынҳәны ԥасатәи ар аасҭа еиҳау ар еизигоит. Ԥыҭрак ашьҭахь, шықәсқәак рышьҭахь, иара бџьарла ибзианы еибыҭоу ар ду иманы даауеит. 14 Урҭ аамҭақәа раан аладатәи аҳ иҿагыло рацәаҩхоит.
Ужәлар рҟынтә рыцҳашьарак злам ауаа* егьырҭ ирышьҭаланы ицоит, абара анагӡарагьы рҽазыршәоит, аха акгьы рзалҵӡом.
15 Аҩадатәи аҳ даауеит, аиқәыԥса ҟаҵангьы, ҭӡамцла ихьчоу ақалақь игоит. Аладатәи архәҭақәа аҵахоит, иреиӷьу рыруаагьы аиааира рызгаӡом. Дара ирыжәло рҿагыларазы амч роуӡом. 16 Аладатәи аҳ иҿагыло иааиҭаххо зегь ҟаиҵалоит, иҿагылар зылшо ҳәагьы аӡәгьы дҟалом. Иара Адгьыл ԥшӡаҿы дгылазаауеит, иаӷацәа рықәхразгьы амч имазаауеит. 17 Уи иаҳра иамоу амч зегь еидкыланы джәыларц иӡбоит. Иара иҿы аиқәшаҳаҭра бжьарҵоит, ақәҿиарагьы имазаауеит. Иара аҳәса рыԥҳа ацәгьа лзиурц азин иоуеит, лара ақәҿиара лоуӡом, дизиашангьы даанхаӡом. 18 Иара аԥшаҳәақәа рҿы ишьҭоу аҭыԥқәа дрықәларц иӡбоит, имаҷымкәа адгьылқәагьы инапаҿы иааигоит. Аруаа реиҳабык уи иԥагьара аҵыхәтәа ԥиҵәоит, зҽырԥагьаны зхы мҩаԥызгозгьы дларҟәхоит. 19 Анаҩс иара идгьыл аҿы иҟоу абаашқәа рахь дхынҳәуеит, дшьацәхнысланы дкаҳауеит, дагьықәӡаауеит.
20 Уи иҭыԥ ааникылоит зеиԥшыҟам аҳра далсырц азы ашәахтәеизгаҩ ддәықәызҵо. Аха мышқәак рышьҭахь иара дҭахоит. Уи зыхҟьо аӡәы игәыԥжәарагьы акәхом, аибашьрагьы акәхом.
21 Уи иҭыԥ ааникылоит иатәарымбо. Иара аҳ иқәнагоу аҳаҭыр ирҭаӡом. Уи ауаа ҭынч ианынхо* аамҭазы дааиуеит, гызмалралагьы* аҳра инапаҿы иааигоит. 22 Иара аӡхыҵра еиԥш зегь ықәызхуаз ар дыриааиуеит. Дара аиқәшаҳаҭра Аԥхьагылаҩ иеиԥш, иԥыххааса иқәҵахоит. 23 Иара иҿы аиқәшаҳаҭра бжьарҵоит азы, мыцла иусқәа наигӡалоит, рацәак идуум ажәлар рыцхырааралагьы дыӷәӷәахоит. 24 Ауаа ҭынч ианынхо* аамҭақәа раан, иара апровинциа иаҵанакуа адгьыл беиақәа рахь днеиуеит. Иабацәа ахаан иҟарымҵозгьы ҟаиҵалоит. Иара ақәыларақәа рҟынтә еимҵәаны иаарго амал ауаа ирзишалоит, ахырӷәӷәарҭақәагьы шықәихша дазхәыцлоит, аха уи аамҭала акәзаауеит.
25 Иара имчқәа еизганы, ар ду иманы, аладатәи аҳ диқәларц иӡбоит. Аладатәи аҳгьы аибашьра иҽазыҟаиҵалоит, иӷәӷәоу ар дугьы еизигоит. Иара* аиааира изгаӡом, избанзар ацәгьара изырхәыцлоит. 26 Уи ичеиџьыка ицызфо дҭадырхоит.
Ируаа ракәзар, аӡы хыҵны иқәнагазшәа иқәгахоит, иҭахогьы рацәаҩхоит.
27 Урҭ ҩыџьа аҳцәа ацәгьа рхәыцлоит, столк еицахатәаны амц еибырҳәалоит. Аха дара акгьы рзалҵӡом, избанзар аҵыхәтәа иазалху аамҭазы ауп ианааиуа.
28 Иара* амал ду иманы идгьыл ахь дхынҳәуеит, иԥшьоу аиқәшаҳаҭра даҿагыларцгьы игәы иҭеикуеит. Иусқәа ақәҿиара рымазаауеит, идгьыл ахьгьы дхынҳәуеит.
29 Иазалху аамҭазы иара еиҭах аладатәи аҳ диҿагылоит, аха уаанӡа еиԥш иқәҿиаӡом, 30 избанзар киттимтәи аӷбақәа иҿагылоит, дагьыларҟәхоит.
Даныхынҳәлак, игәыԥжәара иԥшьоу аиқәшаҳаҭрахь ирхоит, ақәҿиарагьы имазаауеит. Иара дхынҳәуеит, иԥшьоу аиқәшаҳаҭра иацәхьаҵызгьы дрызхьаԥшуеит. 31 Иара ируаа дәықәиҵоит. Дара аԥшьаҭыԥ — абааш — хәымгартәуеит, есыҽнытәи акәырбанқәагьы аҟәырхуеит.
Ақәӡаара аазго ахәымгарагьы ргылазаауеит.
32 Аиқәшаҳаҭра еилаганы ацәгьара ҟазҵо иара мцҳәарала Анцәа ицәхьаҵыз ирылеигалоит. Аха Зынцәа дыздыруа ажәлар ӷәӷәазаауеит, ақәҿиарагьы рымазаауеит. 33 Аилкаара змоу* ауаа аӡәырҩы адыррақәа рырҭалоит. Дара мышқәак рыҩныҵҟа аҳәеи, амцеи, атҟәареи, арҳәреи ирыхҟьаны игәаҟлоит. 34 Аха иангәаҟло аамҭазы цхыраара хәыҷык роуеит. Аӡәырҩы мцҳәарала урҭ рыҽрыдыркылоит. 35 Аилкаара змоу рҟынтә шьоукы агәаҟрақәа рхыргалоит, уи абзоурала аҵыхәтәа аамҭа ааиаанӡа, ажәлар аԥышәарақәа ирықәшәаларц, рҽыдрыцқьаларц, ипашәӡа, иҟәашкакараӡа иҟаларц, избанзар иазалху аамҭа макьана имааиӡацт.
36 Уи аҳ ииҭаху ҟаиҵалоит, анцәақәа зегь рҿаԥхьа ихы ҳареиклоит, анцәақәа Рынцәагьы уаҩ имаҳац ажәақәа изиҳәалоит. Агәыԥжәара аамҭа нҵәаанӡа уи ақәҿиара имазаауеит, избанзар иӡбаны иҟоу ҟалароуп. 37 Иара иабацәа Рынцәа хьаас дикӡом, аҳәса ирҭахугьы хьаас имазааӡом, даҽа нцәакгьы хьаас дикӡом. Зегь рҿаԥхьа ихы ҳареиклоит. 38 Иара абаашқәа рынцәа дҳареиклоит, иабацәа ирзымдыруаз анцәа дирҽхәалоит, ахьи, араӡни, зыхә ҳараку ахаҳәқәеи, егьырҭ амалқәеи ииҭалоит. 39 Иара атәым нцәа диқәгәыӷны, зегь реиҳа иӷәӷәоу абаашқәа дрықәлалоит, ақәҿиарагьы имазаауеит. Иара идгыло* зегь ҳареиклоит, ауаа рацәагьы напхгаҩцәас ирхаиргылоит; адгьылқәагьы ахә ақәҵаны идааирхәалоит.
40 Аҵыхәтәантәи аамҭазы аладатәи аҳ уи диҿагылоит*, аҩадатәи аҳгьы иҽыуардынқәеи, иҽыуааи, ԥхьаӡашьак змам иӷбақәеи иманы уи дижәлоит. Иара атәымдгьылқәа дрықәлоит, ихыҵыз аӡы еиԥшгьы дрылсны дцоит. 41 Иара Зеиԥшыҟам адгьылгьы дақәлоит, имаҷымкәа адгьылқәагьы аҵахоит. Аха Едо́ми, Моа́ви, аммо́наа рхадацәеи иара иҟынтә еиқәхоит. 42 Иара анаҩсгьы еиуеиԥшым адгьылқәа дрықәлалоит. Изеиқәхом Египетгьы. 43 Иара иҵәаху амали — ахьи араӡни — Египет беиарас иамоу зегьи дырхагылазаауеит. Ливиааи ефиопааи уи ишьҭаланы ицоит.
44 Аха мрагыларантәии аҩадантәии иаауа ажәабжьқәа агәҭынчымра изцәырыргоит, иаргьы имаҷымкәа ауаа нирҵәарц, иқәихырц азы иԥсахы еибакны дрықәлоит. 45 Иара иқьалақәа — аҳ иқьалақәа, амшын дуи Зеиԥшыҟам адгьыл аҿы иҟоу иԥшьоу ашьхеи рыбжьара иргылоит. Иара иҵыхәтәахьы днеиуеит, ицхраауа ҳәагьы аӡәгьы дҟалаӡом.