Ажәамаанақәа
22 Ахьӡ бзиа амал ду аасҭа еиӷьуп,
Апату ахьи араӡни раасҭа еиӷьуп.
2 Абеиеи аӷари ирзеиԥшу абриоуп*:
Рҩыџьагьы Иегова ишеит.
3 Иҟәышу ауаа ашәарҭара анырбалак, рҽацәырыхьчоит,
Аԥышәа змам ракәзар, рҽацәырыхьчаӡом, убри аҟынтә агәаҟрақәа ирықәшәоит*.
4 Ахынраалареи Иегова иҿаԥхьа аҳаҭырқәҵара зныԥшуа ашәара аарԥшреи
Амали, ахьӡ-аԥшеи, аԥсҭазаареи урҭоит.
5 Мыцла еибарку ауаҩы имҩаҿы амаӷ ыҟоуп, акаҭагьы шьҭоуп,
Аха зыԥсҭазаара ахә зшьо урҭ рымԥан дықәлаӡом.
7 Абеиа аӷар напхгара изиуеит,
Ауал зқәу зуал иқәу димаҵуҩуп.
8 Аиашамра лазҵо аӷарра ааирыхуеит,
Уи иҟамчы џьбара аҵыхәтәа ааиуеит.
9 Згәы ҭбаау* ауаҩы дныҳәахоит,
Избанзар иӷару афатә рыцеиҩишоит.
11 Згәы цқьоу, зажәақәа хаау ауаҩы
Аҳ диҩызахоит.
12 Иегова адырра змоу дихьчоит,
Згәы цқьам ражәақәа акгьы иаԥсамкәа иҟаиҵоит.
13 Аашьаҩ ус иҳәоит: «Алым адәы иқәуп!
Уи ақалақь ашҭа агәҭан сашьуеит!»
14 Аҳәса хәымгақәа* ражәақәа ажра ҵаула иаҩызоуп,
Иегова дызқәыӡбо уи дҭаҳауеит.
15 Ахәыҷқәа* лассы-лассы гаӡарак ҟарҵоит,
Аха изыбжьо аҟамчы ргаӡара рылнахуеит.
16 Амал арҳаразы иӷару зжьо,
Насгьы ауаа беиақәа аҳамҭақәа рызҭо аӷәыцәҳәы дықәтәоит.
17 Ауаа ҟәышқәа ражәақәа ибзианы урзыӡырҩла,
Иусырҵо гәык-ԥсыкала иудукыларц азы.
18 Урҭ угәаҿы иҵәахны иумазар, насыԥ умазаауеит,
Еснагь урҭ урылацәажәалоит.
19 Иегова уиқәгәыӷларц азы
Сара иахьа адырра усҭоит.
20 Сара иузысмыҩӡацзи,
Алабжьарақәеи амҩақәҵарақәеи рацәаны иусымҭаӡацзи,
21 Арҭ ажәақәа шаҟа ииашоу усырбарц азы,
Ииашоу аҭак уманы уаазышьҭыз иахь ухынҳәырц азы?
22 Аӷар дахьӷару азы дцәумырҳәын,
Арыцҳагьы ақалақь агәашә аԥхьа дыкҿоумцалан*.
23 Иегова урҭ дрыдгылоит*,
Изжьо рыԥсҭазаара рымихуеит.
24 Аԥырқьҳәа иҵҟьо ҩызас дышьҭумхын,
Зыԥсахы еибакуа уицымлан,
25 Иара уиеиԥшымхарц,
Ашьацҳәагьы уаҿамшәарц азы.
26 Егьырҭ руал ашәара рхахьы иргарц азы
Аӡәы инапы имызхуа уреиԥшымхан*.
27 Иушәо умоур,
Уиарҭа уҵхны иргоит.
28 Адгьылҳәаақәа азырбо адыргақәа еиҭоумган,
Уабацәа рабацәа ажәытәан идыргылаз адыргақәа.
29 Дубахьома уара зус иазҟазоу ауаҩы?
Уи аҳцәа рҿаԥхьа дгылазаауеит;
Иара анхаҩцәа рҿаԥхьа дгылаӡом.