Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Ажәамаанақәа 21
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

Ажәамаанақәа. Ахҳәаа

    • СОЛОМОН ИАЖӘАМААНАҚӘА (10:1—24:34)

Ажәамаанақәа 21:1

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Ахьчаратә бааш» (аҵаразы аҭыжьымҭа),

    11/2020, ад. 15

Ажәамаанақәа 21:5

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!», аур. 60

Ажәамаанақәа 21:6

Албаагақәа

  • *

    Мамзаргьы иҟалап «аԥсра иашьҭоу рзы».

Ажәамаанақәа 21:11

Албаагақәа

  • *

    Ма «адырра иоуеит».

Ажәамаанақәа 21:13

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Ахьчаратә бааш» (аҵаразы аҭыжьымҭа),

    10/2021, ад. 12

Ажәамаанақәа 21:14

Албаагақәа

  • *

    Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «укәа иҭаҵаны иҟауҵо аҵарҭыша».

Ажәамаанақәа 21:22

Албаагақәа

  • *

    Ма «игар».

Ажәамаанақәа 21:27

Албаагақәа

  • *

    Ма «иназго ихымҩаԥгашьа ԥхашьарак амамкәа иҟазар».

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
  • 14
  • 15
  • 16
  • 17
  • 18
  • 19
  • 20
  • 21
  • 22
  • 23
  • 24
  • 25
  • 26
  • 27
  • 28
  • 29
  • 30
  • 31
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Ажәамаанақәа 21:1–31

Ажәамаанақәа

21 Аҳ игәы Иегова инапаҿы аӡы иаҩызоуп,

Иара уи иахьиҭаху ишьҭуеит.

 2 Ауаҩы имҩақәа зегь иашоушәа игәы иабоит,

Аха Иегова агәқәа ҭиҵаауеит.

 3 Иегова акәырбанқәа раасҭа

Ииашоу, ицқьоу аусқәа игәы иахәоит.

 4 Аԥагьареи аҽхарззалареи —

Ауаа цәгьақәа мҩақәызҵо кәаҷабуп. Уи зегь гәнаҳауп.

 5 Згәы ақәкны аус зуа рыгәҭакқәа ақәҿиара рзаанагоит,

Иццакуа зегьы аӷәыцәҳәы иқәҭәоит.

 6 Мыцла ирҳау амазара

Ихыҵуа анаҟә иаҩызоуп, узшьуа акаҭа иеиԥшуп*.

 7 Ацәгьоуцәа рус цәгьақәа рхаҭақәа ықәнагоит,

Избанзар ииашоу аҟаҵара рҭахӡам.

 8 Ахара зду имҩа кьаҳәуп,

Згәы цқьоу иусқәа иашоуп.

 9 Ахыб аҿы унхалар еиҳа еиӷьуп,

Ҩнык аҿы имырмыруа аԥҳәыс улыцынхалар аасҭа.

10 Ауаҩы цәгьа ацәгьара дазгәышьуеит,

Иара изааигәоу дрыцҳаишьаӡом.

11 Ахыччаҩ иқәнага данақәдыршәо, аԥышәа змам еиҳа иҟәышхоит,

Аҟәыш аус ахи-аҵыхәеи анеиликаауа, иҟаиҵаша идыруеит*.

12 Анцәа иаша ауаҩы цәгьа иҩны илаԥш ахуп,

Иара ауаа цәгьақәа ықәигоит.

13 Арыцҳа дӷьаҵәыӷьаҵәуа иҟаиҵо аҳәара злымҳа иазмырҳауа

Ихаҭа акы данаҳәо аҭак иоуӡом.

14 Маӡала иҟаҵоу аҳамҭа агәыԥжәара ааннакылоит,

Аҵарҭыша* аԥсахеибакра еиқәнартәоит.

15 Ииашаны ахымҩаԥгара ауаҩ иаша изы гәырӷьароуп,

Ацәгьа ҟазҵо ииашаны ахымҩаԥгара рцәымӷуп.

16 Аҟәышра амҩа иацәыхҟьаз

Аԥсцәа дрываиоит.

17 Ақьафура бзиа избо имоу имҵәоит,

Аҩи ахәшеи бзиа избо дбеиахаӡом.

18 Ауаҩы цәгьа ила ауаҩ иаша дҿыххоит,

Ламыс змоу иҭыԥан згәы цқьам дгахоит.

19 Ацәҳәыраҿы унхозар еиҳа еиӷьуп,

Имырмыруа, игәамҵуа аԥҳәыс улыцынхозар аасҭа.

20 Зыхә ҳараку амазареи ахәшеи аҟәыш иҩны иҩноуп,

Агаӡа иааимоу зегь хыда инихуеит.

21 Ииашоу аҟаҵареи гәыбылрала иҭәу абзиабареи аарԥшра иашьҭоу

Дуаҩ иашахоит, аԥсҭазаареи ахьӡ-аԥшеи иоуеит.

22 Аҟәыш илшоит иӷәӷәоу рықалақь далалар*,

Изықәгәыӷуа рымчгьы рымихыр.

23 Зыбз аанызкыло

Ауадаҩрақәа иҽырцәихьчоит.

24 Зхы иақәгәыӷуа, зҽырԥагьаны иҽхәо —

Абас изырҳәоит ахшыҩ змам, зхы иақәгәыӷуа ауаҩы.

25 Аашьаҩ игәаҳәарақәа дыршьуеит,

Избанзар инапы аус арура иҭахӡам.

26 Иаашар хәлаанӡа иԥсы қымқымуа еиҳау дашьҭоуп,

Ауаҩ иаша акгьы дамеигӡакәа иуиҭоит.

27 Ауаҩы цәгьа икәырбан хәымгоуп,

Еиҳарак игәы ацәгьара ҭакны инеигозар*.

28 Амцшаҳаҭҩы дықәӡаауеит,

Аӡырҩшьа здыруа ауаҩы иакәзар, ииҳәо ақәҿиара амазаауеит.

29 Агәнаҳаҟаҵаҩ ихы-иҿы аԥхашьара анубаалаӡом,

Ауаҩ иаша иакәзар, амҩа иаша дықәуп.

30 Иегова игәҭакы иаԥырхагахо аҟәыӷареи, аилкаареи, алабжьареи ыҟаӡам.

31 Аҽы аибашьра амш иазыҟарҵоит,

Аха уеиқәзырхо Иегова иоуп.

Аԥсуа публикациақәа (2000—2026)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • Аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2026 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра