2 Аҳцәа
3 Аха́в иԥа Иора́м Сама́риа израильтәи аҳас дҟалеит иудеиатәи аҳ Иосафа́т аҳра аниуаз жәаатәи ашықәс азы, 12 шықәсагьы аҳра иуан. 2 Иара Иегова ицәымӷыз ҟаиҵон, аха иани иаби реиԥшҵәҟьа дыҟамызт, избанзар иаб иҟаиҵаз Ваа́л иԥшьоу ишьаҟа ықәигеит. 3 Аха иара Нева́т иԥа Иеровоа́м израильаа идирҟаҵоз агәнаҳақәа ҟаиҵон, иаанмыжькәагьы дшырҿыц дырҿын.
4 Моавтәи аҳ Ме́ша ауасақәа нҵаны иман. Иара израильтәи аҳ шәахтәк аҳасабала 100 000 асарақәеи ирҟәыдымыз 100 000 ауасақәеи ииҭон. 5 Аха́в данԥсы, моавтәи аҳ израильтәи аҳ диҿагылеит. 6 Усҟан аҳ Иора́м Сама́риа далҵын, Израиль зегь еизигеит. 7 Аҳ иара убас иудеиатәи аҳ Иосафа́т абас изынаицҳаит: «Моавтәи аҳ дысҿагылеит. Моа́в абашьра усыццома?» — «Суццоит, — иҳәеит Иосафа́т. — Уахьцо сцоит. Сыжәлар — ужәлар роуп, сыҽқәагьы уара иутәуп». 8 Иара дҵааит: «Мҩас ҳазлацои?» Егьи иҳәеит: «Едомтәи ацәҳәыра амҩала».
9 Израильтәи аҳи, иудеиатәи аҳи, едомтәи аҳи амҩа иқәлеит. Дара иакәшаны ицан, бжьымшы амҩа иқәын. Реибашьцәа иржәшеи ирыцыз рыԥстәқәа иржәшеи аӡы рымаӡамызт. 10 Израильтәи аҳ ус иҳәеит: «Арыцҳара ҳақәшәеит! Иегова хҩык аҳцәа ҳаизигеит моавтәи аҳ ҳииҭарц азы!» 11 Иосафа́т дҵааит: «Ара Иегова иԥааимбар дыҟаӡами, зыла Иегова ҳиазҵаар ҳалшо?» Израильтәи аҳ имаҵуцәа руаӡәк ус иҳәеит: «Дыҟоуп, уи Ильиа имаҵ зуаз* Елисеи иоуп, Шафа́т иԥа». 12 Иосафа́т ус иҳәеит: «Иегова иара ила дцәажәоит». Усҟан израильтәи аҳи, Иосафа́ти, едомтәи аҳи Елисеи иахь ицеит.
13 Елисеи израильтәи аҳ ус иеиҳәеит: «Узааи? Уаб иԥааимбарцәеи уан лԥааимбарцәеи рахь уца». Аха израильтәи аҳ ус иҳәеит: «Мамоу, Иегова иоуп хҩык аҳцәа еизызгаз, моавтәи аҳ ииҭарц азы». 14 Елисеи ус иҳәеит: «Зымаҵ зуа*, зыԥсы ҭоу, ар Рынцәа Иегова имаҿоуп, иудеиатәи аҳ Иосафа́т пату иқәсымҵозҭгьы, схьаԥшынгьы сухәаԥшӡомызт, хьаасгьы ускӡомызт. 15 Аҩымаа азырҳәо* дысзаажәг». Аҩымаарҳәаҩ аҩымаа арҳәара даналага, Елисеи Иегова идоуҳа* иоун, 16 ус иҳәеит: «Абас иҳәоит Иегова: „Ари арха зегь аҿы ажрақәа шәжы, 17 избанзар Иегова абас иҳәоит: ‚Аԥшагьы ҟалом, ақәаршыҩгьы аулом, аха арха ӡыла иҭәуеит, убасҟан шәаргьы аӡы шәжәлоит, шәырахәгьы аӡы ржәлоит, аидара зқәышәҵо шәыԥстәқәагьы аӡы ржәлоит‘“. 18 Иегова уи аҟаҵара ицәыцәгьаӡам, иара Моа́вгьы шәнапаҿы иааигоит. 19 Шәара ихадоу, ирӷәӷәоу ақалақьқәа зегь ықәыжәга, аҵла бзиақәа зегь хышәҵәа, аӡыхьқәа еимашәыԥса, ибзиоу адгьылқәа зегьы ахаҳә рықәшәыԥса».
20 Ашьыжь, ача кәырбанс ианнаргоз аамҭазы, Едо́м аганахь ала аӡы дәықәлан, арха зегь ӡыла иҭәит.
21 Моа́ваа хҩык аҳцәа рабашьра ишаауа анраҳа, абџьар аныҟәгара* зылшоз зегь ааизырган, аҳәааҿы игылеит. 22 Ашьыжь шаанӡа моа́ваа анҿыха, игылоз амра ашәахәақәа аӡы ихыҷҷалон азы, аӡы ашьа еиԥш иҟаԥшьушәа днарбеит. 23 Дара ус рҳәеит: «Ари ашьоуп! Аҳцәа ықәибахит. Моа́ваа, шәаала, рмал ҳгоит!» 24 Моа́ваа израильтәи алагер ахь ианнеи, израильаа урҭ ирыжәлан, рышьра иалагеит. Моа́ваа израильаа ирцәыбналеит. Израильаа моа́ваа ирышьҭалан, ишьуа, Моа́вынӡа инеит. 25 Израильаа ақалақьқәа ҟәыбаса ишьҭарҵеит, адгьыл бзиақәа зегь ахаҳә рықәрыԥсеит, аӡыхьқәа зегь еимарыԥсеит, аҵла бзиақәа зегь хырыҵәҵәеит. Кир-Харесе́т заҵәык аҿоуп ахаҳә ҭӡамцқәа ахьынхаз. Ахаҳә аршәга ала ахаҳә зыршәуаз ақалақь иакәшан, ақәгара иалагеит.
26 Моавтәи аҳ дшаҵахаз анеиликаа, аҳәа зыҟәныз 700-ҩык ахацәа аашьҭихын, аибашьцәа дрылсны, едомтәи аҳ иахь анеира иҽазикит, аха уи изыҟамҵаӡеит. 27 Усҟан иара иҭыԥ аҿы аҳас иҟалараны иҟаз иԥеиҳаб даашьҭихын, ақалақь аҭӡамц аҿы ирбылуа акәырбан еиԥш днаганы диблит. Ауаа* израильаа даараӡа ргәы рзыԥжәеит, убри аҟынтә рыр хьаҵын, рыдгьылқәа рахь ихынҳәит.