Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • 2 Аҳцәа 20
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

2 Аҳцәа. Ахҳәаа

      • Езекиа дычмазаҩхоит, дагьбзиахоит (1—11)

      • Вавилонтәи аҳ ицҳаражәҳәаҩцәа (12—19)

      • Езекиа дыԥсуеит (20, 21)

2 Аҳцәа 20:9

Албаагақәа

  • *

    Иҟалап амардуанҿаԥсақәа аамҭа дзырбоз амратә сааҭ еиԥш рхы иадырхәозҭгьы.

2 Аҳцәа 20:13

Албаагақәа

  • *

    Ма «дырзыӡырҩын».

2 Аҳцәа 20:19

Албаагақәа

  • *

    Ма «аҵабырги».

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
  • 14
  • 15
  • 16
  • 17
  • 18
  • 19
  • 20
  • 21
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
2 Аҳцәа 20:1–21

2 Аҳцәа

20 Урҭ амшқәа раан Езеки́а дычмазаҩхан, дшыԥсра дыҟан. Амо́ц иԥа аԥааимбар Иса́иа иара иахь даан, ус иеиҳәеит: «Абас иҳәоит Иегова: „Уҩнаҭа иатәу ууасиаҭажәа раҳә, избанзар уԥсуеит, убзиахаӡом“». 2 Езеки́а ари аниаҳа, аҭӡамц ахь днаҳәын, Иегова иҳәара далагеит: 3 «Суҳәоит, Иегова, акы иеиԥшымкәа суҳәоит, сузиашаны умаҵ шызуаз угәаларшәа, иугәаларшәа гәыкала сшузыҟаз, угәы иаҭахыз шыҟасҵоз». Нас Езеки́а инеимаҭәаны аҵәыуара далагеит.

4 Иса́иа агәҭантәи ашҭахь анеира дахьӡаанӡа Иегова ус иеиҳәеит: 5 «Сыжәлар раԥхьагылаҩ Езеки́а иахь ухынҳәны абас сызиаҳә: „Абас иҳәоит Иегова, уабацәа раб Давид Инцәа: ‚Сара уҳәара саҳаит, улаӷырӡқәагьы збеит. Сара усхәышәтәуеит, ахымш рыҽны уара Иегова иҩнахьы уцоит. 6 Сара 15 шықәса узацысҵоит. Ассириатәи аҳ иҟынтә уаргьы уеиқәсырхоит, ари ақалақьгьы еиқәсырхоит, сыхьӡ аҳаҭырази смаҵзуҩы Давид иаҳаҭырази ари ақалақь сыхьчалоит‘“».

7 Иса́иа ус иҳәеит: «Алаҳарҩа аажәг». Ианаарга, иахьшәуаз аҭыԥ иақәырҵан, Езеки́а абзиахара далагеит.

8 Уи аԥхьа Езеки́а Иса́иа диазҵаахьан: «Агәра сзыргои Иегова сшихәышәтәуа, ахымш раангьы Иегова иҩнахьы сышцо?» 9 Иса́иа ус иҳәеит: «Абар Иегова иажәа шынаигӡо узырбо Иегова иҟынтә адырга: ашәшьыра амардуан* аҿы жәа-мардуанҿаԥсак ԥхьаҟа ицар уҭаху, жәа-мардуанҿаԥсак шьҭахьҟа ицар уҭаху?» 10 Езеки́а иҳәеит: «Ашәшьыра жәа-мардуанҿаԥсак ԥхьаҟа ацара еиҳа иазымариоуп, убри аҟынтә жәа-мардуанҿаԥсак шьҭахьҟа ицааит». 11 Усҟан аԥааимбар Иса́иа уи азы Иегова диҳәан, Анцәа Аха́з имардуан аҿы илбааз ашәшьыра жәа-мардуанҿаԥсак шьҭахьҟа ирхынҳәит.

12 Уи аамҭазы Балада́н иԥа вавилонтәи аҳ Берода́х-Балада́н Езеки́а дшычмазҩыз иаҳан, асаламшәҟәқәеи аҳамҭеи изишьҭит. 13 Езеки́а иааз идикылан*, ихазынаҭра дирбеит: араӡны, ахьы, абальзам хәшеи зыхә цәгьаз даҽа хәшаки, абџьари, иҵәахырҭақәа рҿы иҟаз зегьи. Езеки́а иҩны иҟази иаҳраҿы иҟази рҟынтә идимырбаз ҳәа акгьы нымхаӡеит.

14 Уи ашьҭахь аҳ Езеки́а иахь аԥааимбар Иса́иа дааин, ус диазҵааит: «Ирҳәеи арҭ ауаа, иабантәиааи дара?» Езеки́а иҳәеит: «Урҭ харантәи иааит, Вавилонынтәи». 15 Нас Иса́иа ус диазҵааит: «Ирбеи дара уҩнаҿы?» — «Сыҩны иааҩноу зегьы рбеит, — иҳәеит Езеки́а. — Сара урҭ хазынас исымоу зегь дсырбеит».

16 Усҟан Иса́иа Езеки́а ус иеиҳәеит: «Иегова ииҳәо уазыӡырҩы. 17 „Иааиуеит амшқәа уҩны иҩноу зегьы, уабацәа рабацәа еидыркылаз зегьы, Вавилонҟа ианырго. Акымзарак аанхаӡом, — иҳәоит Иегова. — 18 Иухылҵқәо рҟынтә шьоукгьы ргоит, дара вавилонтәи аҳ иаҳҭынраҿы амаҵ рулоит“».

19 Езеки́а Иса́иа ус иеиҳәеит: «Иегова уара ула ииҳәаз иашоуп», нас иациҵеит: «Сыԥсы ҭанаҵы аҭынчреи араҳаҭреи* ахьыҟало бзиоуп».

20 Езеки́а иԥсҭазаара аҟынтә егьырҭ ахҭысқәеи, иусқәеи, аӡҭарчи аӡымҩангагеи шыҟаиҵази, ақалақь ахь аӡы шнеигази ртәы иудеиатәи аҳцәа рҭоурых ашәҟәаҿы иануп. 21 Езеки́а дыԥсит; иара ишьҭахь иԥа Мана́ссиа аҳас дҟалеит.

Аԥсуа публикациақәа (2000—2026)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • Аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2026 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра