Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • 2 Аҳцәа 13
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

2 Аҳцәа. Ахҳәаа

      • Израильтәи аҳ Иоахаз (1—9)

      • Израильтәи аҳ Иоас (10—13)

      • Елисеи Иоас дԥишәоит (14—19)

      • Елисеи дыԥсуеит; ибаҩқәа ирылакьысыз ауаҩы иԥсы ҭалоит (20, 21)

      • Елисеи аҵыхәтәантәи иԥааимбаражәа наӡоит (22—25)

2 Аҳцәа 13:6

Албаагақәа

  • *

    Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Иԥшьоу ашьаҟа».

2 Аҳцәа 13:13

Албаагақәа

  • *

    Иеровоа́м II.

2 Аҳцәа 13:17

Албаагақәа

  • *

    Ма «аиқәырхара».

2 Аҳцәа 13:20

Албаагақәа

  • *

    Иҟалап ааԥынра акәызҭгьы.

2 Аҳцәа 13:21

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Ахьчаратә бааш» (аҵаразы аҭыжьымҭа),

    12/2017, ад. 5

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
  • 14
  • 15
  • 16
  • 17
  • 18
  • 19
  • 20
  • 21
  • 22
  • 23
  • 24
  • 25
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
2 Аҳцәа 13:1–25

2 Аҳцәа

13 Ииу́и иԥа Иоаха́з Сама́риа израильтәи аҳас дҟалеит Охо́зиа иԥа, иудеиатәи аҳ Иоа́с, аҳра аниуаз ҩажәихԥатәи ашықәсазы, 17 шықәсагьы аҳра иуан. 2 Иара Иегова ицәымӷыз ҟаҵо, Нева́т иԥа Иеровоа́м израильаа идирҟаҵоз агәнаҳақәа ҟаиҵон, иаанмыжькәагьы дшырҿыц дырҿын. 3 Иегова израильаа игәы рзыԥжәан, сириатәи аҳ Хазае́ли Хазае́л иԥа Бен-Хада́ди ириҭеит, акыршықәсагьы ус иҟан.

4 Иоаха́з дӷьаҵәыӷьаҵәуа Иегова даниҳәа, Иегова уи иҳәара иаҳаит, избанзар ибон сириатәи аҳ израильаа ширгәаҟуаз. 5 Иегова израильаа аиқәырхаҩ дриҭеит, Сириа аҟынтә рхы иақәиҭханы аԥсеивгара роурц азы, уи ашьҭахь израильаа уаанӡа еиԥш ҭынч рыҩнқәа рҿы анхара иалагеит. 6 (Аха дара Иеровоа́м иҩнаҭа иатәыз иҟарҵоз агәнаҳақәа аанрыжьӡомызт, израильаа идирҟаҵоз агәнаҳақәа ҟарҵон. Дара агәнаҳақәа рыҟаҵара ишаҿыц иаҿын, Сама́риагьы иԥшьоу ашьаҟа* шгылац игылан.) 7 Иоаха́з ир аҟынтә инхаз 50-ҩык аҽыуааи, 10 ҽыуардынки, шьапыла иҟаз 10 000-ҩык аибашьцәеи роуп, избанзар сириатәи аҳ егьырҭ зегь ықәихит, ирҟьацны асаба рылихит, ачарыц анырҭәаҭәо асаба шгыло еиԥш.

8 Иоаха́з иԥсҭазаара аҟынтә егьырҭ ахҭысқәеи иусқәеи ртәы израильтәи аҳцәа рҭоурых ашәҟәаҿы иануп. 9 Иоаха́з данԥсы, Сама́риа анышә дарҭеит, иара ишьҭахь иԥа Иоа́с аҳас дҟалеит.

10 Иоаха́з иԥа Иоа́с израильтәи аҳас дҟалеит иудеиатәи аҳ Иоа́с аҳра аниуаз ҩажәижәибыжьтәи ашықәсазы, 16 шықәсагьы Сама́риа аҳас дыҟан. 11 Иара Иегова ицәымӷыз ҟаиҵон, Нева́т иԥа Иеровоа́м израильаа идирҟаҵоз агәнаҳақәа аанижьӡомызт, агәнаҳа аҟаҵара дшаҿыц даҿын.

12 Иоа́с иԥсҭазаара аҟынтә егьырҭ ахҭысқәеи, иусқәеи, иудеиатәи аҳ Ама́циа дышиабашьуази ртәы израильтәи аҳцәа рҭоурых ашәҟәаҿы иануп. 13 Иоа́с данԥсы, аҳраҭыԥ аҿы Иеровоа́м* дтәеит. Иоа́с израильтәи аҳцәа анышә иахьамаз Сама́риа анышә дарҭеит.

14 Елисеи дычмазаҩханы аԥсра данаҿыз, израильтәи аҳ Иоа́с иара иахь днеин, дахьышьҭаз днеихагылан, аҵәыуара далагеит, абас ҳәо: «Саб! Саб! Израиль зыхьчо аҽыуардыни аҽыуааи!» 15 Елисеи уи ус иеиҳәеит: «Ахыци ахәымпалқәеи шьҭых». Иаргьы ишьҭихит. 16 Елисеи аҳ ус иеиҳәеит: «Ахыц еиҵыхны икы». Ахыц анеиҵих, Елисеи инапқәа аҳ инапқәа инарықәиҵан, 17 ус иҳәеит: «Аԥенџьыр мрагыларахь иаарты». Иаргьы иааиртит. «Ухыс!» — иҳәеит Елисеи. Иаргьы дхысит. Елисеи ус иҳәеит: «Ари аиааира* аазго Иегова ихҿа ауп, Сириа узлаиааиуа ахҿа. Уара си́риаа Афе́к иԥыххааса иқәуҵоит».

18 Нас Елисеи ус иҳәеит: «Ахҿақәа шьҭых». Иаргьы ишьҭихит. Иара израильтәи аҳ ус иеиҳәеит: «Адгьыл уас». Иаргьы хынтә дасын, даангылеит. 19 Анцәа иуаҩы уи игәы изыԥжәан, абас иеиҳәеит: «Хәынтә ма фынтә уасыр акәын, усҟан си́риаа зынӡа иқәухуан, уажәшьҭа хынтә роуп уахьыриааиуа».

20 Елисеи данԥсы, анышә дарҭеит. Моавтәи ақәылаҩцәа есышықәса ашықәс алагамҭазы* Израиль иақәло иалагеит. 21 Аӡәы анышә данарҭоз аамҭазы, дазҭоз ауаа ақәылаҩцәа рбан, аԥсы Елисеи дызҭаз адамра дҭарыжьын, иҩны ицеит. Аԥсы ицәеижь Елисеи ибаҩқәа ианрылакьыс, уи ауаҩ иԥсы ҭалан, ишьапы дықәгылеит.

22 Сириатәи аҳ Хазае́л Иоаха́з аҳра иуанаҵы израильаа иргәаҟуан. 23 Аха Иегова урҭ рыцҳаишьон, иразра ааирԥшуан, Авраами, Исааки, Иакови, иареи ирыбжьаз аиқәшаҳаҭра аҳаҭыразы дрыцхраауан. Иара урҭ ықәихыр иҭахӡамызт, дрыцәхьамҵӡеит, хылаԥшрада иаанимыжьӡеит. 24 Сириатәи аҳ Хазае́л данԥсы, иара иҭыԥан иԥа Бен-Хада́д аҳас дҟалеит. 25 Иоаха́з иԥа Иоа́с Хазае́л иԥа Бен-Хада́д Хазае́л Иоаха́з иаб диабашьны иигаз ақалақьқәа имихит. Иоа́с уи хынтә дииааин, израильтәи ақалақьқәа ирхынҳәит.

Аԥсуа публикациақәа (2000—2026)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • Аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2026 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра