Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • 2 Аҳцәа 1
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

2 Аҳцәа. Ахҳәаа

      • Ильиа Охозиа дшыԥсуа иҳәоит (1—18)

2 Аҳцәа 1:3

Албаагақәа

  • *

    Иаанагоит «Сынцәа Иегова иоуп».

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    Аиҭага «Адунеи ҿыц», ад. 429—430

2 Аҳцәа 1:8

Албаагақәа

  • *

    Аԥстәқәа рцәа.

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Шәаҿыԥшла урҭ рыгәрахаҵара», астатиа 1

2 Аҳцәа 1:9

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Шәаҿыԥшла урҭ рыгәрахаҵара», астатиа 1

2 Аҳцәа 1:11

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Шәаҿыԥшла урҭ рыгәрахаҵара», астатиа 1

2 Аҳцәа 1:13

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Шәаҿыԥшла урҭ рыгәрахаҵара», астатиа 1

2 Аҳцәа 1:17

Албаагақәа

  • *

    Охо́зиа иашьа.

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
  • 14
  • 15
  • 16
  • 17
  • 18
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
2 Аҳцәа 1:1–18

2 Аҳцәа

1 Аха́в данԥсы, Моа́в Израиль даҿагылеит.

2 Зны Охо́зиа самариатәи иҩнаҿы хыхьтәи иуада ахыб иамаз аԥенџьыр дкылыбган, ӷәӷәала дҟәаҟәеит. Иара имаҵуцәа абас реиҳәеит: «Шәцаны, Екро́н анцәа Ваа́л-Зеву́в сыбзиахома ҳәа шәиазҵаа». 3 Усҟан Иегова имаалықь Ти́шба иатәыз Ильиа* ус иеиҳәеит: «Самариатәи аҳ имаҵуцәа урԥыланы абас раҳә: „Израиль адгьыл аҿы Анцәа дыҟаӡами? Шәцаны Екро́н анцәа Ваа́л-Зеву́в шәызиазҵаауеи? 4 Абас иҳәоит Иегова: ‚Уара узлаиоу аиарҭа улҵӡом, уа уԥсуеит‘“». Нас Ильиа дцеит.

5 Амаҵуцәа аныхынҳә, аҳ ус дразҵааит: «Шәанбагьыхынҳәи?» 6 Дара ирҳәеит: «Амҩан ауаҩы даҳԥылан, абас ҳаиҳәеит: „Шәаазышьҭыз аҳ иахь шәхынҳәны, абас иашәҳә: ‚Абас иҳәоит Иегова: ‚Израиль адгьыл аҿы Анцәа дыҟаӡами? Екро́н анцәа Ваа́л-Зеву́в иазҵаарц азы ауаа зушьҭуеи? Убри азы узлаиоу аиарҭа улҵӡом, уа уԥсуеит‘‘“». 7 Охо́зиа ус дразҵааит: «Дзеиԥшрази ишәԥыланы убас шәазҳәаз ауаҩы?» 8 Дара ус иарҳәеит: «Уи аласа маҭәа ишәын, асахҭан* иалхыз амаҟа имӷан». — «Уи Ти́шба иатәу Ильиа иоуп», — иҳәеит иара.

9 Аҳ Ильиа иахь 50-ҩык аруаа реиҳабы ируаа ицны ишьҭит. Ильиа ахәы дықәтәан. Аруаа реиҳабы иара иахь дхалан, ус иеиҳәеит: «Анцәа иуаҩы, аҳ улбаа ҳәа уеиҳәоит». 10 Аха Ильиа ус иҳәеит: «Анцәа иуаҩы сакәзар, ажәҩан аҟынтә амца лбааны, 50-ҩык уруааи уареи шәықәыццышәаа шәагааит». Убри аминуҭ азы ажәҩан аҟынтә Анцәа имца лбаан, ируааи иареи ықәыццышәаа иқәнаҵеит.

11 Усҟан аҳ 50-ҩык ирхагылаз даҽа еиҳабык аруаа ицны ишьҭит. Уи Ильиа ус иеиҳәеит: «Анцәа иуаҩы, аҳ ирласны улбаа ҳәа уеиҳәоит». 12 Аха Ильиа ус иҳәеит: «Анцәа иуаҩы сакәзар, ажәҩан аҟынтә амца лбааны, 50-ҩык уруааи уареи шәықәыццышәаа шәагааит». Убри аминуҭ азы ажәҩан аҟынтә Анцәа имца лбаан, ируааи иареи ықәыццышәаа иқәнаҵеит.

13 Аҳ 50-ҩык ирхагылаз ахԥатәи аиҳабы ируаа ицны ишьҭит. Уи Ильиа иахь дхалан, дшьамхышгыланы иҳәара далагеит: «Анцәа иуаҩы, суҳәоит, сыԥсҭазаареи 50-ҩык умаҵуцәа рыԥсҭазаареи ахә шьа. 14 Ажәҩан аҟынтә амца 50-ҩык ирхагылаз ҩыџьа аиҳабацәа рыруааи дареи ықәыццашәаа иқәнаҵахьеит. Суҳәоит, сыԥсҭазаара ахә шьа».

15 Иегова имаалықь Ильиа ус иеиҳәеит: «Уицца, умшәан». Иаргьы дицны аҳ иахь дцеит. 16 Ильиа аҳ ус иеиҳәеит: «Абас иҳәоит Иегова: „Уара умаҵуцәа Екро́н анцәа Ваа́л-Зеву́в иазҵаарц азы иушьҭит. Израиль адгьыл аҿы Анцәа дыҟаӡамзи? Уи узимазҵааи? Убри азы узлаиоу аиарҭа улҵӡом, уа уԥсуеит“». 17 Охо́зиа Иегова Ильиа ила ишиҳәаз еиԥш дыԥсит. Иара аԥа димаӡамызт азы Израиль аҳас Иора́м* дҟалеит. Иара аҳра аура далагеит иудеиатәи аҳ Иосафа́т иԥа Иора́м аҳра аниуаз аҩбатәи ашықәс азы.

18 Охо́зиа иԥсҭазаара аҟынтә егьырҭ ахҭысқәа ртәы израильтәи аҳцәа рҭоурых ашәҟәаҿы иануп.

Аԥсуа публикациақәа (2000—2026)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • Аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2026 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра