МАРТ 16—22, 2026
АШӘА 20 Угәы ззыбылуа Уԥа дҳауҭеит
Избан аҿыхра заҳҭаххаз?
«Аԥсрахьы сназго сцәеижь аҟынтә сеиқәзырхода?» (РИМ. 7:24).
ЕИЛАҲКААУА
Аҿыхра абзоурала Анцәа ҳагәнаҳақәа шҳанаижьыз, ҳшынаӡахо ала агәыӷра шҳауз, насгьы иареи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа шыбзиахаз.
1, 2. Иарбан ҭагылазаашьоу ҳара зегьы иҳамоу, насгьы избан аӡәы ицхыраарада ԥсыхәа зҳамам? (Римаа 7:22—24). (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
ШӘХАҾЫ иаажәг абри аҩыза аҭагылазаашьа. Аҩнеихагыла агәгәаҳәа еилаҳауеит. Ауаҩы уи даҵахоит, ихала даҵыҵрангьы дыҟаӡам. Акызаҵәык илшо, шәсыцхраа ҳәа аҿыҭра ауп. Иара аӡәы ибжьы иаҳаны деиқәирхап ҳәа дгәыӷуеит.
2 Ҳара зегьы убри аҩыза ҳҭагылоуп. Адам Ҳазшаз даниҿагыла агәнаҳа даҵалеит, уи ихәыҷқәа рахьгьы ииасит. Убасала ауаа зегьы агәнаҳа рҭынхеит. Уи рхала изаҵыҵӡом. Апостол Павел римаа ирзиҩыз асаламшәҟәаҿы иаҳҭынхаз агәнаҳа иахҟьаны ҳхы шаҳбо ибзианы дахцәажәеит. (Шәаԥхьа Римаа 7:22—24.) Иара аԥсрахьы дназго ицәеижь аҟынтә деиқәирхарц дӷьаҵәыӷьаҵәуа Анцәа диҳәон. Павел ихаҭа аԥсрахьы дназгоз агәнаҳа дзаҵыҵӡомызт (Рим. 6:23). Ҳаргьы убасҵәҟьоуп. Агәнаҳа аҟынтә аӡәы ҳхы ҳақәиҭитәроуп.
Еилаҳаз аҩны иаҵахаз ауаҩы ацхыраара шиҭаху еиԥш, ҳаргьы агәнаҳаи аԥсреи рҟынтә ахақәиҭра ҳҭахуп (Шәрыхәаԥш абзацқәа 1, 2.)
3. Иарбан хақәиҭроу аҿыхра иаҳнаҭо?
3 Павел агәнаҳа данахцәажәоз угәы казыжьуа адагьы, угәы шьҭызхуагьы иҳәеит. «Аԥсрахьы сназго сцәеижь аҟынтә сеиқәзырхода?» ҳәа аниҳәа ашьҭахь агәраганы иациҵеит: «Анцәа иҭабуп ҳәа иасҳәоит, избанзар иара Иҳақәиҭу Иисус Христос ила сеиқәирхоит» (Рим. 7:25). Павел зыӡбахә имаз Иисус иҿыхратә ԥсхҭынҵара ауп. Иарбан хақәиҭроу аҿыхраa иаҳнаҭо? Уи абзоурала: 1) ҳагәнаҳақәа ҳанажьхоит; 2) аԥхьаҟа ҳшынаӡахо ала агәыӷра ҳнаҭоит; 3) Ҳазшази ҳареи ҳаиннаршәоит, иҩызахара алшарагьы ҳнаҭоит. Арҭ х-зхәыцрак еиҳа инарҵауланы ҳанрыхцәажәалак, «агәыӷра ҳазҭо... Анцәа» Иегова иахь ҳабзиабара еиҳагьы иӷәӷәахоит (Рим. 15:13). Уи адагьы, Иисус иаҳзыҟаиҵаз еиҳагьы ахә ҳаракны иаҳшьалоит, избанзар «уи ибзоурала ҳара ахақәиҭра ҳауит, ҳагәнаҳақәагьы ҳанажьхеит» (Кол. 1:14).
ҲАГӘНАҲАҚӘА ҲАНАЖЬХОИТ
4, 5. Избан ҳара зегьы аҿыхра заҳҭаху? (Екклезиаст 7:20).
4 Иегова ҳагәнаҳақәа ҳанаижьырц азы аҿыхра ҳҭахуп. Инаӡам ауаа зегьы агәнаҳа, даҽакала иуҳәозар, Анцәа ихәаԥшышьала ииашам акы, ҟарҵоит. (Шәаԥхьа Екклезиаст 7:20.) Гәнаҳақәак Иегова иӷәӷәоу гәнаҳақәаны иԥхьаӡоит. Иаҳҳәап, Моисеи изакәан ала зхатә ҩыза дзыԥсахыз, ма ауаҩы дызшьыз аԥсра иқәырҵон (Алев. 20:10; Ахыԥхь. 35:30, 31). Ҳәарада, иҟоуп уиаҟара иӷәӷәам агәнаҳақәагьы, аха агәнаҳа гәнаҳауп. Давид иҳәеит: «Схы сацклаԥшлоит, сыбз игәнаҳау ак снамырҳәарц азы» (Аԥсал. 39:1). Ааи, зны-зынла иаҳҳәогьы гәнаҳахар ауеит (Иак. 3:2).
5 Изысҳәеи ма изыҟасҵеи ҳәа шәҳәартә еиԥш акы шәақәшәахьома? Уи аҩыза шәыхьхьазар ҟалап. Абиблиа аҿы иануп: «Агәнаҳа ҳалаӡам ҳәа ҳҳәозар, ҳхы ҳжьоит, аҵабырггьы агәра ҳгаӡом» (1 Иоанн 1:8).
6, 7. Изҭозеи Анцәа ҳагәнаҳақәа ҳанажьразы алшара? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
6 Аҿыхра Иегова ҳагәнаҳақәа ҳанажьразы алшара инаҭоит (Еф. 1:7). Аха уи иаанагаӡом Анцәа ҳагхақәа имбошәа ҟаиҵоит ҳәа. Иегова агәнаҳақәа ҟаҳамҵалар иҭахуп (Ис. 59:2).
7 Моисеи изакәан инақәыршәаны израильаа рыгәнаҳақәа ранажьхарц азы аԥстәқәа кәырбанс инаргалар рыхәҭан (Алев. 4:27—31; 17:11). Уи иднарбон ауаатәыҩса еиҳау акәырбан — Иисус иҿыхратә ԥсхҭынҵара — шырҭахыз. Уи абзоурала Иегова ииашоу инормақәа инарықәыршәаны ауаа рыгәнаҳақәа ранаижьлартә алшара иоуит. Павел еиликаауан Иисус иҿыхратә ԥсхҭынҵара ахә шаҟа иҳаракыз. Коринфаа ирзиҩыз асаламшәҟәаҿы раԥхьа иара уаанӡа изҿыз аусқәа еиқәиԥхьаӡеит, анаҩс иреиҳәеит: «Анцәа шәалихит, шәкәабаны, шәыцқьаӡа шәҟаиҵеит, идоуҳалеи Иҳақәиҭу Иисус Христос ибзоуралеи шәуаа иашақәаны шәиԥхьаӡеит» (1 Кор. 6:9—11).
Анкьа ауаа рыгәнаҳақәа ҿырхырц азы аԥстәқәа кәырбанс инаргон. Уи иаанарԥшуан ауаа еиҳаз аҿыхра шырҭахыз — Иисус иҿыхратә ԥсхҭынҵара (Шәрыхәаԥш абзацқәа 6, 7.)
8. Ҳзызхәыцлар ҳалшозеи, сынтәа Иисус Христос иԥсра агәаларшәара амш ҳҽаназыҟаҳҵало?
8 Сынтәа Иисус Христос иԥсра агәаларшәара амш шәҽаназыҟашәҵало, Иегова ҳагәнаҳақәа ахьҳанаижьуа хаҭала шәара шәзы иаанаго азхәыцразы аамҭа алшәх. Иаҳҳәап, аҿыхра абзоурала ҳзыхьхәхьоу ҳагәнаҳақәа рзы ҳхы ахара адҳамҵалар ҳалшоит. Аха иҟашәҵар шәылшозеи, Иегова ишшәанаижьыз агәра агара шәцәыцәгьазар? Иҟалап абас шәхәыцуазар: «Иегова сыгәнаҳақәа санаижьыр шилшо еилыскаауеит. Аха сара схаҭа схы исзанажьӡом». Ус акәзар, абри шәазхәыц: иҳаназыжьуа Иегова иоуп. Ҳус аӡбара Иԥа инапы ианиҵеит. Ҳара ҳаума, даҽаӡәы иоума, Анцәа азин иимҭаӡеит анажьра зауа-измауа аӡбара. Абиблиаҿы иануп: «Иара [Иегова] алашараҿы дшыҟоу еиԥш алашараҿы ҳныҟәалар... Иԥа, Иисус, ишьа ҳагәнаҳақәа зегь рҟынтә ҳарыцқьоит» (1 Иоанн 1:6, 7). Уи ус ишыҟоу даҽа библиатә рҵарак агәра шаҳго еиԥш агәраганы ҳаҟазар ҳалшоит. Аҿыхра Иегова ҳара ҳахь арыцҳашьара аарԥшразы алшара инаҭоит. Иажәаҿы иануп иара «анажьра [д]азхиоуп» ҳәа (Аԥсал. 86:5).
ҲШЫНАӠАХО АЛА АГӘЫӶРА
9. Иаҵанакуазеи агәнаҳа ахь, Абиблиа излаҳәо ала? (Аԥсалом 51:5).
9 Абиблиа агәнаҳа аӡбахә анаҳәо уахь иаҵанакуа ииашам аусқәа мацара ракәӡам, иаҳҭынхаз анамӡарагьы уахь иаҵанакуеит. (Шәаԥхьа Аԥсалом 51:5.) Ҳахьынаӡам иахҟьаны ҳара ииашамкәа ҳхы мҩаԥаҳгоит, насгьы ҳачмазаҩхоит, ҳажәуеит, ҳаԥсуеит. Агәнаҳа ҟазымҵац асабицәагьы зычмазаҩхо, насгьы изыԥсуа убри азоуп. Ауаа бзиақәагьы ауаа цәгьақәа реиԥш изгәаҟуа, насгьы изыԥсуа убри азоуп. Адам игәнаҳа иахҟьаны ҳара зегьы абри аҩыза ҳҭагылоуп.
10. Ишԥарныԥши Адами Евеи агәнаҳа?
10 Шәазхәыц агәнаҳа Адами Евеи ишырныԥшыз. Дара ишакәым рхы рбо иалагеит. Ргәы иҭаз Анцәа изакәан анеиларга, иаразнак уи алҵшәақәа рбеит (Рим. 2:15). Убасҟан Адами Евеи рҽеиларҳәарц, насгьы Ҳазшаз иҟынтә рҽырҵәахырц рҭаххеит (Алаг. 3:7, 8). Дара уаанӡа ирымамыз агәҭынчымреи, аԥхашьареи, ахареи реиԥш иҟоу ацәаныррақәа рызцәырҵит. Урҭ ацәаныррақәа рыԥсы ахьынӡаҭаз ирыцын (Алаг. 3:16—19).
11. Ишԥаҳныԥшуеи ҳара агәнаҳа?
11 Агәнаҳа ҳаргьы иаҳныԥшуеит. Ҳгәаҟрақәа зегьы, аемоциақәа ирыдҳәалоугьы уахь иналаҵаны, иаҳҭынхаз агәнаҳа ауп изыхҟьо. Ҳҭагылазаашьа аԥсахразы иагьа ҟаҳҵаргьы, ҳхала иаҳзымыӡбо ауадаҩрақәа еснагь иҟазаауеит. Избан? Избанзар Абиблиа ишаҳәо еиԥш, Адами Евеи агәнаҳа аныҟарҵа инаркны ауаа агәаҟрақәа ирықәшәоит (Рим. 8:20). Агәнаҳа хаҭала ҳара ҳадагьы, ауаатәыҩса зегьы ирныруеит. Шәазхәыц ауаа аекологиа еиӷьыртәырц, ацәгьоурақәеи аӷарреи ааныркыларц, насгьы адунеи зегь аҿы аҭынчра шьақәдыргыларц азы шаҟа аџьабаа рбо. Дара ак анырзалҵуагьы ыҟоуп, аха еиҳарак рџьабаа аӡы иагоит. Аҿыхра абзоурала аԥсҭазаара шыбзиахо ала ашьаҭа ӷәӷәа змоу агәыӷра ҳамоуп.
12. Иарбан гәыӷроу аҿыхра абзоурала иҳамоу?
12 Аҿыхра абзоурала ҳара «агәнаҳаи аԥсреи рытәра аҟынтә» ҳхы ҳшақәиҭхо ала агәыӷра ҳамоуп (Рим. 8:21). Уи иаанагоит ҳнаӡаны ҳахьыҟало, адунеи ҿыц аҿы уаҳа ахаан ацәеижьтә, апсихикатә, насгьы аемоциатә уадаҩрақәа ҳшыдмыргәаҟло. Уи адагьы, ахареи, агәҭынчымреи, аԥхашьареи уаҳа ҳаԥсҭазаара дыреиқәаҵәалаӡом. Адгьыл ҳара ҳзы иԥсыз «Аҭынчра аҭауад» Иисус Христос напхгара азиулоит (Ис. 9:6, 7). Иара ауаа рымч зқәымхо ауадаҩрақәа зегь иӡбоит.
13. Ҳзызхәыцлар ҳалшозеи иҵегьы, иааиуа Иисус Христос иԥсра агәаларшәара амш ҳҽаназыҟаҳҵало?
13 Шәазхәыц шәнаӡаны шәаныҟало шәыԥсҭазаара зеиԥшрахо. Шәхаҿы иаажәг есышьыжь шәымч ҭаланы, агәҭынчра шәыманы шәшааԥшло. Ишәзааигәоу ауаа ма шәара амла шәакыр, шәычмазаҩхар, ма шәыԥсыр ҳәа шәшәалаӡом. Ҳгәыӷра ҳазхәыцлар, иахьа уажәнатә еиҳа ҳгәы ҭынчзаауеит. «Уи агәыӷра ҳаԥсҭазааразы аԥырсал иаҩызоуп — уақәгәыӷыртә иҟоуп, иӷәӷәоуп» (Аур. 6:18, 19). Аԥырсал ацхыраарала ицәқәырԥо амшын иху анышь иахьакәым иагаӡом. Убас еиԥшҵәҟьа, ҳқьырсиантә гәыӷра ҳхаҵара арӷәӷәоит, насгьы ауадаҩрақәа рыхгара иҳацхраауеит. Агәра ганы шәыҟаз Иегова «гәык-ԥсыкала иԥшаара иашьҭоу дшырзылԥхо» (Аур. 11:6). Ԥхьаҟатәи аԥеиԥш бзиа иазку ҳгәыӷреи, уи иаҳнаҭо агәҭынчреи зыбзоуроу аҿыхра ауп.
АНЦӘЕИ ҲАРЕИ ҲАИННАРШӘОИТ
14. Ишԥарныруеи агәнаҳа Ҳазшази ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа? Избан ус изаныруа?
14 Адами Евеи рыгәнаҳа ауаа зегьы Ҳазшаз ицәыхаранатәит. Абиблиаҿы ауаа Анцәа иаӷацәа ракәхеит ҳәагьы ануп (Рим. 8:7, 8; Кол. 1:21). Избан? Избанзар Анцәа днаӡоуп, агәнаҳагьы ицәымӷуп. Абиблиаҿы Анцәа изкны иануп: «Уара улақәа убриаҟара ицқьоуп, ацәгьара узахәаԥшӡом, ацәгьоурақәагьы узычҳаӡом» (Авв. 1:13). Агәнаҳа иахҟьаны Иеговеи ауааи реизыҟазаашьақәа ԥхасҭахеит. Урҭ аизыҟазаашьақәа ҿыц ибзиахарц азы ацҳа бжьаҵатәуп. Аҿыхра уи ацҳа ауп. Уи абзоурала ҳара Иегова ҳаинышәар, насгьы ҳаиҩызахар ҳалшоит.
15. Ишԥарнаҭеи аҿыхра ауаа Анцәа инышәаразы алшара?
15 Абиблиаҿы иануп Иисус «ҳагәнаҳақәа рҟынтә ҳҿызхуа, Анцәеи ҳареи ҳаинзыршәо кәырбануп» ҳәа (1 Иоанн 2:2). Ишԥарыцхрааи Иисус иҿыхратә ԥсхҭынҵара ауаа Иеговеи дареи реизыҟазаашьақәа реиҭашьақәыргылареи иҩызахареи? Иисус ҳҿихырц азы дахьыԥсыз Анцәа алшара инаҭеит ауааи иареи реизыҟазаашьақәа реиҭашьақәыргылара (Рим. 3:23—26). Анцәа уаа иашақәаны иԥхьаӡар илшон Иисус адгьыл ахь дааны дыԥсаанӡа инхоз изиашаз имаҵзуҩцәагьы (Алаг. 15:1, 6). Избан? Избанзар Иегова агәра ганы дыҟан Иԥа ауаа шҿихуа (Ис. 46:10). Убасала аҿыхра ауаа Анцәа инышәара алшара рнаҭеит.
16. Ҳзызхәыцыр ҳалшозеи иҵегьы, иааиуа Иисус Христос иԥсра агәаларшәара амш ҳҽаназыҟаҳҵало? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
16 Шәазхәыц Иегова шәинышәартә алшара ахьшәоуз шәара шәзы иаанаго. Иисус иҵаҩцәа ишыдирҵоз еиԥш, Иегова Саб, ма Сҩыза ҳәа иашәҳәозар ҟалап (Матф. 6:9). Аха ус аниаҳҳәо ахынраалара, насгьы иара иахь апатуқәҵара ду ааҳарԥшлароуп. Избан? Избанзар ҳахьынаӡам иахҟьаны Иегова иҩызахара ҳаԥсаӡам. Аҿыхра абзоуралоуп иареи ҳареи ҳаиҩызара ҳарӷәӷәалар злаҳалшо. Иегова зегь иниршәеит «[Иисус] ашьаҟаҿы икеиҭәаз ашьа абзоурала... аҭынчра бжьаҵаны» (Кол. 1:19, 20). Убри аҟынтә макьана ҳшынаӡамгьы, Иеговеи ҳареи ҳаиҩызцәахар ҳалшоит.
Иисус иԥсра ауп Иегова закәанла азин изҭаз ауааи иареи реизыҟазаашьақәа реиҭашьақәыргылара (Шәахәаԥш абзац 16.)
АҾЫХРА ИЕГОВА ҲАШРЫЦҲАИШЬО ШЬАҚӘНАРӶӘӶӘОИТ
17. Ишԥашьақәнарӷәӷәо аҿыхра Иегова арыцҳашьара ду шилоу? (Ефесаа 2:4, 5).
17 Аҿыхра Иегова арыцҳашьара ду шилоу ҳнарбоит. Анцәа «ҳаԥсы ҭеиҵ[еит]... ҳагәнаҳақәа ирыхҟьаны аԥсцәа ҳшырҩызазгьы». (Шәаԥхьа Ефесаа 2:4, 5.) «Наӡаӡатәи аԥсҭазаарахь уназго амҩа ианылар зҭах[у] зегьы», инықәырԥшны иуҳәозар, ацхыраара иаҳәоит (Аус. 13:48). Урҭ ауаа еилаҳаз аҩны иаҵахаз ауаҩы ишиҩызоу еилыркаауеит. Дара ирдыруеит агәнаҳа рхала ишзаҵымҵуа — аӡәы дрыцхраароуп. Иегова урҭ дрыцхраарц азы Аҳра иазку ажәабжь раҳартә алшара риҭоит. Уи абзоурала дара Анцәеи Иԥа Иисус Христоси ирабадырыр рылшоит (Иоанн 17:3). Аҩсҭаа Адами Евеи иҟарҵаз агәнаҳа Анцәа игәҭакы анагӡара иԥырхагахоит ҳәа дхәыцуазҭгьы, агха ихьит.
18. Иаҳхаҳмыршҭлар ҳахәҭоузеи, аҿыхра ҳаназхәыцуа?
18 Аҿыхра хаҭала ҳара ҳзы иаанаго ҳаназхәыцуа, Анцәа уи зыҟаиҵаз мзыз хадас иамоу ҳхаҳмыршҭлароуп. Иегова уи ҳаиқәирхарц мацаразы акәӡам изыҟаиҵаз. Раԥхьаӡа иргыланы иара уи зыҟаиҵаз Аҩсҭаа Едемтәи абаҳчаҿы ишьҭихыз азҵаара аҭак ҟаиҵарц азоуп (Алаг. 3:1—5, 15). Аҿыхра абзоурала Иегова Аҩсҭаа дшымцҳәаҩу шьақәырӷәӷәаны ихьӡ ирыцқьоит. Иара убас Анцәа агәнаҳаи аԥсреи рҟынтә ахақәиҭра ҳаиҭоит. Уи иӷәӷәаны бзиа ҳшибо аанарԥшуеит. Уи адагьы, Иегова ҳзыԥсам ақьиара аарԥшны, ҳшынаӡамгьы, Аҩсҭаа ишьҭихыз азҵаара аҭак ҟаҳҵартә алшара ҳаиҭоит (Ажәам. 27:11). Ишԥаҳалшо аҿыхра ахә ҳаракны ишаҳшьо ааҳарԥшыр? Уи анаҩстәи астатиаҿы ҳалацәажәоит.
АШӘА 19 Иҳақәиҭу иуаххьа
a ЖӘАҚӘАК РҴАКЫ. Аҿыхра — уи ахақәиҭра ҳаурц азы ишәаз ахә ауп. Иисус Христос иԥсы ҳахҭынҵаны ҳҿихит. Уи абзоурала Анцәа иҳәатәы хазҵо ауаа агәнаҳаи аԥсреи рҟынтә ахақәиҭра роур рылшоит.