Ахаша, апрель 15
Бзиа шәеибабала (Иоанн 15:12).
Иегова имаҵзуҩцәа аицхыраара ргәаԥхоит (2 Кор. 8:4). Уи азы агәымшәара анаҭаху ыҟоуп — иаҳҳәап, аибашьрақәа ирыхҟьаны ашәарҭара аныҟоу. Ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ирымамзар алшоит Абиблиеи, уи шьаҭас измоу алитературеи, афатәи-ашәҵатәи. Абзиабара злоу аизара ахылаԥшыҩцәа рыԥсҭазаара ашәарҭара аҭаргылара иазхиоуп, Иегова иуасақәа зда ԥсыхәа ыҟам зегь рымазарц азы. Иуадаҩу аҭагылазаашьақәа раан даараӡа ихадоуп акзаара ахьчара. Аҭыԥантәи афилиал аҟынтә ишәоуа амҩақәҵарақәа шәырзыӡырҩла (Аур. 13:17). Аизара ахылаԥшыҩцәа урҭ амҩақәҵарақәа аамҭа-аамҭала ирыхцәажәалароуп, ак ааҟалар, аишьцәеи аиҳәшьцәеи иҟарҵаша рдыруазарц азы (1 Кор. 14:33, 40). Агәымшәара аашәырԥшла, аха убри аамҭазгьы шәгәышәҽаныз (Ажәам. 22:3). Ак ҟашәҵаанӡа ибзианы шәхәыц. Уи анаҭахым, шәхы ашәарҭара иҭашәмыргылалан. Иегова шәиқәгәыӷла. Иара иахьынӡалшо шәхы ашәарҭара иҭамыргылаӡакәа, аишьцәеи аиҳәшьцәеи шәышрыцхрааша шәирбоит. w24.07 4, абз. 8; 5, абз. 11
Аԥшьаша, апрель 16
Арыцҳара санақәшәа, Иегова иҳәара салагеит... ...сӷызыӷызуа саниҳәоз, сыбжьы илымҳа аҟынӡа инеит (Аԥсал. 18:6).
Аҳ Давид Иегова ибзианы дидыруан, дагьиқәгәыӷуан. Иара аҳ Саули егьырҭ иаӷацәеи рҟынтә иҽаниӡоз, Иегова иҿы ацхыраара дашьҭан. Анцәа Давид иҳәара аҭак аныҟаиҵа, дагьанеиқәирха, Давид дгәырӷьаҵәа иҳәеит: «Иегова — зыԥсы ҭоу Анцәа иоуп!» (Аԥсал. 18:46). Ииҳәарц ииҭахызи Давид? Еилыркаагак аҿы иануп арҭ ажәақәа рыла Давид Иегова «еснагь зыжәлар ирыцхраауа зыԥсы ҭоу Анцәа» шиакәу агәра шигоз ааирԥшит ҳәа. Ааи, Давид ихатә ԥышәала агәра игеит Инцәа — зыԥсы ҭоу Анцәа шиакәу. Уи агәрагара игәазҭанаҵон анаҩсгьы Иегова имаҵ ауреи ихьӡ арҳаракреи (Аԥсал. 18:28, 29, 49). Иегова зыԥсы ҭоу Анцәа шиакәу агәра ганы ҳаҟазар, гәацԥыҳәарала, ҳҳаҵҳаҵо имаҵ ҳаулоит, аԥышәарақәа рыхгаразы амч ҳауеит, анаҩсгьы Иегова изы аџьабаа абаразы агәаҳәара ҳамазаауеит. Иара убас Иегова ҳаицәыхарахар ҳауӡом, ҳаиҩызара ҳахьчалоит. w24.06 20—21, абз. 3, 4
Ахәаша, апрель 17
Аӡәы шәижьар шәымун (2 Фес. 2:3).
Иаҳдырҵозеи апостол Павел фессалоникаа ирзиҩыз ажәақәа? Ҳаргьы узыршанхо жәабжьк ма абиблиатә ҵабырг иаҿагыло акы ҳаҳар алшоит. Усҟан агәеилых ааҳарԥшыроуп. Асовет Мчра аан аишьцәа саламшәҟәык роуит, уи ихадоу аусбарҭа аҟынтә иаазшәа иҩын. Уа ианын хазы ихьыԥшым аорганизациа еиҿыркаарц. Асаламшәҟәы аишьцәа ирҩызшәа иҟан, арахь уи зҩыз ҳаӷацәа ракәын. Аха Иегова изиашаз аишьцәа амц иржьар рмуӡеит. Дара еилыркааит асаламшәҟәаҿы ианыз аорганизациа акыршықәса иднарҵоз ишаҿагылоз. Иахьа ҳаӷацәа ҳдырҩашьарц ма ҳаиҿадыргыларц азы атехнологиақәа рхы иадырхәалар рылшоит. Убри аҟынтә ҳара аҟәышра ҳамазароуп, ҳаццакынгьы алкаа ҟаҳамҵалароуп. Ҳхы ҳахьчарц азы ҳара ибзианы ҳазхәыцроуп ҳзыԥхьо ма иҳаҳауа иаҳдыруа аҵабырг иақәшәоу-иақәымшәоу (2 Фес. 2:2; 1 Иоанн 4:1). w24.07 12, абз. 14, 15