Март 6—12
1 АШЫҚӘСЫНҴА 23—26
Ашәа 123, анцәаиҳәара
Алагалажәа (1 мин.)
АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА
«Аныҳәарҭаҿы инарыгӡоз амаҵзура ибзианы еиҿкаан» (10 мин.)
Адоуҳатә бырлашқәа (10 мин.)
1Аш 25:7, 8. Ишԥаадырԥшуеи арҭ ажәеинраалақәа Иегова ашәақәа рыла дҳараҳклар шхадоу? (w22.03 22, абз. 10).
Еилукаазеи уара ари амчыбжь иазалху Абиблиа ахқәа рҟынтә Иегова изкны, ажәабжьҳәара иазкны, мамзаргьы даҽакы иазкны?
Аԥхьара (4 мин.): bhs ахы 17, абз. 12—15 (th аурок 5).
АМАҴЗУРАҾЫ ИҲАМОУ АҞАЗАРА ЕИӶЬАҲТӘУЕИТ
Авидеонҵамҭа «Иисус иԥсра агәаларшәара иазку аиԥыларахь ааԥхьара» (5 мин.). Ахцәажәара. Идырба авидеонҵамҭа. Аекран аҿы авидеонҵамҭа аанызкыло адырга анцәырҵлак, авидеонҵамҭа аанкыланы аӡырҩцәа азҵаара рыҭ.
Иисус иԥсра агәаларшәара иазку аиԥыларахь ааԥхьара (3 мин.). Ухы иархәа аицәажәарақәа рыхкқәа рҟынтә атема. Узацәажәо ауаҩы аинтерес анааирԥшлак ашьҭахь дазхьарԥш авидеонҵамҭа «Иисус Христос иԥсра агәаларшәара», насгьы уи уахцәажәа (авидеонҵамҭа аҿакра аҭахӡам) (th аурок 11).
Ажәахә (5 мин.): w11-U 1/6 14—15. Атема: «Избан ақьырсианцәа рҽеиҿкааны Анцәа имаҵ зыруа?» (th аурок 14).
АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
«Аԥсабаратә рыцҳара иақәшәаз ҳрыцхраар шҳалшо» (10 мин.). Ахцәажәара. Идырба авидеонҵамҭа.
Иисус Христос иԥсра агәаларшәарахь ааԥхьара иазку акампаниа алагоит асабша, март 11 рзы (5 мин.). Ахцәажәара. Иааркьаҿны ааԥхьара аҵакы уахцәажәа. Ирзеиҭаҳәа иҷыдоу ажәахә, Иисус Христос иԥсра агәаларшәара, насгьы шәеизара иаҵанакуа атерриториаҿы ажәабжьҳәаратә маҵзура шеиҿкаахо.
Аизараҿы Абиблиа аҵара (30 мин.): lff аурок 39, насгьы Ацҵа 3
Ахыркәшаратә жәақәа (3 мин.)
Ашәа 127, анцәаиҳәара