АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА | АЖӘАМААНАҚӘА (ПРИТЧИ) 7—11
Угәы ишәарҭоу амҩахь ихьаҳәыртә алумыршан
Ҳара Иегова инормақәа ҳрыхьчоит. Урҭ ахәарҭа ҳзааргарц азы ҳгәаҿы иҟазар ауп (Ажәам. [Пр] 7:3). Иегова имаҵзуҩы игәы ишәарҭоу амҩахь ихьаҳәыртә алиршар, игызмалу, ухызхуа Аҩсҭаа икаҭақәа дырҿашәар алшоит. Ажәамаанақәа (Притчи) 7-тәи ахаҿы згәы ишәарҭоу амҩахь ихьаҳәыртә алзыршаз арԥыс иӡбахә ануп. Иҳацхраауазеи уи арԥыс иҟаиҵаз агхақәа рҽырцәыхьчара?
Аҩсҭаа абарҭ ҳалшарақәа ихы иархәаны игәнаҳау аусқәа ҳирҟаҵарц, насгьы Иегова ҳицәхьаҵырц иҽазишәоит
Аҟәыӷареи агәеилых бзиеи ҳацхраауеит ииашам аусқәа иаарго алҵшәа бааԥсқәа рбара, иара убас Анцәеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа рыхьчоит