Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • nwt Амос 1:1—9:15
  • Амос

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Амос
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Амос

АМОС

1 Теко́а* иатәыз ахьча Амо́с* иажәақәа. Иара урҭ иудеиатәи аҳ У́ззиеи израильтәи аҳ Иоа́с иԥа Иеровоа́ми рхаан, адгьылҵысра ҩышықәса анагыз, Израиль иазкны иоуз абараҿы иаҳәан. 2 Амо́с иҳәеит:

«Иегова Сионынтәи алым еиԥш иӷыӷбжьы гоит,

Ибжьы Иерусалимынтәи иааҩуеит.

Аҳәырҭақәа нықәблаа ицоит,

Карми́л ақәцәгьы ҩоит».

 3 «Абас иҳәоит Иегова:

„‚Дамаск ааҟәымҵӡакәа иахьысҿагылоз азы сыӡбара сыԥсахӡом.

Иара Галаа́д ачарыц шырҭәаҭәо еиԥш аиха иалху аҭәаҭәагала иаҭәаҭәеит.

 4 Убри аҟынтә сара Хазае́л иҩны амца ажәысҵоит,

Уи Бен-Хада́д ихырӷәӷәарҭақәа абылуеит.

 5 Сара Дамаск алыкәқәа ԥысҽуеит,

Бика́т-Аве́н инхо ықәысхуеит,

Бет-Еде́н иахагылоугьы* дықәысхуеит.

Сириатәи ажәлар тҟәаны Кирҟа иргоит‘, — иҳәоит Иегова“.

 6 Абас иҳәоит Иегова:

„‚Газа ааҟәымҵӡакәа иахьысҿагылоз азы сыӡбара сыԥсахӡом.

Уи итҟәаны иагоз зегьы Едо́м ианаҭон.

 7 Убри аҟынтә сара Газа аҭӡамцқәа амца рыжәысҵоит,

Уи амца Газа ахырӷәӷәарҭақәа былны ишьҭанаҵоит.

 8 Сара Ашдо́д инхо ықәысхуеит,

Ашкело́н иахагылоугьы* дықәысхуеит.

Екро́н ақәнага иақәсыршәоит,

Филисти́маа рҟынтә иаанхо ҭахоит‘, — иҳәоит Амчра зегь знапаҿы иҟоу Аҳ Иегова“.

 9 Абас иҳәоит Иегова:

„Тир ааҟәымҵӡакәа иахьысҿагылоз азы сыӡбара сыԥсахӡом.

Уи итҟәаны иагоз зегьы Едо́м ианаҭон,

Аишьцәа реиқәшаҳаҭрагьы агәалашәаӡомызт.

10 Убри аҟынтә сара Тир аҭӡамцқәа амца рыжәысҵоит,

Уи амца Тир ахырӷәӷәарҭақәа былны ишьҭанаҵоит“.

11 Абас иҳәоит Иегова:

„Едо́м ааҟәымҵӡакәа иахьысҿагылоз азы сыӡбара сыԥсахӡом.

Дара аҳәа кны рашьцәа ирышьҭашәарыцон,

Рыцҳашьарак аадырԥшӡомызт.

Дара урҭ хьаас имкыкәа еимырыжәжәоит,

Ргәыԥжәарагьы еиқәтәашьа амаӡам.

12 Убри аҟынтә сара Тема́н амца ажәысҵоит,

Уи Бо́цра ахырӷәӷәарҭақәа былны иқәнаҵоит“.

13 Абас иҳәоит Иегова:

„‚Аммо́наа ааҟәымҵӡакәа иахьысҿагылоз азы сыӡбара сыԥсахӡом.

Дара рыдгьылқәа дырҭбаарц азы Галаа́д зцәазтәымкәа иҟаз аҳәса рымгәақәа дырҟьон.

14 Убри аҟынтә сара Ра́вва аҭӡамцқәа амца рыцрасҵоит,

Ажәылара аҽны аибашьра шалагаз анырҳәо,

Афырҭын аныҟоу аҽны зегь ықәызхуа аԥша цәгьа анасуа

Уи амца Ра́вва ахырӷәӷәарҭақәа былны иқәнаҵоит.

15 Урҭ раҳ дытҟәаны дыргоит, аҭауадцәагьы ргоит‘, — иҳәоит Иегова“.

2 Абас иҳәоит Иегова:

„,Моа́в ааҟәымҵӡакәа иахьысҿагылоз азы сыӡбара сыԥсахӡом.

Иара едомтәи аҳ ибаҩқәа ықәыццышәаа иаблит*.

 2 Убри аҟынтә Моа́в амца ажәысҵоит,

Иара Керио́т ахырӷәӷәарҭақәа былны иқәнаҵоит.

Моа́в ҭахоит, абыжь дуқәа анго,

Аибашьра шалагаз анырҳәо, абыкь абыжьқәа анго.

 3 Сара уи анапхгаҩы* дысшьуеит,

Аҭауадцәагьы зегь сшьуеит‘, — иҳәоит Иегова“.

 4 Абас иҳәоит Иегова:

„Иудеиа ааҟәымҵӡакәа иахьысҿагылоз азы сыӡбара сыԥсахӡом.

Иудеиа инхо ауаа Иегова изакәан* мап ацәыркит,

Иԥҟарақәагьы ирықәныҟәаӡомызт.

Рабацәа шыржьаз еиԥш даргьы ржьеит.

 5 Убри аҟынтә Иудеиа амца ажәысҵоит,

Иара Иерусалим ахырӷәӷәарҭақәа былны иқәнаҵоит“.

 6 Абас иҳәоит Иегова:

„Израиль ааҟәымҵӡакәа иахьысҿагылоз азы сыӡбара сыԥсахӡом.

Израиль инхо ауаа араӡны азы ауаҩ иаша дырҭиуеит,

Иӷаругьы — ҩ-сандалеимаак рзы.

 7 Дара иӷару аҳәынҵәа иларкәаҳауеит,

Ауаа ҟәымшәышәқәа аиашара амҩа анылара ирԥырхагоуп.

Аби аԥеи ԥҳәыск илыцышьҭоуп,

Убри ала иԥшьоу сыхьӡ рхәымгоит.

 8 Акәырбаннагарҭақәа зегьы рҿы дара шасыс* иргаз амаҭәа рыҵаҵаны ишьҭоуп,

Рынцәақәа рыҩны* аҿы ахара здырҵаз ирымырхыз аҩы ржәуеит“.

 9 „Сара урҭ раҳаҭыразы аморе́иаа ықәысхит,

Акедр еиԥш иҳаракыз, аџь еиԥш иӷәӷәаз.

Сара урҭ ршәыргьы ықәысхит, рдацқәагьы ықәысхит.

10 Сара Египет шәалызгеит,

Нас 40 шықәса ацәҳәыра шәықәҵаны шәсыман,

Аморе́иаа рыдгьыл шәысҭарц азы.

11 Сара шәыҷкәынцәа ԥааимбарцәаны иҟасҵеит,

Шәырԥарцәагьы назореицәаны иҟасҵеит,

Ус акәӡами, Израиль?“ — иҳәоит Иегова.

12 „Аха шәара аназореицәа аҩы дшәыржәуан,

Аԥааимбарцәа ԥааимбарлар шәуӡомызт.

13 Сара шәахьгылоу шәыскәаҳауеит,

Ачарыц* зқәу ауардын зегь шакәаҳауа еиԥш.

14 Еилҟьоу дыҩны дызцаӡом,

Иӷәӷәоу имчқәа илӡаауеит,

Аибашьҩыгьы иԥсы изеиқәырхаӡом.

15 Ахысҩы* дыҩны дцоит,

Алас дзеиқәхаӡом,

Аҽыуаҩгьы иԥсы изеиқәырхаӡом.

16 Зегь раасҭа игәымшәоу аибашьцәагьы

Уи аҽны маҭәада иҩны ицоит“, — иҳәоит Иегова».

3 «Израильаа, шәазыӡырҩы Иегова Египет иалигаз ажәлар шәзы ииҳәаз:

 2 „Ажәларқәа зегь рҟынтә издыруа шәара шәоуп,

Убри азоуп шәыгәнаҳақәа зегь рзы аҭак аҟаҵара шәзаасыԥхьо.

 3 Изеиццома ҩыџьа, еиқәшәарц еибырымҳәар?

 4 Абнараҿы алым аӷыӷбжьы гома, аԥыхьашәа амамзар?

Алым ҿа аҭыҩра аҟынтә абжьы гома, акгьы амкызар?

 5 Аҵыс акаҭ иакуама, уи дмыргылазар*?

Иԥҟьома ашьацҳәа, акгьы аҿамшәазар?

 6 Ақалақь аҿы абыкь абжьы анго, ауаа шәаны рцәа имҭаӡыӡаӡои?

Ақалақь аҿы арыцҳара аныҟало, уи Иегова иҟынтә акәӡами ишыҟало?

 7 Амчра зегь знапаҿы иҟоу Аҳ Иегова акгьы ҟаиҵаӡом,

Игәҭакы* имаҵзуҩцәа-аԥааимбарцәа ирзааиртаанӡа.

 8 Алым хәааит! Имшәода?

Амчра зегь знапаҿы иҟоу Аҳ Иегова иҳәеит! Имԥааимбаруада?“

 9 „Ирылашәҳәа абас Ашдо́д ахырӷәӷәарҭақәа рҿы,

Египет ахырӷәӷәарҭақәа рҿгьы:

,Шәеиза самариатәи ашьхақәа рҿы,

Шәахәаԥши уа хыла-гәыла ишеилоу, амц шырҳәо.

10 Дара ииашаны ахымҩаԥгашьа рыздырӡом, — иҳәоит Иегова. —

Рхырӷәӷәарҭақәа ақәымчреи арҳәреи рыла иҭәуп‘“.

11 Убри аҟынтә абас иҳәоит Амчра зегь знапаҿы иҟоу Аҳ Иегова:

„Аӷа ари адгьыл дакәшаны икуеит,

Умч умихуеит,

Ухырӷәӷәарҭақәа ирҳәуеит“.

12 Абас иҳәоит Иегова:

„Ахьча алым асаса ҩ-шьапызаҵәык ма алымҳа заҵәык шамижәаауа еиԥш ауп

Аӷацәа ирымпыҵыржәаауа израильаагьы шырацәамхо,

Уажәы Сама́риа зеиԥшыҟам атәарҭақәеи зыхә цәгьоу* адиуанқәеи ирықәтәоу роуп“.

13 „Шәааӡырҩны, Иаков ихылҵқәаз ргәырҽанышәҵа, — иҳәоит Амчра зегь знапаҿы иҟоу Аҳ, ар Рынцәа Иегова. —

14 Израиль иҟанаҵоз ацәгьоурақәа* рзы аҭак аҟаҵара ианаасыԥхьо аҽны

Вефи́льтәи акәырбаннагарҭақәагьы ықәысхуеит,

Сара акәырбаннагарҭақәа ртәыҩақәа хысҵәоит, урҭ адгьыл иқәҳауеит.

15 Сара аӡынтәи аҩни аԥхынтәи аҩни ықәысхуеит“.

„Асланбҩала ирԥшӡоу аҩнқәа ықәгахоит,

Аҩн дуқәа* ықәӡаауеит“, — иҳәоит Иегова».

4 «Сама́риатәи ашьхақәа рҿы иҳәуа башантәи ажәқәа иреиԥшу аҳәса,

Ишәасҳәо шәазыӡырҩы,

Шәара иӷару зжьо, арыцҳацәа зыргәаҟуа аҳәса,

Зхацәа* „Изжәуа сзааги!“ — ҳәа разҳәо.

 2 Амчра зегь знапаҿы иҟоу Аҳ Иегова ицқьарала дқәит:

„,Иааиуеит амшқәа, акәац ахьыкнарҳауа аҵәаҳә шәанахадырԥо,

Шәара шәҟынтә иаанхаз аԥсыӡ зларкуа аҵәгәыр ала шәанышьҭырхуа.

 3 Шәара ишәԥыхьашәаз акылҳара шәкылсны шәцоит, дасу ишәԥыхьашәаз,

Хармо́н ахьгьы шәкарцоит‘, — иҳәоит Иегова“.

 4 „Вефи́льҟа шәца, убра агәнаҳа* ҟашәҵала,

Гилга́лҟа шәца, убра еиҳангьы иҟашәҵала!

Ашьыжь акәырбанқәа нажәгала,

Адырхаҽны — ажәабатәи ахәҭақәа.

 5 Арҵәыга злоу ача Анцәа иҭабуп ҳәа иашәҳәарц азы изнаганы ижәбылла!

Хатәгәаԥхарала инажәго акәырбанқәа шәыбжьы рдуны шәрылаҽхәала!

Уи бзиа ишәымбои, израильаа“, — иҳәоит Амчра зегь знапаҿы иҟоу Аҳ Иегова.

 6 „Сара шәықалақьқәа зегьы рҿы амла шәасыркуан*,

Шәыҩнқәа зегь рҿы чада шәаансыжьуан.

Аха шәара сара сахь шәымхынҳәӡеит“, — иҳәоит Иегова.

 7 „Сара аҭагаларанӡа хымз ақәа шәзыласышьҭӡомызт,

Қалақьк аҿы ақәа ласышьҭуан, егьи ақалақь аҿы иласышьҭӡомызт,

Дгьылк аҿы ақәа леиуан,

Ақәа ахьымлеиуаз егьи адгьыл ҩон.

 8 Ҩ-қалақьк ма х-қалақьк рҿы инхоз ауаа қалақьк аҿы еизон, аӡы ржәырц азы,

Аха уагьы уи зегьы ирызхаӡомызт.

Аха шәара уеизгьы сара сахь шәымхынҳәӡеит“, — иҳәоит Иегова.

 9 „Сара шәҽаҩра аарҩареи аԥакәеи* иқәырхыртә иҟасҵеит.

Абаҳчақәеи аӡахәаҭрақәеи егьа еиҭашәҳазаргьы,

Шәлаҳаи шәмаслинеи асаранча иафеит.

Аха шәара усҟангьы сара сахь шәымхынҳәӡеит“, — иҳәоит Иегова.

10 „Сара Египет иажәысҵаз аҩыза ачымазара бааԥс шәыжәысҵон,

Шәырԥарцәа аҳәала исшьуан, аҽқәа шәымысхуан.

Шәлагерқәа рҿы иԥсыз рбаафҩы шәасырфыҩуан.

Аха шәара уеизгьы сара сахь шәымхынҳәӡеит“, — иҳәоит Иегова.

11 „Сара шәыдгьыл ҭасырцәит,

Содоми Гоморреи реиԥш иҭасырцәит.

Шәара амца иалыргаз ицәкәыблыз ақды шәеиԥшын,

Аха сара сахь шәымхынҳәӡеит“, — иҳәоит Иегова.

12 Убри аҟынтә сара еиҭа уқәнага уақәсыршәоит, Израиль.

Сара уи ҟасҵоит,

Унцәа иԥылара уазхиаз.

13 Иара ашьхақәа зшаз, аԥша ҟазҵаз иоуп,

Иара ихәыцрақәа ауаҩы изааиртуеит,

Ашьыжьтәи алашара ирлашьцоит,

Адгьыл ахықәцәқәа дрықәланы дцоит.

Иара ар Рынцәа Иегова ихьӡуп».

5 «Израиль, иуасҳәо уазыӡырҩы, уазыӡырҩы иузку ауазашәа:

 2 „Ахаҵа дзымбац Израиль дкаҳаит.

Уажәшьҭа дызгылаӡом,

Зегьы даанрыжьит,

Дзыргыло ҳәагьы аӡәгьы дыҟаӡам“.

3 Абас иҳәоит Амчра зегь знапаҿы иҟоу Аҳ Иегова:

„Абар Израиль иҟало:

Ақалақь аҟынтә еибашьра ицаз зықьҩык рҟынтә шәҩык аанхоит,

Шәҩык рҟынтә — жәаҩык“.

4 Иегова израильаа абас реиҳәоит:

„Шәхынҳәы сара сахь, убасҟан шәыԥсы ҭазаауеит.

 5 Вефи́льҟа ацара шәаҟәыҵ*,

Гилга́лҟа шәымцалан, Бее́р-Ше́вагьы амԥан шәықәымлан,

Избанзар Гилга́л тҟәаны иргоит,

Вефи́ль аҟынтә иаанхо ҳәагьы акгьы ҟалаӡом*.

 6 Шәхынҳәы Иегова иахь, убасҟан шәыԥсы ҭазаауеит,

Мамзар амца еиԥш Иосиф ихылҵқәаз ықәихуеит.

Иара Вефи́ль амца аиркуеит, уи амца аӡәгьы изырцәаӡом.

 7 Шәара аиашара иашоу аҳаскьын* иеиԥшышәтәуеит,

Адгьылгьы иқәшәыжьуеит.

 8 Иара Ким* аеҵәақәеи Кеси́ль* аеҵәақәеи ишеит,

Алашьцара еиқәаҵәа ашьыжьтәи лашараны иҟаиҵоит,

Амш аҵх еиԥш ирлашьцоит,

Амшынӡы еизигоит, адгьыл иқәиҭәарц азы.

Иара Иегова ихьӡуп.

 9 Иара иӷәӷәоу ҭаирхоит,

Ахырӷәӷәарҭақәа ԥыххааса иқәиҵоит.

10 Шәара ақалақь агәашә аԥхьа шәахьиашам шәазҳәо шәцәымӷуп,

Аиаша шәазҳәо баны шәықәгылаӡом.

11 Иӷару адгьыл ахә* ахьыдшәыршәо азы,

Ачарыц мчыла иахьрымышәхуа азы

Ицәу хаҳәла ишәыргылаз аҩнқәа рҿы шәынхалаӡом,

Еиҭашәҳаз зеиԥшыҟам аӡахәаҭра ишәнаҭо аҩы шәыжәлаӡом.

12 Избанзар сара издыруеит шәыцәгьоурақәа* шаҟа ирацәоу,

Шәыгәнаҳа шаҟа иӷәӷәоу:

Шәара ауаа иашақәа шәыргәаҟуеит,

Аҵарҭыша* жәгоит,

Ақалақь агәашә аԥхьа иӷару рзинқәа рымышәхуеит.

13 Усҟан аилкаара змоу ҿиҭӡом,

Избанзар уи аамҭа арыцҳара иаамҭахоит.

14 Ацәгьара аҟаҵара акәымкәа, абзиара аҟаҵара шәашьҭаз,

Убасҟан шәыԥсы ҭазаауеит.

Усҟан ар Рынцәа Иегова дшәыцзаауеит,

Шәара ишышьақәшәырӷәӷәо еиԥш.

15 Ацәгьара шәцәымӷыз, абзиара бзиа ижәбала,

Ақалақьқәа ргәашә аҿы аиашара ҟалааит.

Усҟан иҟалап ар Рынцәа Иегова

Иосиф ихылҵқәаз рҟынтә иаанхаз дырзыразхар“.

16 Убри аҟынтә абас иҳәоит ар Рынцәа Иегова,

Абас иҳәоит Иегова:

„Ақалақь ашҭақәа зегьы рҿы аҵәыуабжь галоит,

Амҩадуқәа рҿы амыткәма рҳәалоит: ,Изакә рыцҳароузеи ҳзықәшәаз! Изакә рыцҳароузеи!’

Адгьыл иқәаарыхуа аџьабаразы иаарыԥхьоит,

Аҵәыуацәагьы — иҵәыуаларц азы“.

17 „Аӡахәаҭрақәа зегь рҿы аҵәыуабжь галоит,

Избанзар сара сшәылагьежьуеит“, — иҳәоит Иегова.

18 „Изакә рыцҳароузеи ирзыԥшу Иегова имш ааир зҭаху!

Шәыззыԥшузеи Иегова имш аҟынтә?

Уи лашьцарахоит, лашарахаӡом.

19 Уи аҽны дара алым иацәыбналаз, аха амшә згәыдлаз иҩызахоит,

Иара аҩны дыҩналаны инапы аҭӡамц ианадиргыло, амаҭ ицҳауеит.

20 Иегова имш лашьцарахоит, лашарахаӡом.

Уи лашарак ахьумбо лашьцараны иҟалоит.

21 Сара шәныҳәақәа сзычҳаӡом, исцәымӷуп,

Аизара дуқәа рҿы исызнажәго акәырбанқәа рыфҩы схы сыхнахуеит.

22 Ижәбылуа акәырбанқәа зегь сызнажәгаргьы,

Сара урҭ сдыргәырӷьаӡом.

Инажәго аҭынчратә кәырбанқәа — иԥсылоу ашьтәақәа — сыдыскылаӡом.

23 Зыбжьы цәгьоу шәашәақәа сышәмырҳан.

Шәрахәыцтә рҳәагақәа ирхылҵуа абжьы саҳалар сҭахӡам.

24 Аиашара аӡы еиԥш ахьхьаҳәа илеилааит,

Иаанымгылаӡакәа илеиуа арҩаш иаҩызазааит.

25 Израиль ихылҵқәаз, сара соума 40 шықәса

Акәырбанқәеи аҳамҭақәеи зызнажәгоз?

26 Уажәшьҭа шәара шәаҳ Сакку́ти Каива́ни* шәыманы шәцар акәхоит —

Шәнапала иҟашәҵаз аеҵәа-нцәахәы асахьақәа.

27 Шәара Дамаск шәахыганы, шәытҟәаны хара шәыргоит“, — иҳәоит Иегова зыхьӡу ар Рынцәа».

6 «Изакә рыцҳароузеи ирзыԥшу Сион аҿы згәы ҭынчу,

Сама́риа ашьхаҿы акгьы ҳахьӡом ҳәа згәы иаанаго,

Зегь ирылукаауа ажәлар руаа дуқәа,

Израиль ацхыраара иаҳәарц азы захь ицо!

 2 Ка́лнеҟа шәца,

Уантәи Ха́мат Дуҟа шәца,

Нас филисти́маа ахьынхо Гатҟа шәцаны шәахәаԥш.

Урҭ арҭ аҳрақәа* раасҭа еиӷьума,

Рыдгьылқәа шәара шәтәқәа раасҭа еиҳаума?

 3 Шәара арыцҳара амш шәазхәыцыр шәҭахӡам,

Ақәымчрагьы аҳра ашәыруеит*.

 4 Шәара асланбҩала ирԥшӡоу аиарҭақәа рҿы шәышьҭоуп, шәҽеиҵыхны адиуанқәа шәрықәиоуп,

Зегь иреиӷьу аҭыӷьқәеи иԥсылоу аҳәарақәеи* шәфоит.

 5 Аҩымаа* арҳәаны ашәақәа аԥышәҵоит,

Давид иеиԥш амузыкатә инструментқәа шәхәыцуеит,

 6 Аҵәца дуқәа рыла аҩы шәжәуеит,

Зегь иреиӷьу ахәшақәа шәхьышәшьуеит,

Иосиф ирыцҳара хьаас ишәымаӡам.

 7 Убри аҟынтә шәара зегь раԥхьа шәытҟәаны шәыргоит,

Афара-ажәрагьы аҵыхәтәа ԥҵәоит.

 8 Ар Рынцәа Иегова ус иҳәоит: „Амчра зегь знапаҿы иҟоу Аҳ Иегова ихы данықәуеит:

,Сара Иаков иԥагьара сцәымӷуп,

Ихырӷәӷәарҭақәа сзычҳаӡом.

Ақалақьи уа иҟоу зегьи аӷацәа ирысҭоит.

9 Ҩнык аҿы жәаҩык аанхар, урҭгьы ԥсуеит. 10 Рҭынха* дааиуеит, идәылганы иблырц азы. Иара урҭ рыԥсыбаҩқәа аҩны идәылигоит, нас аҩныҵҟатәи ауадақәа рҿы иҟоу диазҵаауеит: ,Аӡәыр дынхама уаҳа?‘ Иара иҳәоит: ,Мамоу‘. Нас егьи ус иеиҳәоит: ,Ҿумҭын! Уажәы Иегова ихьӡ аҳәара иаамҭаӡам‘.

11 Иегова адҵа ҟаиҵоит,

Усҟан аҩн ду еилабгоит,

Аҩн хәыҷы еилаҳауеит.

12 Аҽқәа ыҩуа ацаҟьақәа ирҿалома?

Уа ацәқәа рыла ицәаӷәома?

Шәара ауаа русқәа ииашаны рыӡбара аҭыԥан ишәыргәаҟуеит, шәымчра ашҳам иаҩызоуп,

Аиашара иашоу аҳаскьын* иеиԥшышәтәуеит.

13 Шәара акгьы иаԥсам шәеигәырӷьоит,

,Ҳамчра ала акәӡами ҳшаиааиз*?‘ — ҳәагьы шәҳәоит.

14 Убри аҟынтә, израильаа, сара ажәлар шәҿасыргылоит, — иҳәоит ар Рынцәа Иегова, —

Урҭ Лево́-Ха́мат* инаркны арха Ара́ванӡа шәықәцаланы шәрымазаауеит‘“».

7 Абар Амчра зегь знапаҿы иҟоу Аҳ Иегова абараҿы исирбаз. Иара аҵыхәтәаны иларҵаз* анаа, асаранча ааишьҭит. Уи аҳ изы аҭәа андырхыз ашьҭахь акәын. 2 Асаранча аҵиаақәа зегь анафа, ус сҳәеит: «Амчра зегь знапаҿы иҟоу Аҳ Иегова, суҳәоит, ужәлар рыгәнаҳа ранажь! Иаков ихылҵшьҭра еиқәхашьас иамои? Урҭ усгьы имаҷуп!»

3 Усҟан Иегова иӡбара иԥсахит*. «Уи аҩыза ҟалаӡом», — иҳәеит Иегова.

4 Абар Амчра зегь знапаҿы иҟоу Аҳ Иегова абараҿы исирбаз. Амчра зегь знапаҿы иҟоу Аҳ Иегова иҳәеит адгьыл мцала ишахьырхәхо. Амца аӡы ҵаулақәа ҭанарбеит, дгьылк ықәнахит. 5 Усҟан сара исҳәеит: «Амчра зегь знапаҿы иҟоу Аҳ Иегова, суҳәоит, иҟаумҵан уи аҩыза! Иаков ихылҵшьҭра еиқәхашьас иамои? Уи усгьы иԥсыҽуп!»

6 Усҟан Иегова иӡбара иԥсахит*. «Уи аҩызагьы ҟалаӡом», — иҳәеит Амчра зегь знапаҿы иҟоу Аҳ Иегова.

7 Абар иара абараҿы исирбаз. Иегова ашәагала иргылаз аҭӡамц дықәгылан, инапаҿы ашәага икын. 8 Иегова дсазҵааит: «Иубои, Амо́с?» — «Ашәага», — сҳәеит сара. Усҟан Иегова иҳәеит: «Сара сыжәлар, Израиль, ашәагала игәасҭоит, рыгәнаҳақәагьы уаҳа иранасыжьлаӡом. 9 Исаак иԥшьаҭыԥқәа ҭацәуеит, Израиль иныхақәа дырбгоит, аҳәа сыманы Иеровоа́м иҩнаҭа сақәлоит».

10 Вефи́ль иатәыз аԥшьаҩы Ама́циа израильтәи аҳ Иеровоа́м абас изынаицҳаит: «Амо́с Израиль агәҭан цәгьарак узиурц игәы иҭеикит. Ажәлар ииҳәо уаҳа ирзычҳаӡом. 11 Абар Амо́с ииҳәо: „Иеровоа́м аҳәа дҭанархоит, израильаа рыдгьыл аҟынтә итҟәаны иргоит“».

12 Нас Ама́циа Амо́с ус иеиҳәеит: «Уца наҟ, аԥааимбар, Иудеиаҟа уҩны уца. Уа учахә рҳала*, убра уԥааимбарла. 13 Вефи́ль уаҳа умԥааимбарлан, избанзар ара аҳ иԥшьаҭыԥи аҳра зегь аныҳәарҭеи* ыҟоуп».

14 Усҟан Амо́с Ама́циа ус иеиҳәеит: «Сара сԥааимбарӡамызт, сабгьы дԥааимбарӡамызт. Сара ауасақәа сааӡон, асикоморҵла* иҿалоз ашәыр ҿысхуан. 15 Аха Иегова ауасақәа санрыцыз дсыԥхьеит. Иегова абас сеиҳәеит: „Уцаны, сыжәлар, израильаа, урзыԥааимбарла“. 16 Уажәшьҭа Иегова ииҳәо уазыӡырҩы: „Уара иуҳәоит: ,Израиль иҽеимкәа уазымԥааимбарлан, Исаак ихылҵқәазгьы ишрықәыӡбахо умҳәалан‘. 17 Убри аҟынтә абас иҳәоит Иегова: ,Уԥҳәыс ақалақь аҿы дкаҳԥхоит, уҷкәынцәеи уԥҳацәеи аҳәа иҭанархоит, удгьыл ашәага шашәала иршоит, уара ухаҭа ицқьам адгьыл аҿы уԥсуеит. Израильаа ракәзар, рыдгьыл аҟынтә итҟәаны иргоит‘“».

8 Амчра зегь знапаҿы иҟоу Аҳ Иегова абараҿы аԥхынтәи ашәыр* зҭаз акаҵкәыр сирбеит. 2 Иара ус дсазҵааит: «Иубои, Амо́с?» Сара исҳәеит: «Аԥхынтәи ашәыр зҭоу акаҵкәыр». Усҟан Иегова ус сеиҳәеит: «Сыжәлар, Израиль, аҵыхәтәа* ааит. Сара уаҳа урҭ рыгәнаҳа ранасыжьӡом. 3 „Уи аҽны аныҳәарҭаҿы ашәаҳәара аҭыԥан иҵәыуалоит, — иҳәоит Амчра зегь знапаҿы иҟоу Аҳ Иегова. — Зехьынџьара аԥсыбаҩқәа кажьзаалоит. Ҭынчрахааит!“

 4 Шәӡырҩы иӷару зыргәаҟуа зегьы,

Ари адгьыл аҿы аҟәымшәышәқәа ықәызхуа зегьы,

 5 Изҳәо: „Ианбаиасуеи амзаҿа аныҳәа, ачарыц* ҳҭиларц азы?

Ианбанҵәо асабша, ачарыц ак аҭнаҳхырц азы?

Усҟан ае́фа* ҳармаҷуеит,

Аше́кель* иацаҳҵоит,

Амц зҳәо акапангала амц ҳҳәалоит.

 6 Усҟан акгьы змам раӡныла дааҳхәоит,

Иӷару ҩ-сандалеимаак ҳәа дааҳхәоит,

Акгьы иаԥсам ачарыц* ҳҭиуеит“.

 7 Иаков ихьӡ-иԥша, Иегова, ихы данықәны иҳәеит:

„Ахаан урҭ русқәа схашҭӡом.

 8 Уи адгьыл* архыџхыџлоит,

Уа иқәынхо зегь гәырҩалоит.

Адгьыл Нил еиԥш ишьҭыҵуеит,

Египеттәи Нил еиԥш иацлалоит, иагхалоит“.

 9 „Уи аҽны, — иҳәоит Амчра зегь знапаҿы иҟоу Аҳ Иегова, —

Сара амра шьыбжьон иҭашәартә иҟасҵоит,

Аҽнышьыбжьон илашьцоит.

10 Сара шәныҳәақәа ҵәыуараны иҟасҵоит,

Шәашәақәа — уазашәаны.

Шәуаҭәақәа аџьабарамаҭәа* акәсыршоит, шәхы пашӡа иҟасҵоит.

Усҟан аԥазаҵә дшырҵәыуо еиԥш шәҵәыуалоит.

Шаҟа игәыҿкаагахозеи уи амш аҵыхәтәа“.

11 „Иааиуеит амшқәа, — иҳәоит Амчра зегь знапаҿы иҟоу Аҳ Иегова, —

Адгьыл аҿы амлакра аныҟасҵо,

Аха ауаа акрыфареи аӡыжәреи акәӡам изызгәаҟло,

Иегова иажәақәа роуп.

12 Дара гьало мшынк аҟынтә даҽа мшынк ахь амҩа иқәзаалоит,

Аҩадантәи мрагыларахь ицалоит,

Иегова иажәақәа рыԥшаарц азы ихрааӡраауа иқәзаалоит, аха ирзыԥшааӡом.

13 Уи аҽны убла хызкуа аҭыԥҳацәа ԥшӡақәеи аҷкәынцәеи

Аӡба иԥсны, рымч рылӡааны икаҳалоит.

14 Сама́риа агәнаҳала иқәны изҳәо:

,Унцәа имаҿоуп, Дан!’

Насгьы ,Бее́р-Ше́ваҟа ицо амҩа иамаҿоуп!‘ —

Каҳауеит, уаҳагьы изгылаӡом“».

9 Сара акәырбаннагарҭа иахагылаз Иегова дызбеит. Иара иҳәеит: «Агәашьақәа рхы уас, рышьаҭақәа ҵысырц азы. Рыхқәа хҵәа, иаанхаз аҳәала исшьуеит. Аӡәгьы дыҩны дцаӡом, аӡәгьы дзеиқәхаӡом.

 2 Анышә* жны ицәыҵаларгьы,

Снапы рыхьӡоит,

Ажәҩан ахь ихаларгьы,

Иалырбганы икасыжьуеит.

 3 Карми́л ақәцәан рҽырҵәахыргьы,

Иԥшааны искуеит.

Амшын аҵаҿы рҽырҵәахыргьы,

Амаҭ убра ирыцҳарц дҵас иасҭоит.

 4 Аӷацәа итҟәаны иргаргьы,

Убра аҳәала иршьырц адҵа ҟасҵоит.

Срыцклаԥшлоит абзиара акәымкәа, ацәгьара рзызурц азы.

 5 Амчра зегь знапаҿы иҟоу Аҳ Иегова, ар Рынцәа адгьыл* дакьысуеит,

Уи хыџхыџуеит, уа иқәынхо зегь џьабоит.

Иара Нил еиԥш ишьҭыҵуеит,

Египеттәи Нил еиԥш илаҟәуеит.

 6 „Иара ажәҩан аҿы амардуан аиҭеит,

Адгьыл аханы ахыб ҟаиҵеит.

Иара амшынӡы еизигоит,

Адгьыл иқәиҭәарц азы,

Иара Иегова ихьӡуп“.

 7 „Израильаа, шәара сара сзы ку́шаа шәреиԥшӡами? — иҳәоит Иегова. —

Сара сакәӡами Израиль Египет иалызгаз,

Филисти́маа Крит иалызгаз, сириаа Кир иалызгаз?“

 8 „Амчра зегь знапаҿы иҟоу Аҳ Иегова агәнаҳа иаҵоу аҳра дахәаԥшуеит,

Иара уи адгьыл аҟынтә иқәихуеит.

Аха сара Иаков ихылҵқәаз зегь ықәысхӡом, — иҳәоит Иегова. —

 9 Сара Израиль ԥсаҟьаны ажәларқәа ирыларҵарц адҵа ҟасҵоит,

Алыхәҭа ишкылырхуа еиԥш икылырхырц,

Хаҳә хәыҷыкгьы адгьыл ахь икамшәарц азы.

10 Сыжәлар рҿы агәнаҳа ҟазҵоз зегьы аҳәа иҭанархоит,

,Арыцҳара ҳара ҳахь иааиӡом, ҳара иҳахьӡаӡом’ зҳәо зегьы“.

11 „Уи аҽны сара еилабганы ишьҭоу Давид иҩны* шьҭысхуеит,

Акылҳарақәа сшәаҳауеит, еилабганы ишьҭоу еиҭашьақәсыргылоит.

Сара уи ҿыц исыргылоит, ажәытәан ишыҟаз еиԥш иҟалоит,

12 Сыжәлар иаанхаз едо́маа рымпыҵадырхаларц азы,

Сыхьӡ зху ажәларқәа зегьы“, — иҳәоит убас ҟазҵо Иегова.

13 „Иааиуеит амшқәа, — иҳәоит Иегова, —

Анхаҩы амхы ҭеигалаанӡа ацәаӷәаҩ даннеиуа,

Ажь зхәо далгаанӡа илазҵо даннеиуа.

Ашьхақәа рҟынтә аҩы хыҽҽаны ицалоит,

Уи ахәқәа* зегьы рҟынтә илеилоит.

14 Сыжәлар, израильаа, атҟәара аҟынтә исырхынҳәуеит,

Дара еилабганы ишьҭоу ақалақьқәа еиҭашьақәдыргылоит, уа иагьынхалоит,

Аӡахәаҭрақәа еиҭарҳалоит, аҩгьы ржәлоит,

Абаҳчақәа ҟарҵоит, ашәыргьы рфалоит“.

15 „Сара урҭ рыԥсадгьыл аҿы рдацқәа сышьҭуеит,

Ирысҭаз адгьыл аҟынтәгьы урҭ аӡәгьы изыҵхӡом“, —

Иҳәоит Унцәа Иегова».

Ма «Теко́а ауасақәа зааӡоз».

Иаанагоит «аидара», ма «аидара зго».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «аҳратә лабашьа зкугьы».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «аҳратә лабашьа зкугьы».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «акьыр алнахырц азы».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «аӡбаҩ».

Ма «имҩақәҵара».

Ажәытәан аӡәы уалла ак анигоз, иуал ирхынҳәаанӡа амаҭәа ма даҽакы имырхуан.

Ма «рныҳәарҭа».

Ма «ачаԥшь».

Ма «ахыци ахәымпали рыла ихысуа».

Мамзаргьы иҟалап «уи ахьырԥшыга аҿамзар».

Ма «имаӡа».

Ма «дамасктәи».

Ма «аҿагыларақәа».

Мамзаргьы иҟалап «имаҷымкәа аҩнқәа».

Ма «зыԥшәмацәа».

Ма «аҿагылара».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ахаԥыц цқьақәа шәысҭон».

Ма «ахәаԥеи». Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Аԥакәа».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «Вефиль шәашьҭамлан».

Мамзаргьы иҟалап «Вефиль ицәгьоу ак акәны иҟалоит».

Аполынь.

Иҟалап Ацәҵыс аеҵәақәа рҿы Плеиада аеҵәақәа ракәзар.

Иҟалап Орион аеҵәақәа ракәзар.

Ма «адгьыл азы ашәахтә».

Ма «шәҿагыларақәа».

Ма «аҿымҭразы аԥара».

Иҟалап Сакку́ти Каива́ни апланета Сатурн даҽа хьыӡқәак ракәзар, уи нцәахәык еиԥш иамҵахырхәон.

Излаҳбо ала зыӡбахә цо иудеиатәи аҳреи израильтәи аҳреи ракәзар ҟалап.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «аҭыԥ ашәҭоит».

Ма «ацәҵысқәеи».

Ма «арахәыцтә рҳәага».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «иаб иашьа».

Аполынь.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «атәыҩақәа злаҳгаз».

Ма «Ха́мат аҭаларҭа».

Ианвар-февраль азы.

Ма «дахьхәит».

Ма «дахьхәит».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ача ыфала».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «аҩни».

Асикоморҵла иҿало ашәыр алаҳа иеиԥшуп.

Иҟалап зыӡбахә цо алаҳа ма афиник акәзар.

Ажәахәмарроуп, ауриатә ажәақәа гакке́ци («аҵыхәтәа») ка́иици («аԥхынтәи ашәыр») даараӡа еиԥшуп.

Ма «ачаԥшь».

Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

Ма «ачарыц ацәа».

Ма «атәыла».

Шәахәаԥш Ажәар.

Ауриатә ажәа шео́л. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Анышә; анышәынҭра».

Ма «атәыла».

Ма «иқьала».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ахәқәа зегьы ӡыҭуеит».

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2026)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • Аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2026 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра