Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • nwt Иоиль 1:1—3:21
  • Иоиль

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Иоиль
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Иоиль

ИОИЛЬ

1 Иегова Петуи́л иԥа Иои́ль* ила ииҳәаз:

 2 «Шәӡырҩла, ажәлар реиҳабацәа,

Шәлымҳа кыдҵаны шәӡырҩла, адгьыл иқәынхо зегьы,

Шәара шәхаан ма шәабацәа рхаан

Абри аҩыза ҟалахьазма?

 3 Шәхәыҷқәа уи атәы рзеиҭашәҳәа,

Даргьы рхәыҷқәа ирзеиҭарҳәааит,

Урҭгьы иааиуа абиԥарақәа ирзеиҭарҳәарц азы.

 4 Зыԥсы қымқымуа асаранча иацәынхаз асаранча ду иафеит,

Асаранча ду иацәынхаз асаранча ҿа иафеит,

Асаранча ҿа иацәынхаз зегь ықәрыцқьааны изфо асаранча иафеит.

 5 Шәҿыха, аҩыжәцәа, шәҵәыуала!

Шәқьызқьызуа шәҵәыуала, ажәра бзиа избо,

Избанзар ишәжәыша аҩы уаҳа ыҟаӡам.

 6 Избанзар сыдгьыл амч ду змоу, хыԥхьаӡара змам ажәлар ду ақәлеит.

Урҭ рхаԥыцқәа алым ахаԥыцқәа иреиԥшуп, рыцламҳәа алым ацламҳәа иеиԥшуп.

 7 Дара сӡахәа ықәырхит, слаҳаҵла ашьапы заҵәык аанрыжьит,

Дара урҭ цәдырҳәын, икарыжьит,

Амахәҭақәа ацәа рымамкәа иаанхеит.

 8 Уҵәыуала, аӡӷаб* аџьабарамаҭәа* лышәҵаны

Дзыццараны иҟаз* дшылҵәыуо еиԥш.

 9 Иегова иҩнаҿы кәырбанс инарго ачеи аҩи ыҟаӡам.

Аԥшьаҩцәа, Иегова имаҵзуҩцәа, гәырҩоит.

10 Амхы ҭацәит, адгьыл гәырҩоит,

Избанзар ачарыц* ыҟаӡам, ахәша нҵәеит, аҩгьы уаҳа иҟаӡам*.

11 Адгьыл иқәаарыхуа иҟарҵара рыздыруам, аӡахәааӡаҩцәа ҵәыуоит,

Избанзар ачарыци ачаԥшьи ыҟаӡам,

Амхаҿы аҽаҩра ықәӡааит.

12 Аӡахәа ҩеит,

Алаҳа канӡеит.

Амыҵмыџь, апальма, аҵәа —

Ҵлас иҟаз зегь ҩеит.

Ажәлар агәырӷьара рцәыӡит.

13 Аџьабарамаҭәа шәышәҵаны* шәџьабала*, аԥшьаҩцәа.

Шәҵәыуала, акәырбаннагарҭаҿы амаҵ зуа.

Аныҳәарҭахь шәнеи, аҵх аџьабарамаҭәа шышәшәу ишәхыжәга, Сынцәа имаҵзуҩцәа,

Избанзар Сынцәа иҩнаҿы кәырбанс инарго ачеи аҩи ыҟаӡам.

14 Ауаа чгаларц рылашәҳәа, аизара еизыжәга.

Ажәлар реиҳабацәеи ари адгьыл иқәынхо ауаа зегьи Шәынцәа Иегова иҩнаҿы еизыжәга,

Иегова ацхырааразы шәиҳәала.

15 Закә мшы ҿаасҭахозеи уи!

Иегова имш ааигәоуп,

Уи аҽны Зегьзымчу ақәӡаара ааигоит!

16 Ҳала ишабоз ҳафатә ықәырхит,

Ҳала ишабоз Ҳанцәа иҩны агәырӷьареи аччареи ҩныӡааит.

17 Ажәлақәа* анышә илабааит*,

Аҵәахырҭақәа ҭацәуп.

Ацақәа рбгоуп, избанзар ачарыц ыҟаӡам.

18 Арахә ӷызуеит!

Ажәқәа еиԥхьытта аҳәырҭақәа ирышьҭоуп.

Ауасақәа гәаҟуеит.

19 Уара уахь ауп Иегова схы ахьсырхало,

Избанзар амца акаршәрақәа рҿы аҳәырҭақәа аблит,

Аҵлақәа зегь ықәнахит.

20 Агыгшәыгқәаҵәҟьагьы уцхыраара иазыԥшуп,

Избанзар аӡқәа ҭабеит,

Акаршәрақәа рҿы амца аҳәырҭақәа аблит.

2 Сион аҿы абыкь абжьы шәырга!

Иԥшьоу сышьхаҿы аибашьра шалагаз шәҳәа.

Адгьыл иқәынхо ауаа зегь шәаӡыӡалааит,

Избанзар Иегова имш ааира иаҿуп! Уи амш ааигәоуп!

 2 Уи амш алашьцара еиқәаҵәа иамшуп,

Аԥҭа еиқәаҵәақәа ирымшуп.

Уи амш ашьхақәа ирықәло ашьыжьтәи ашәаԥшь иаҩызоуп.

Иҟоуп амч змоу ажәлар ду,

Уи аҩыза уаанӡа иҟамызт,

Уаҳа ахаан иагьыҟалом.

 3 Урҭ рҿаԥхьа иҟоу — амца иабылуеит,

Рышьҭахь иҟоу — амцаԥшь иқәнахуеит.

Урҭ раԥхьа адгьыл Еде́мтәи абаҳча иеиԥшуп,

Рышьҭахь — уи аԥсҭазаара ахьыҟам ацәҳәыра иеиԥшуп,

Акгьы еиқәхаӡом.

 4 Дара аҽқәа иреиԥшуп,

Аҽыҩқәа реиԥш иҩуеит.

 5 Урҭ ирхылҵуа абжьы — ашьхақәа рықәцәан иаҿаланы инеиуа аҽыуардынқәа рышьҭыбжь иеиԥшуп,

Аҭәа аҿҿаҳәа избылуа амца абжьы иеиԥшуп.

Урҭ аибашьра иазхиоу, амч ду змоу ажәлар иреиԥшуп.

 6 Урҭ рҿаԥхьа ажәларқәа ақыџьқыџьра иалагоит,

Зегьы рыԥсы рхыгга ицәышхоит.

 7 Дара ар реиԥш ижәылоит,

Аруаа реиԥш аҭӡамц икыдлоит.

Зегьы ишиашоу ицоит,

Аӡәгьы ацәаҳәа дахыҵӡом.

 8 Аӡәи-аӡәи еигәҭасӡом,

Зегьы ԥхьаҟа ицоит.

Аӡәы ахы дканажьыргьы,

Егьырҭ ацәаҳәа ианыҵӡом.

 9 Дара ақалақь иалалоит, аҭӡамц икыдлоит,

Аҩнқәа рахь ихалоит, аӷьыч иеиԥш аԥенџьырқәа иркылсуеит.

10 Урҭ рҿаԥхьа адгьыл ҵысуеит, ажәҩан хыџхыџуеит.

Амреи амзеи еиқәаҵәахоит,

Аеҵәақәа рышеишеира рцәыӡуеит.

11 Иегова ибжьы рдуны ир мҩақәиҵоит, избанзар ир ԥхьаӡашьак амам.

Зажәа* назыгӡо дыӷәӷәоуп.

Иегова имш мыш дууп, уаршәаӡыӡоит*.

Иацәынхар зылшода уи?»

12 «Аха макьана шәхынҳәыр шәылшоит, — иҳәоит Иегова. — Убри аҟынтә гәыкала шәхынҳәы сара сахь,

Шәычгала, шәҵәыуала, шәқьызқьызуа шәҵәыуала.

13 Шәымаҭәа акәымкәа, шәыгәқәа еиҟәыжәжәала!

Анцәа Иегова иахь шәхынҳәы,

Избанзар иара игәы ҳалалуп*, арыцҳашьареи ачҳареи илоуп, гәыбылрала иҭәу абзиабара ааирԥшуеит,

Иара иӡбара иԥсахуеит*, убри аҟынтә арыцҳара шәақәиршәаӡом.

14 Издыруада дахьхәны иӡбара иԥсахыр?

Издыруада дышәзылԥхар*,

Ачеи аҩи кәырбанс Шәынцәа Иегова ишәызизнагар?

15 Сион аҿы абыкь шәас!

Ауаа чгаларц рылашәҳәа. Аизара еизыжәга.

16 Ажәлар еизыжәга. Еизаз шәыԥшьа.

Абыргцәеи*, ахәыҷқәеи, агәыԥҳәы иаҵоу асабицәеи еизыжәга.

Аԥҳәыс даазго аҷкәын ауада ддәылҵааит, аҭацагьы амҳара дыҩныҵааит.

17 Аныҳәарҭа аҩналарҭеи акәырбаннагарҭеи рыбжьара

Аԥшьаҩцәа, Иегова имаҵзуҩцәа, ҵәыуо, абас рҳәалааит:

„Ужәлар рыцҳашьа, Иегова,

Ччархәс ишьҭырхыртә иҟаумҵан,

Егьырҭ ажәларқәа рхагылар умун,

‚Дабаҟоу Рынцәа‘ ҳәа рымҳәаларц азы“.

18 Усҟан Иегова идгьыл игәы шазыбылуа ааирԥшуеит,

Ижәлар рыцҳаишьоит.

19 Иегова ижәлар ус реиҳәоит:

„Сара ачарыци, аҩи, ахәшеи шәзынасышьҭуеит,

Еснагь шәгәы ҭәызаалоит.

Уаҳа ажәларқәа рҿаԥхьа шәсырԥхашьаӡом.

20 Сара аҩадантәи иааз дыԥхасҵоит,

Дықәцаны, уаҩ дахьнымхо, иҩоу адгьыл ахь дсышьҭуеит,

Аԥхьа игылоу ир мрагыларатәи амшын* ахь икасцоит,

Ашьҭахь игылоу ир ықәцаны, мраҭашәаратәи амшын* ахь исышьҭуеит.

Иара абаафҩы ихылҵуеит,

Ифҩы ҵысуеит.

Анцәа аус дуқәа ҟаиҵоит“.

21 Умшәан адгьыл!

Угәырӷьала, Иегова аус дуқәа ахьыҟаиҵо уеигәырӷьала!

22 Шәымшәан агыгшәыгқәа!

Ацәҳәыраҿы аҳәырҭақәа иаҵәахоит,

Аҵлақәа ашәыр рҿалоит,

Алаҳаи ажьи бзианы иҟалоит.

23 Сион аԥацәа, шәгәырӷьала, Шәынцәа Иегова иҟаиҵо шәеигәырӷьала!

Уи ҭагалан ақәақәа шәзылаишьҭуеит,

Ақәаршҩы шәзаируеит,

Уаанӡа еиԥш ҭагалани ааԥыни ақәа шәзылаишьҭуеит.

24 Ачарыц ахьырҭәаҭәо аҭыԥ аҿы ачарыц рацәахоит,

Ажьхәарҭа аҩы азымкуа, амаслинахәарҭа ахәша азымкуа, ипеипеиуа иҭәуеит.

25 Шәара шәахь инасышьҭуаз сыр ду —

Зыԥсы қымқымуа асаранчеи, асаранча дуи, асаранча ҿеи, зегь ықәрыцқьааны изфо асаранчеи —

Зегь анырфоз ашықәсқәа раан ишәцәыӡыз шәызсырхынҳәуеит.

26 Шәара шәызхара шәфалоит,

Шәынцәа Иегова ихьӡ шәырҽхәалоит,

Аџьашьахәқәа шәзыҟазҵаз Шәынцәа.

Сыжәлар уаҳа ахаан ахьымӡӷ ргаӡом.

27 Усҟан ижәдыруеит израильаа сышрыцу,

Насгьы сара Шәынцәа Иегова шсакәу, уаҳа даҽа нцәак дыҟаӡам!

Сыжәлар уаҳа ахаан ахьымӡӷ ргаӡом.

28 Уи ашьҭахь сара ауаа зегь сдоуҳа рысҭоит*.

Шәыҷкәынцәеи шәыӡӷабцәеи ԥааимбарлоит,

Шәыҭаҳмадацәа аԥхыӡқәа рбалоит,

Шәырԥарцәа абарақәа роулоит.

29 Урҭ амшқәа раан

Сара амаҵуцәагьы сдоуҳа рысҭоит*, ахацәагьы, аҳәсагьы.

30 Сара ажәҩан аҿи адгьыл аҿи аџьашьахәқәа* ҟасҵоит:

Ашьа, амца, алҩаҵә.

31 Узыршәаӡыӡо* Иегова имш ду анааиуа аламҭалазы

Амра еиқәаҵәахоит, амзагьы ашьа еиԥш иҟаԥшьхоит.

32 Иегова ихьӡ ҳәаны иҳәо деиқәхоит,

Избанзар Сион ашьхаҿи Иерусалими, Иегова ишиҳәаз еиԥш, еиқәхаз ҟалоит —

Зыԥсы ҭаны иаанхаз, Иегова иааиԥхьо.

3 Урҭ амшқәа раан, уи аамҭазы,

Иудеиеи Иерусалими рҟынтә итҟәаны иргаз ансырхынҳәуа аамҭазы,

 2 Сара ажәларқәа зегь еизганы

Иосафа́т* ирхахь иназгоит.

Уа сара урҭ Израиль иазыруз азы срықәыӡбоит —

Сыжәлар, лымкаала сыззыҟоу смазара — иазыруз азы.

Избанзар дара сыжәлар ажәларқәа иԥсаҟьаны ирыларҵеит,

Сыдгьыл еиҩшаны иргеит.

 3 Дара сыжәлар еиҩыршарц азы аҵәы ҭарыԥсон*,

Аҷкәын дырҭиуан, акаҳԥы даархәарц азы,

Аӡӷаб аҩы даҭнырыԥсахлон.

 4 Абас шәышԥасызныҟәеи, ишԥажәгәаӷьи,

Тири Сидо́ни, шәаргьы, филистимтәи аҳаблақәа?

Ишәзызуи? Изакәазы шәшьа жәуеи?

Шәшьа жәуазар,

Сара иаразнак шәусқәа аарҳәны шәхы иҭасырԥоит.

 5 Шәара сраӡни схьи жәгеит,

Схазынақәа шәныҳәарҭақәа рахь инажәгеит,

 6 Иудеиеи Иерусалими инхоз абырзенцәа идшәыраахәеит,

Иахьиз-иахьааӡаз аҭыԥқәа рҟынтә иқәыжәгарц азы.

 7 Сара урҭ иахьышәҭииз аҟынтә иаазгоит,

Шәусқәа аарҳәны шәхы иҭасырԥоит.

 8 Сара шәыҷкәынцәеи шәыԥҳацәеи Иудеиа инхо идсыраахәоит,

Дара урҭ Ше́ва инхо, хара инхо ажәлар, иддыраахәоит,

Избанзар убас иҳәеит Иегова.

 9 Ажәларқәа абас рылашәҳәа:

„Аибашьра шәҽазыҟашәҵа! Ахацәа ӷәӷәақәа еизыжәга!

Аибашьцәа рҽеизганы идәықәлааит!

10 Акәаҭанқәа аҳәақәа рылышәх, амаганақәа аԥсақәа рылышәх.

Амч змам сыӷәӷәоуп иҳәааит.

11 Ааигәа-сигәа инхо ажәларқәа шәеицхыраа, шәеиза“».

Иегова, уеибашьцәа уахь инаг.

12 «Урҭ ажәларқәа рҽеизганы, Иосафа́т ирхахь инеиааит,

Уа сара стәаны, ааигәа-сигәа инхо ажәларқәа рус сыӡбалоит.

13 Амаганақәа шьҭышәх, избанзар аҽаҩра ҟалеит.

Ажьхәара шәылбаа, избанзар ажьхәарҭа ҭәит.

Аҩы хыҽҽаны ицоит, избанзар ирацәоуп ажәларқәа рус цәгьақәа.

14 Жәларык ауаа, жәларык ауаа аӡбара архаҿы иҟоуп,

Иааигәахоит Иегова имш аӡбара архаҿы.

15 Амреи амзеи еиқәаҵәахоит,

Аеҵәақәа рышеишеира рцәыӡуеит.

16 Алым аӷыӷбжьы еиԥш Сионынтәи Иегова иӷыӷбжьы гоит,

Ибжьы Иерусалимынтәи иааҩуеит.

Ажәҩани адгьыли хыџхыџуеит,

Аха Иегова ижәлар рзы дхыҵакырҭахоит,

Израиль азы дбаагәарахоит.

17 Усҟан шәара еилышәкаауеит сара Шәынцәа Иегова шсакәу, Сион инхо, иԥшьоу сышьхаҿы инхо Шәынцәа.

Иерусалим иԥшьоу ҭыԥхоит,

Атәымтәылауаагьы уи уаҳа иалалаӡом.

18 Уи аҽны ашьхақәа рҟынтә аҩы хыҽҽо илеиуеит,

Ахәқәа рҟынтә ахш аауеит,

Иудеиатәи аӡқәа духоит.

Иегова иҩны аҟынтә аӡыхь леиуеит,

Уи Шитти́м* арха арԥсаҳәалоит.

19 Египет ҭацәуеит,

Едо́м уаҩ дахьнымхо цәҳәырахоит,

Урҭ Иудеиа акгьы зхарам ауаа ршьа ахькарҭәаз азы,

Уа инхоз рахь рыцҳашьарак ахьаадмырԥшуаз азы.

20 Аха Иудеиа еснагь инхо ҟалоит,

Иерусалимгьы еснагь ауаа нхалоит.

21 Сара урҭ ашьа ахькарҭәаз азы ирыду ахара рхысхуеит,

Сара, Иегова, Сион сынхалоит».

Иаанагоит «Иегова Дынцәоуп».

Ма «аԥҳәыс қәыԥш».

Шәахәаԥш Ажәар.

Ма «лхаҵа».

Ма «ачаԥшь».

Ма «аҩгьы ҭабеит».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «шәԥырашәҳәа».

Ма «шәгәы шәасла».

Мамзаргьы иҟалап «алаҳарҩа».

Ма «абаҳа аҵаҟа иԥхасҭахеит».

Мамзаргьы иҟалап «иажәа».

Ма «аҳаҭырқәҵара зныԥшуа ашәара узцәырнагоит».

Ма «игәы ҭбаауп».

Ма «дахьхәуеит».

Аҽаҩроуп зыӡбахә цо.

Ма «аиҳабацәеи».

Иԥсу амшын.

Адгьылбжьаратәи амшын.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «рықәысҭәоит».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «рықәысҭәоит».

Ма «адыргақәа».

Ма «аҳаҭырқәҵара зныԥшуа ашәара узцәырызго».

Иаанагоит «Иегова Дыӡбаҩуп».

Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Аҵәы аҭаԥсара».

Иаанагоит «алакациа, ақәыцҵла».

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2026)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • Аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2026 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра