Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • nwt Даниил 1:1—12:13
  • Даниил

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Даниил
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Даниил

ДАНИИЛ

1 Иудеиа аҳ Иоаки́м аҳра аниуаз ахԥатәи ашықәс азы, вавилонтәи аҳ Навуходоно́сор Иерусалим игарц амацәаз иҭеикит. 2 Иегова иудеиатәи аҳ Иоаки́м Навуходоно́сор дииҭеит, иара убас ииҭеит Анцәа ду иныҳәарҭа иҩназ амаҭәарқәа рыхәҭак. Навуходоно́сор урҭ сеннаартәи адгьыл ахь* иган, инцәа иныҳәарҭаҿы иҟаз ахазынаҭра иҭеиҵеит.

3 Анаҩс аҳ иаҳҭынраҿы зегьы ирхагылаз имаҵуҩы Ашпена́з иеиҳәеит израильаа ԥыҭҩык изнеигарц, аҳцәеи ауаа дуқәеи рышьҭра иатәқәаз уахь иналаҵаны. 4 Урҭ гра змамыз, ԥшралеи сахьалеи еиҿкааз, аҟәыӷареи, адыррақәеи, аилкаареи змаз, аҳ иаҳҭынраҿы амаҵ аура зылшоз арԥарцәа* ракәзар ахәҭан. Ашпена́з урҭ халде́иаа рбызшәала аԥхьашьеи аҩышьеи дирҵар акәын. 5 Уи адагьы, аҳ урҭ арԥарцәа истол аҟынтә есыҽны афатәи аҩи рырҭаларц адҵа ҟаиҵеит. Дара аҳҭынраҿы амаҵ аура иалагаанӡа хышықәса иазыҟаҵалатәын*.

6 Урҭ ирылан Даниили*, Хана́ниеи*, Мисаи́ли*, Аза́риеи*. Дара Иуда ишьҭра иатәын. 7 Аҳҭынраҿы амаҵуцәа зегьы ирхагылаз урҭ даҽа хьыӡқәак* риҭеит. Даниил ихьӡиҵеит Белтешацца́р, Хана́ниа — Шадра́х, Мисаи́л — Меша́х, Аза́риа — Аведне́го.

8 Аха Даниил аҳ истол аҟынтә ирырҭоз афатәи аҩи иҽаимырҟьашьырц иӡбеит. Убри аҟынтә иара аҳҭынраҿы амаҵуцәа зегьы ирхагылаз диҳәон дызҟьашьыр алшоз афатә имфаларц азин ирҭарц. 9 Анцәа ду аҳҭынраҿы амаҵуцәа зегьы ирхагылаз Даниил дизыразхарц, насгьы дрыцҳаишьарц игәазҭеиҵеит. 10 Иара Даниил ус иеиҳәеит: «Сара саҳ сицәшәоит, иара иоуп ишәфалаша-ижәжәлаша зыӡбаз. Иҟасҵои аҳ шәықәлацәа реиԥш шәҟацаӡа шәшыҟам ибар? Аҳ уи сара исхароу џьишьоит». 11 Усҟан Даниил уи Хана́ниеи, Мисаи́ли, Аза́риеи иареи ирхаиргылаз ахылаԥшҩы ус иеиҳәеит: 12 «Суҳәоит, умаҵуцәа ԥышәа. Жәамш рыҩныҵҟа ауҭраҭыхи аӡи ҳарҭалааит, 13 нас аҳ истол аҟынтә акрызфо арԥарцәеи ҳареи ҳаиҿырԥш. Уи ашьҭахь умаҵуцәа ирзууша уӡбап».

14 Ахылаԥшҩы Даниил ииҳәаз дақәшаҳаҭхеит. Иара урҭ жәамш рыҩныҵҟа иԥишәон. 15 Жәамш рышьҭахь дара аҳ истол аҟынтә акрызфоз арԥарцәа зегь раасҭа еиӷьын, рымчгьы еиҳа иҭан. 16 Убри аҟынтә урҭ ирхылаԥшуаз аҳ истол аҟынтә ирырҭоз афатәи аҩи рҭыԥан, анаҩсгьы ауҭраҭых риҭон. 17 Анцәа дугьы урҭ арԥарцәа рыԥшьҩык аҟәыӷареи адырреи риҭеит, иара убас еиуеиԥшым аҩырақәа реилкаара рылшо иҟаиҵеит. Даниил иакәзар, еиуеиԥшым абарақәагьы аԥхыӡқәагьы реилкаара илшон.

18 Аҳ иалихыз аамҭа анааи, аҳҭынраҿы амаҵуцәа зегьы ирхагылаз урҭ арԥарцәа Навуходоно́сор иахь инеигеит. 19 Аҳ урҭ драцәажәеит, аха арԥарцәа зегь рыбжьара Даниили, Хана́ниеи, Мисаи́ли, Аза́риеи ирыцназгоз аӡәгьы дыҟаӡамызт. Дара аҳ иҿы амаҵ аура иалагеит. 20 Аҳ урҭ аҟәыӷареи аилкаареи рыда иузеилмыргоз аусқәа ирыдҳәалаз азҵаарақәа анриҭоз, ибон дара иаҳраҿы иҟаз аныхаԥааҩцәеи анашанаҟаҵаҩцәеи зегь раасҭа жәантә ишеиӷьыз. 21 Даниил уа дыҟан аҳ Кир аҳра аура даналага актәи ашықәс аҟынӡа.

2 Навуходоно́сор аҳра аниуаз аҩбатәи ашықәс азы, агәҭынчымра ӷәӷәа изцәырызгаз аԥхыӡқәа ибеит, аухагьы уаҳа дызмыцәеит. 2 Усҟан аҳ аныхаԥааҩцәеи, анашанаҟаҵаҩцәеи, амагиа знапы алакызи, аԥшцәеи* иԥхыӡқәа изеиҭарҳәарц азы ирыԥхьарц адҵа ҟаиҵеит. Даргьы ааин, аҳ иҿаԥхьа инагылеит. 3 Аҳ урҭ ус реиҳәеит: «Сара агәҭынчымра сызцәырызгаз аԥхыӡ збеит. Избаз еилыскаар сҭахуп». 4 Аԥшцәа аҳ арамеи бызшәала* ус иарҳәеит: «О, ҳаҳ, наӡаӡа унхалааит! Ирзеиҭаҳәа умаҵуцәа уԥхыӡ, усҟан ҳара уи иаанаго узеиҭаҳҳәоит».

5 Аҳ аԥшцәа ус реиҳәеит: «Сара исыӡбеит: сыԥхыӡ сзеиҭашәымҳәар, иаҵанакуагьы сашәымҳәар, шәеихырссаны шәықәырҵоит, шәыҩнқәагьы ашьышьмаҭрақәа* рылырхуеит. 6 Сыԥхыӡ сзеиҭашәҳәар, иаанагогьы сеилшәыркаар, аҳамҭа дуқәа шәысҭоит, ахьӡ-аԥшагьы шәанасшьоит. Исзеиҭашәҳәа сыԥхыӡ, ҵакыс иамоугьы сашәҳәа».

7 Дара аҳ еиҭах ус иарҳәеит: «Аҳ имаҵуцәа иԥхыӡ рзеиҭеиҳәааит, усҟан ҳара уи иаанаго узеиҭаҳҳәоит».

8 Аҳ урҭ ус реиҳәеит: «Излазбо ала, аамҭа жәгарц шәаҿуп, избанзар исыӡбаз жәдыруеит. 9 Сыԥхыӡ сзеиҭашәымҳәар, шәыззегьы ишәзыԥшу акоуп. Сгәаанагара сыԥсахуеит ҳәа шәгәыӷны сжьара, сыргаӡара шәаҿуп. Исзеиҭашәҳәа сыԥхыӡ, усҟан еилыскаауеит уи аҵакы аилкаарагьы шшәылшо».

10 Аԥшцәа аҳ ус иарҳәеит: «Адунеи аҿы дыҟаӡам аҳ иҳәара анагӡара зылшо ауаҩы. Аҳакгьы, напхгаҩыкгьы ахаан аныхаԥааҩи, анашанаҟаҵаҩи, аԥшҩи абри аҩыза ҟарҵарц дырмыҳәаӡацызт. 11 Аҳ ииҭаху аҟаҵара цәгьоуп, анцәақәа рыда уи зылшо аӡәгьы дыҟаӡам, аха урҭ ԥсра зқәу ауаа ирыланхаӡом».

12 Аҳ дааилашәан, вавилонтәи аҟәыӷацәа зегьы ршьырц адҵа ҟаиҵеит. 13 Аҳ иусԥҟа анҭыҵ, аҟәыӷацәагьы рышьраны ианыҟаз, Даниилгьы иҩызцәагьы ирышьҭалеит, урҭгьы ршьырц азы.

14 Усҟан Даниил иажәақәа раӡо, вавилонтәи аҟәыӷацәа рышьра ицоз аҳ ихьчаҩцәа реиҳабы Арио́х диацәажәеит. 15 Иара уи ус диазҵааит: «Избан аҳ абри аҩыза аусԥҟа заԥиҵаз?» Усҟан Арио́х иҟалаз зегьы Даниил изеиҭеиҳәеит. 16 Даниил уи анеиликаа, аҳ иахь дцан, аԥхыӡ иаанаго изеиҭеиҳәарц азы аамҭа ииҭарц диҳәеит.

17 Уи ашьҭахь Даниил аҩныҟа дцан, иҩызцәа — Хана́ниеи, Мисаи́ли, Аза́риеи — зегь рзеиҭеиҳәеит. 18 Даниил урҭ дрыҳәеит ажәҩан Анцәа ирыцҳаишьарц, насгьы уи амаӡа рзааиртырц азы иҳәаларц, иҩызцәеи иареи вавилонтәи аҟәыӷацәа ирыдкыланы ирымшьырц азы.

19 Ауха Анцәа уи амаӡа Даниил изааиртит. Усҟан Даниил ажәҩан Анцәа дҳареикит. 20 Иара иҳәеит:

«Анцәа ихьӡ наӡаӡа иҳарарклааит,

Избанзар аҟәыӷареи амчи змоу иара заҵәык иоуп.

21 Иара аамҭеи аҿҳәареи иԥсахуеит,

Аҳцәа ахиҳәоит, иагьахаиргылоит,

Иҟәышу аҟәыӷара риҭоит, аилкаара змоугьы — адыррақәа.

22 Иара иҵаулоу, иҵәаху ааиртуеит,

Алашьцараҿы иҟоу идыруеит,

Алашара иара ицынхоит.

23 Сабацәа Рынцәа, сара иҭабуп ҳәа уасҳәоит, уагьыҳараскуеит,

Избанзар уара аҟәыӷареи амчи суҭеит.

Уара ҳзызуҳәоз сеилуркааит,

Аҳ игәы иҵхо ҳзаауртит».

24 Нас Даниил аҳ вавилонтәи аҟәыӷацәа рышьра знапы ианиҵаз Арио́х иахь днеин, ус иеиҳәеит: «Аҟәыӷацәа рҟынтә аӡәгьы думшьын. Аҳ иахь сга, сара уи иԥхыӡ иаанаго изеиҭасҳәоит».

25 Арио́х иаразнак Даниил аҳ иахь днеиган, ус иҳәеит: «Сара иахыганы иааҳгаз аиудеиаа рыбжьара аҳ иԥхыӡ изеиҭазҳәар зылшо ауаҩы дсыԥшааит». 26 Аҳ Белтешацца́р ҳәагьы хьӡыс измаз Даниил ус диазҵааит: «Уара избаз аԥхыӡ сзеиҭаҳәара, иаанагогьы сеилыркаара улшаҵәҟьома?» 27 Даниил аҳ ус иеиҳәеит: «Аҟәыӷацәеи, анашанаҟаҵаҩцәеи, аныхаԥааҩцәеи, астрологцәеи рыбжьара аҳ дзызҵаауа амаӡа аазыртыр зылшо ҳәа аӡәгьы дыҟаӡам. 28 Аха ажәҩан аҿы дыҟоуп амаӡақәа аазыртуа Анцәа. Иара аҳ Навуходоно́сор аҵыхәтәантәи амшқәа рзы иҟало изааиртит. Абар уара уиарҭаҿы уанышьҭаз иубаз аԥхыӡи абарақәеи.

29 Аҳ, уара уиарҭаҿы уанышьҭаз, ухәыцрақәа аԥхьаҟа иҟалараны иҟоу ахь ургеит, усҟан амаӡақәа Аазыртуа иҟалараны иҟоу узааиртит. 30 Сара уи амаӡа зысзаатыз зегь раасҭа сахьҟәышу азы акәӡам. Уи зысзаатыз аҳ иԥхыӡ иаанаго иеилсыркаарц, насгьы уаныцәаз иузцәырҵыз ахәыцрақәа узеиҭасҳәарц азоуп.

31 Уара, аҳ, абаҟа дуӡӡа убеит. Уи еилаарцыруа уҿаԥхьаҵәҟьа игылан, аԥшрагьы уцәа уҭанарӡыӡартә иҟан. 32 Абаҟа ахы ахьы цқьа иалхын, агәышԥи анапқәеи — араӡны, амгәеи ауаҭәақәеи — абҩа, 33 ашьапқәа — аиха, ашьаргәыҵақәа — аихеи анышәаԥшьи. 34 Уара абаҟа уахьынӡахәаԥшуаз, ашьха ауаҩы инапы аламкьысӡакәа ахаҳә аҿыҩрын, аихеи анышәаԥшьи ирылхыз ашьаргәыҵақәа ираахеит, иԥыххаасагьы иқәнаҵеит. 35 Усҟан аихеи, анышәаԥшьи, абҩеи, араӡни, ахьи ԥыххааса ицан, аԥхын ачарыц ахьырҭәаҭәо иаанхо ацәа иаҩызахеит, аԥшагьы урҭ ыҟаӡамызшәа иаман ицеит. Абаҟа иаахаз ахаҳә акәзар, шьха дуны иҟалеит. Уи адгьыл зегь ықәнарҭәааит.

36 Абри ауп аҳ ԥхыӡс иибаз. Уажәы ҳара уи иаанаго изеиҭаҳҳәоит. 37 Уара, аҳ, аҳцәа ураҳуп. Ажәҩан Анцәа уара аҳреи, амчра дуи, амчи, ахьӡ-аԥшеи уиҭеит. 38 Иара иуиҭеит адунеи иқәу ауаа, иуиҭеит агыгшәыгқәагьы аԥсаатәқәагьы. Иара урҭ зегьы напхгаҩыс урхаиргылеит. Ахьы иалху ахы — уара уоуп.

39 Уара ушьҭахь даҽа аҳрак цәырҵуеит, аха уи уаҳра иузадкыло иҟалом. Анаҩс ахԥатәи аҳра цәырҵуеит — абҩа иалху, уи адунеи зегь напхгара азнаулоит.

40 Аԥшьбатәи аҳра аиха еиԥш иӷәӷәахоит. Аиха зегь ԥыххааса ишықәнаҵо, ихәашхәаша ишаго еиԥш, иаргьы урҭ аҳрақәа зегьы ԥыххааса, ихәашхәаша иагоит.

41 Уара иубеит ашьаргәыҵақәеи ашьацәкьарақәеи анышәаԥшьи аихеи ишрылхыз. Убасеиԥш уи аҳрагьы еиҩшахоит, аха џьара-џьара аиха еиԥш иӷәӷәазаауеит, избанзар уара иубеит аиха анышәаԥшь тата шалаз. 42 Ашьацәкьарақәа џьара-џьара аиха, џьара-џьара анышәаԥшь ишалхыз еиԥш уи аҳрагьы џьара-џьара иӷәӷәазаауеит, џьара-џьара иԥсыҽзаауеит. 43 Уара иубеит аиха анышәаԥшь тата шалаз, убасеиԥш даргьы ауааи дареи еилаԥсазаауеит. Аха урҭ аӡәкны изыҟалаӡом, аихеи анышәаԥшьи шзеиламло еиԥш.

44 Убарҭ аҳцәа рымшқәа раан ажәҩан Анцәа ишьақәиргылоит аҳра. Уи аҳра ахаан аӡәгьы иқәигаӡом, даҽа жәларкгьы ирыҭахаӡом. Уи аҳра урҭ аҳрақәа зегь ықәнахуеит, рҵыхәтәагьы ԥнаҵәоит, иара заҵәык наӡаӡа иҟазаауеит, 45 избанзар уара иубеит ашьха ауаҩы инапы аламкьысӡакәа ахаҳә шаҿыҩрыз, насгьы аихеи, абҩеи, анышәаԥшьи, араӡни, ахьи ԥыххааса ишықәнаҵаз. Анцәа Ду иҟалараны иҟоу аҳ изааиртит. Ари аԥхыӡ хымԥада инаӡоит, аҵакгьы агәра угартә иҟоуп».

46 Усҟан аҳ Навуходоно́сор Даниил иҿаԥхьа дшьамхышгыланы диеихырхәеит, убасалагьы дҳареикит. Иара уи аҳамҭа изааргарц, ихьӡалагьы афимиам рыблырц адҵа ҟаиҵеит. 47 Аҳ Даниил ус иеиҳәеит: «Ииашаҵәҟьаны, Шәынцәа анцәақәа Дрынцәоуп, аҳцәа Ирықәиҭу иоуп. Иара иоуп амаӡақәа аазыртуа, избанзар иара ибзоуралоуп уара ари амаӡа шаауртыз». 48 Уи ашьҭахь аҳ Даниил дҳареикит, зыхә ҳаракыз аҳамҭақәагьы рацәаны ииҭеит. Иара уи вавилонтәи апровинциа зегь дахаиргылеит, иара убас вавилонтәи аҟәыӷацәа зегь ирхагылақәаз дреиҳабны дҟаиҵеит. 49 Даниил иҟаиҵаз аҳәарала аҳ Шадра́хи, Меша́хи, Аведне́гои вавилонтәи апровинциа аусқәа рнапы ианиҵеит. Даниил иакәзар, аҳҭынраҿы амаҵ иуан.

3 Аҳ Навуходоно́сор ахьы иалхны абаҟа* ҟаиҵеит. Уи аура 60 мышьхәылҵ* иҟан, аҭбаара — 6 мышьхәылҵк*. Иара уи вавилонтәи апровинциаҿы Деи́р акаршәраҿы иргылеит. 2 Анаҩс аҳ Навуходоно́сор иргылаз абаҟа аартра аныҳәа азгәаҭаразы асатрапцәеи*, урҭ рыцхырааҩцәеи, анапхгаҩцәеи, абжьгаҩцәеи, аԥараҵәахырҭақәа реиҳабацәеи, аӡбаҩцәеи, апровинциақәа рҿы ауаа русқәа зыӡбози, апровинциақәа ирхагылаз зегьи еизыргарц адҵа ҟаиҵеит.

3 Асатрапцәеи, асатрапцәа рыцхырааҩцәеи, анапхгаҩцәеи, абжьгаҩцәеи, аԥараҵәахырҭақәа реиҳабацәеи, аӡбаҩцәеи, апровинциақәа рҿы ауаа русқәа зыӡбози, апровинциақәа ирхагылаз зегьи аҳ Навуходоно́сор иргылаз абаҟа аартра аныҳәа азгәаҭаразы еизан, абаҟа аҿаԥхьа игылеит. 4 Усҟан аҳ ицҳаражәҳәаҩ еизаз зегьы ибжьы рдуны ирылеиҳәеит: «Шәара, милаҭла еиԥшым, еиуеиԥшым абызшәақәа рыла ицәажәо ауаа, абри аҩыза адҵа шәыҭоуп: 5 абыкьи, аҿарпыни, ацитреи, аҩымааи, алиреи, аволынкеи, егьырҭ арҳәагақәеи рыбжьы аншәаҳалак, аҳ Навуходоно́сор ахьы иалхны иргылаз абаҟа шәшьамхышгыланы шәеихырхәароуп. 6 Ишьамхышгыланы иамеихырхәаз, иаразнак амца қьоуқьад ахьеилашуа аԥечка дҭарыжьуеит». 7 Убри аҟынтә милаҭла еиԥшымыз, еиуеиԥшым абызшәақәа рыла ицәажәоз ауаа абыкьи, аҿарпыни, ацитреи, аҩымааи, алиреи, егьырҭ арҳәагақәеи рыбжьы анраҳа, ишьамхышгылан, аҳ Навуходоно́сор ахьы иалхны иргылаз абаҟа иеихырхәеит.

8 Усҟан халде́иаа рҟынтә шьоукы аҳ иахь инеин, ауриацәа ахара рыдырҵо* иалагеит. 9 Дара аҳ Навуходоно́сор ус иарҳәеит: «Ҳаҳ, наӡаӡа унхалааит! 10 Аҳ, уара иуҳәеит абыкьи, аҿарпыни, ацитреи, аҩымааи, алиреи, аволынкеи, егьырҭ арҳәагақәеи рыбжьы заҳаз дарбанзаалак дшьамхышгыланы ахьтәы баҟа деихырхәароуп ҳәа, 11 дамеихырхәар, амца қьоуқьад ахьеилашуа аԥечка дҭарыжьроуп ҳәа. 12 Аха вавилонтәи апровинциа иахаургылаз ауриацәа — Шадра́хи, Меша́хи, Аведне́гои — уҳәатәы хьаас ирымаӡам, аҳ. Дара унцәақәа рымаҵ руӡом, ахьы иалхны иургылаз абаҟагьы иеихырхәаӡом».

13 Навуходоно́сор дааицрашәан, Шадра́хи, Меша́хи, Аведне́гои ааргарц адҵа ҟаиҵеит. Даргьы аҳ иахь иааргеит. 14 Навуходоно́сор урҭ ус реиҳәеит: «Шадра́х, Меша́х, Аведне́го, шәара сынцәақәа рымаҵ жәуӡом, ахьы иалхны исыргылаз абаҟагьы шәеихырхәаӡом ҳәа ирҳәо иашоума? 15 Уажәшьҭа шәысзыӡырҩы: абыкьи, аҿарпыни, ацитреи, аҩымааи, алиреи, аволынкеи, егьырҭ арҳәагақәеи рыбжьы аншәаҳалак, шәшьамхышгыланы исыргылаз абаҟа шәеихырхәар, ибзиоуп, шәамеихырхәар, иаразнак амца қьоуқьад ахьеилашуа аԥечка шәҭарыжьуеит. Усҟан сара сҟынтә шәзыхьчо дарбан нцәоу сымбари!»

16 Шадра́хи, Меша́хи, Аведне́гои аҳ ус иарҳәеит: «О, Навуходоно́сор, иуаҳҳәо ҳәа акгьы ыҟам. 17 Амца қьоуқьад ахьеилашуа аԥечка ҳҭарыжьыргьы, зымаҵ ҳуа Ҳанцәа ҳаиқәырхара илшоит, уаргьы ҳауцәихьчоит, аҳ. 18 Аха ҳаиқәимырхаргьы, иудыруаз, аҳ, ҳара унцәақәа рымаҵ шаҳмуло, иургылаз ахьтәы баҟагьы ҳшамеихырхәало».

19 Убасҟан Навуходоно́сор Шадра́хи, Меша́хи, Аведне́гои игәы рзыԥжәан, ихы-иҿы ааиԥсахит*. Иара аԥечка абжьааԥны аасҭа бжьынтә еиҳаны амца ҭарҵарц реиҳәеит. 20 Нас аруаа ирыдиҵеит Шадра́хи, Меша́хи, Аведне́гои ҿаҳәаны амца қьоуқьад ахьеилашуа аԥечка иҭарыжьырц.

21 Усҟан урҭ ҿаҳәаны, рымаҭәақәа шыршәыз, рхылԥақәа шырхаз амца қьоуқьад ахьеилашуаз аԥечка иҭарыжьит. 22 Аҳ идҵа даараӡа иџьбаран азы аԥечка убриаҟара иӷәӷәаны амца ҭарҵеит, Шадра́хи, Меша́хи, Аведне́гои уахь иҭазыжьуаз амцабз иаблын иԥсит. 23 Шадра́хи, Меша́хи, Аведне́гои ракәзар, рыхҩыкгьы амца қьоуқьад ахьеилашуаз аԥечка иҭаҳаит.

24 Усҟан аҳ Навуходоно́сор дшәаны дҩаҵҟьан, иабжьгаҩцәа ус дразҵааит: «Хҩык ракәӡами иҿаҳәаны амца иалаҳажьыз?» Дара ирҳәеит: «Ус ауп, ҳаҳ». 25 Иара иҳәеит: «Сара ԥшьҩык збоит. Урҭ ҿаҳәаӡам, еибга-еизҩыда амца иалаланы инеиааиуеит, аԥшьбатәи иакәзар, анцәақәа рԥа диеиԥшуп».

26 Навуходоно́сор амца қьоуқьад ахьеилашуаз аԥечка ашә днадгылан, ҿааиҭит: «Шадра́х, Меша́х, Аведне́го, Хыхь иҟоу Анцәа Ду имаҵзуҩцәа, шәҭыҵны, арахь шәааи!» Усҟан Шадра́хи, Меша́хи, Аведне́гои амца иалҵит. 27 Уа иҟаз асатрапцәеи, урҭ рыцхырааҩцәеи, анапхгаҩцәеи, аҳ иабжьгаҩцәеи ирбеит амца урҭ ԥырхага шырнамҭаз. Дара рыхцәхәыцгьы мбылӡеит, рымаҭәақәа шыҟац иҟан, абылфҩыҵәҟьагьы рхышәшәаӡомызт.

28 Навуходоно́сор ус иҳәеит: «Зегьы Шадра́хи, Меша́хи, Аведне́гои Рынцәа дҳарарклааит! Иара амаалықь даашьҭны иқәгәыӷуаз имаҵзуҩцәа еиқәирхеит. Дара аҳ иҳәатәы иацымныҟәаӡеит, избанзар Рынцәа ида даҽа нцәак имаҵ аура, имҵахырхәара аасҭа аԥсра еиҳа еиӷьыршьеит. 29 Убри аҟынтә сара абри аҩыза аусԥҟа аԥысҵоит: Шадра́хи, Меша́хи, Аведне́гои Рынцәа иҽеим акы изызҳәо дарбанзаалак, дызмилаҭзаалакгьы, дызлацәажәо иарбан бызшәазаалакгьы, деихырссаны дықәырҵоит, иҩнгьы ашьышьмаҭра* алырхуеит, избанзар ари Анцәа иеиԥш даҽа нцәак абас имаҵзуҩцәа реиқәырхара илшом».

30 Аҳ Шадра́хи, Меша́хи, Аведне́гои вавилонтәи апровинциаҿы аҭыԥ дуқәа риҭеит.

4 «Аҳ Навуходоно́сор иҟынтә милаҭла еиԥшым, еиуеиԥшым абызшәақәа рыла ицәажәо, адгьыл иқәынхо ажәларқәа рахь. Аҭынчра шәыгымзааит! 2 Сара ишәзеиҭасҳәар сҭахуп Хыхь иҟоу Анцәа Ду исзыҟаиҵаз узыршанхо аусқәеи аџьашьахәқәеи. 3 Шаҟа иссирузеи узыршанхо иусқәеи иџьашьахәқәеи! Иара Иаҳра наӡаӡа иҟоу аҳроуп, инапхгарагьы еснагь иҟазаауеит.

4 Сара, Навуходоно́сор, ҭынч сынхон, саҳҭынра ахьеизҳазыӷьозгьы сеигәырӷьон. 5 Аха ҽнак зны аԥхыӡ бааԥс збеит. Сиарҭаҿы санышьҭаз, сзыршәаз асахьақәеи абарақәеи збеит. 6 Убри аҟынтә вавилонтәи аҟәыӷацәа зегьы сыԥхыӡ иаанаго сзеиҭарҳәарц азы срыԥхьеит.

7 Сара сахь иааит аныхаԥааҩцәеи, анашанаҟаҵаҩцәеи, аԥшцәеи*, астрологцәеи. Сара урҭ избаз аԥхыӡ рзеиҭасҳәеит, аха дара уи иаанагоз рзымҳәаӡеит. 8 Аҵыхәтәаны Белтешацца́р ҳәагьы зарҳәо, иԥшьоу анцәақәа рымч змоу Даниил дааит. Иара уи ахьӡ сынцәа иаҳаҭыр азы иҭан. Сара уи сыԥхыӡ изеиҭасҳәеит:

9 „Аныхаԥааҩцәа ирхагылоу, Белтешацца́р, сара ибзианы издыруеит уара иԥшьоу анцәақәа рымч шумоу, насгьы иузаамыртуа маӡакгьы шыҟам. Убри аҟынтә исзеиҭаҳәа ԥхыӡла избаз абарақәа ҵакыс ирымоу.

10 Сара избеит адгьыл агәҭаны игылаз, уаҩ иимбац аҵла ду. 11 Уи аҵла духеит, иӷәӷәахеит, ақәцәгьы ажәҩан аҟынӡа инаӡеит, адгьыл аҵыхәантәгьы иубарҭан. 12 Уи абӷьы еилачны иҟан, зегьы ирызхаша ашәыр ҿан, уи аҵла амҵан агыгшәыгқәа зегьы ашәшьыра иашьҭан, амахәқәа рҿы аԥсаатә нхон, иҿалоз ашәыр ԥсы зхоу зегьы ирфон.

13 Нас ԥхыӡла* избеит ажәҩан аҟынтә аҷаԥшьаҩ, иԥшьоу ацҳаражәҳәаҩ, дшылбаауаз. 14 Иара ибжьы ҭыганы ус ҿааиҭит: ‚Ихышәҵәа аҵла, амахәқәа кашәырҿҿа, абыӷьқәа ҿшәыршәшәа, иҿоу ашәыргьы еиԥхьыртта икашәыжь! Иаҵатәоу агыгшәыгқәа наҟ ибналааит, амахәқәа ирықәтәоу аԥсаатәгьы ықәԥрааны ицааит. 15 Аха ахџыџ адацқәа шамоу аихеи абҩеи рыла иԥахны адгьыл аҿы, аҳаскьынраҿы, иааншәыжь. 16 Уи аӡаӡа иарԥсаҳәалааит, насгьы агыгшәыгқәеи иареи аҵиаақәа ирыланхалааит. Уи ауаҩытәыҩса ихшыҩ* ацәыӡааит, уи аҭыԥангьы агыгшәыгқәа рыхшыҩ аиуааит. Убас быжь-аамҭак ииасааит. 17 Уи зҳәаз аҷаԥшьаҩцәа роуп, алаҳәара ҟазҵаз иԥшьоу ацҳаражәҳәаҩцәа роуп, ауаа ирдыруазарц ауаатәыҩса раҳрақәа ирықәиҭу Хыхь иҟоу Анцәа Ду шиакәу, насгьы урҭ изиҭаху ишриҭо. Иара уи ауаа ирылукаауа иҟам ииҭоит‘.

18 Сара, аҳ Навуходоно́сор, ԥхыӡс избаз абри ауп. Уара, Белтешацца́р, уи иаанаго сзеиҭаҳәа, избанзар саҳраҿы иҟоу аҟәыӷацәа зегьы уи аҟаҵара рылшаӡом. Аха уара иулшоит, избанзар уара иԥшьоу анцәақәа рымч умоуп“.

19 Белтешацца́р ҳәагьы хьӡыс измаз Даниил аамҭак аҩныҵҟа ииҳәо изымдыруа, дгачамкны дгылан, ихәыцрақәагьы ддыршәон.

Аҳ иҳәеит: „Белтешацца́р, ари аԥхыӡи уи аҵаки урцәымшәан“.

Белтешацца́р иҳәеит: „Саҳ, ухаҵкы, ари аԥхыӡ узцәымӷу ирымазааит, аҵакгьы уаӷацәа ирызкызааит.

20 Иубаз аҵла, иҳаракны изызҳаз, иӷәӷәахаз, ажәҩан аҟынӡа инаӡаз, адгьыл аҵыхәантә иубарҭаз, 21 зыбӷьы еилачны иҟаз, ашәыр рацәаны изҿаз, зегь афатә рызҭоз, зымҵан агыгшәыгқәа нхоз, зымахәқәа рҿы аԥсаатәқәа ԥхьоз, — 22 уи уара уоуп аҳ. Избанзар уара амчра ду уоуит, уӷәӷәахеит, ухьӡ-уԥша ажәҩан аҟынӡа инаӡеит, умчрагьы адгьыл аҵыхәанӡа ицеит.

23 Нас аҳ ажәҩан аҟынтә илбаауаз аҷаԥшьаҩ, иԥшьоу ацҳаражәҳәаҩ, дибеит. Уи абас иҳәеит: ‚Ихышәҵәа аҵла, наҟ иқәыжәга, аха ахџыџ адацқәа шамоу аихеи абҩеи рыла иԥахны, адгьыл аҿы, аҳаскьынраҿы, иааншәыжь. Быжь-аамҭак ииасаанӡа уи аӡаӡа иарԥсаҳәалааит, агыгшәыгқәеи иареи аҵиаақәа ирыланхалааит‘. 24 Саҳ, уи аԥхыӡ ҵакыс иамоу абри ауп. Уи Хыхь иҟоу Анцәа Ду иузиӡбаз ауп, саҳ ухаҵкы. 25 Уара ауаа урылцахоит, агыгшәыгқәа урыцынхалоит, ацә еиԥш аҳаскьын уҿарҵалоит, аӡаӡа уарбааӡалоит, убас быжь-аамҭак ииасуеит. Убасҟан уара еилукаауеит ауаатәыҩса раҳрақәа зегьы ирықәиҭу Хыхь иҟоу Анцәа Ду шиакәу, насгьы урҭ изиҭаху ишриҭо.

26 Аха ахџыџ адацқәа шамоу иааншәыжь ҳәа рҳәеит азы, уи аҳра еиҭа уара иутәхоит, амчра зегь ажәҩан ишатәу анеилукаалак. 27 Убри аҟынтә, аҳ, иуабжьазго уазыӡырҩы. Угәнаҳақәа ааныжьны, абзиара ҟаҵала, уцәгьоурақәа урҟәаҵны, аӷарцәа рыцҳашьала. Иудыруеи усҟан уеизҳазыӷьо анаҩсгьы ҭынч унхалар“».

28 Аҳ Навуходоно́сор убасҵәҟьа ихьит.

29 Жәаҩамз рышьҭахь аҳ Вавилон иҟаз иаҳҭынра ахыб аҿы днеиааиуан. 30 Иара иҳәеит: «Абар Вавилон ду, сыхьӡ-сыԥша, сымчра зегьы идсырбарц азы сымч-сылшарала исыргылаз саҳҭнықалақь!»

31 Аҳ иажәа ҳәаны далгаанӡа, ажәҩан аҟынтә абас бжьык аагеит: «Аҳ Навуходоно́сор, уара узы иӡбоу абри ауп: „Уара аҳра умххоит, 32 ауаа урылцахоит, агыгшәыгқәа урыцынхалоит, ацә еиԥш аҳаскьын уҿарҵалоит, убас быжь-аамҭак ииасуеит. Убасҟан уара еилукаауеит ауаатәыҩса раҳрақәа зегьы ирықәиҭу Хыхь иҟоу Анцәа Ду шиакәу, иара убас уи изиҭаху ишриҭо“».

33 Убри аминуҭ азгьы урҭ ажәақәа Навуходоно́сор иҿы инаӡеит. Иара ауаа дрылырцеит, ацә еиԥш аҳаскьын афара далагеит, аӡаӡагьы дарбааӡеит, ихцәқәа ирызҳан, ауарбажә ахәы еиԥш ихьыссы иҟалеит, инапхыцқәеи ишьапхыцқәеи аԥсаатә ашьапхыцқәа иреиԥшхеит.

34 «Уи аамҭа анынҵәа, сара, Навуходоно́сор, ажәҩан саҵаԥшит, сыхгьы аҭыԥ аҿы иааит. Убасҟан сара Хыхь иҟоу Анцәа Ду дҳараскит, наӡаӡа инхо — ахьӡ-аԥша исҭеит. Иара инапхгара наӡаӡа иҟоу напхгароуп, иаҳрагьы еснагь иҟазаауеит. 35 Изусҭцәада адгьыл иқәынхо зегьы иара иҿурԥшуазар? Иара жәҩантәи аргьы, адгьыл иқәынхогьы ишиҭаху дрызныҟәоит. Дыҟаӡам иԥырхагахар зылшо аӡәгьы, ма абас иазҳәо: „Иҟауҵо закәи?“

36 Уи аамҭазы схы аҭыԥ аҿы иааит. Сара еиҭах аҳреи, ахьӡ-аԥшеи, амчреи соуит. Сабжьгаҩцәеи ауаа дуқәеи сара сахь ихынҳәит, сара еиҭа саҳра сахагылеит, сыхьӡ-сыԥшеи сымчреи еиҳагьы еиҳахеит.

37 Уажәшьҭа сара, Навуходоно́сор, ажәҩан Аҳ дсырҽхәоит, дҳараскуеит, ахьӡ-аԥшагьы исҭоит, избанзар иҟаиҵо зегь бзиоуп, ииашоуп, иара иԥагьоу рыларҟәрагьы илшоит».

5 Аҳ Валтаса́р* иаҳҭынраҿы иҟаз ауаа дуқәа рзы ачара ду иуит, иара урҭ дрыдтәаланы аҩы ижәуан. 2 Валтаса́р аҩы данашьы, иаб Навуходоно́сор иерусалимтәи аныҳәарҭа аҟынтә иааигаз ахьи араӡни ирылхыз аҵәцақәа ааргарц адҵа ҟаиҵеит. Аҳ иҭаххеит иуаа дуқәеи, иҳәсеи, имаз егьырҭ аҳәсеи иареи урҭ рыла аҩы ржәларц. 3 Усҟан аҳ Иерусалим иҟаз Анцәа иҩны аҟынтә* иаагаз ахьтәы ҵәцақәа изааргеит. Аҳ иуаа дуқәеи, иҳәсеи, имаз егьырҭ аҳәсеи иареи урҭ рыла аҩы ржәуан. 4 Дара аҩы ыжәуа, ахьи, араӡни, абҩеи, аихеи, амҿи, ахаҳәи ирылхыз рынцәахәқәа ҳараркуан.

5 Иаалырҟьаны ауаҩы инапы аацәырҵын, ишьыхны иҟаз аҳ ихан аҭӡамц аҿы, алашарбага авараҿы, аҩра иалагеит, аҳгьы аҭӡамц аҿы аҩра иаҿыз анапы ибон. 6 Аҳ уи аниба, дцәышхеит. Иара убриаҟара дшәеит, ишьапқәа иҵаҟәалеит, ишьамхқәагьы аҵысра иалагеит.

7 Аҳ анашанаҟаҵаҩцәеи, аԥшцәеи*, астрологцәеи сзаажәг ҳәа ибжьы ҭыганы ҿааиҭит. Иара вавилонтәи аҟәыӷацәа ус реиҳәеит: «Абри аҭӡамц иану иаԥхьо, иаанагогьы сзеиҭазҳәо, апурпурԥштәы змоу* амаҭәа ишәырҵоит, ихәда ахьы ахарҵоит, аҳраҿгьы ахԥатәи напхгаҩыс дҟалоит».

8 Аҳ иҟәыӷацәа зегьы иара иахь инеит, аха дара аҭӡамц ианыз изамыԥхьаӡеит, иаанагозгьы рзеиҭамҳәаӡеит. 9 Убасҟан аҳ Валтаса́р еиҳагьы дшәан, дцәышхеит, аҳҭынраҿы иҟаз ауаа дуқәагьы ирҳәо-ируа рзымдыруа иқәхеит.

10 Аҳкәажә аҳи ауаа дуқәеи злацәажәоз анеилылкаа, афара-ажәра ахьыҟаз ауада дыҩналан, ус лҳәеит: «Аҳ, наӡаӡа унхалааит! Узцәышхеи, узыршәеи? Убасҵәҟьа угәы каумыжьын. 11 Уаҳраҿы дыҟоуп иԥшьоу анцәақәа рымч змоу ауаҩы. Уаб ихаан иара адыррақәеи, аилкаареи, анцәақәа ирымоу аҟәыӷара аҩызеи змаз еиԥш деицырдыруан. Уаб, аҳ Навуходоно́сор, уи аныхаԥааҩцәеи, анашанаҟаҵаҩцәеи, аԥшцәеи, астрологцәеи дырхаиргылеит. Уаб убас ҟаиҵеит, саҳ, 12 избанзар уаб Белтешацца́р ҳәа хьӡыс изиҭаз Даниил ихшыҩ ҵарын, иҵаулоу адыррақәа иман, аԥхыӡқәеи ацуфарақәеи рҵакы еиликаауан, иуадаҩыз аусқәагьы еилиргон. Убри аҟынтә Даниил дааргааит, иара аҭӡамц иану иаанаго узеиҭеиҳәоит».

13 Даниил аҳ иахь дааргеит. Аҳ уи ус диазҵааит: «Уара уоума саб Иудеиа иахганы иааигаз ируаӡәку Даниил? 14 Сара исаҳаит уара анцәақәа рымч шумоу, иара убас иҵаулоу адыррақәеи, аилкаареи, зеиԥшыҟам аҟәыӷареи шулоу. 15 Аҟәыӷацәеи анашанаҟаҵаҩцәеи аҭӡамц иану иаԥхьарц, иаанагогьы сзеиҭарҳәарц азы сара сахь иааргеит, аха дара уи рзыҟамҵаӡеит. 16 Сара исаҳаит уара уаҩ изеилымкаауа шеилукаауа, иуадаҩу аусқәагьы реилыргара шулшо. Аҭӡамц иану аҩыра уаԥхьар, иаанагогьы сеилуркаар, апурпурԥштәы змоу амаҭәа ушәырҵоит, ухәда ахьы ахарҵоит, аҳраҿгьы ахԥатәи напхгаҩыс уҟалоит».

17 Даниил аҳ ус иеиҳәеит: «Уҳамҭақәа уара иумаз, исуҭарц иуҭахугьы изуҭаху ирыҭ. Сара аҭӡамц иану аҳ усгьы сизаԥхьоит, иаанагогьы изеиҭасҳәоит. 18 О аҳ, Хыхь иҟоу Анцәа Ду уаб Навуходоно́сор аҳреи, амчреи, ахьӡ-аԥшеи, аҳаҭыри ииҭеит. 19 Анцәа ииҭаз амчра убриаҟара иӷәӷәан, милаҭла еиԥшымыз, еиуеиԥшым абызшәақәа рыла ицәажәоз ауаа иара иҿаԥхьа ишәаӡыӡон. Иара ииҭахыз ишьуан, ииҭахыз аанижьуан, ииҭахыз ҳареикуан, ииҭахыз лаирҟәуан. 20 Аха данԥагьаха, ихы дақәгәыӷцәогьы даналага, иаҳра дахҳәан, ихьӡ-иԥшагьы имхын. 21 Иара ауаа дрылырцеит, агыгшәыгқәа рыхшыҩ* иоуит, абнатә ҽадақәагьы дрыланхон. Уи ацә еиԥш аҳаскьын иҿарҵон, аӡаӡа дарбааӡон, ауаҩытәыҩсатә аҳрақәа зегьы ирықәиҭу Хыхь иҟоу Анцәа Ду шиакәу, насгьы урҭ изиҭаху ишриҭо еиликаанӡа.

22 Аха уара, Навуходоно́сор иԥа Валтаса́р, уи зегь шудыруазгьы, ахынраалара ааумырԥшӡеит. 23 Уара ажәҩан Иақәиҭу уиҿагылеит, иҩны иатәыз аҵәцақәа ааргарцгьы адҵа ҟауҵеит. Уаҳраҿы иҟоу ауаа дуқәеи, уҳәсеи, иумоу егьырҭ аҳәсеи уареи урҭ рыла аҩы ыжәуа, ахьи, араӡни, абҩеи, аихеи, амҿи, ахаҳәи ирылху, акгьы зымбо, акгьы змаҳауа, акгьы ззымдыруа анцәақәа ҳарашәкуан. Аха уара уԥсҭазаареи умҩақәеи знапаҿы иҟоу Анцәа дҳароумкӡеит. 24 Убри азоуп иара иҟынтә ари анапы заашьҭыз, аҭӡамц ианугьы занҵаз. 25 Абар ара иану: „МЕ́НЕ, МЕ́НЕ, ТЕ́КЕЛ, ПА́РСИН“.

26 Арҭ ажәақәа ҵакыс ирымоу абри ауп: МЕ́НЕ — Анцәа уаҳра амшқәа иԥхьаӡеит, аҵыхәтәагьы ԥиҵәеит.

27 ТЕ́КЕЛ — уара капангала укапанын, ушыласызгьы ааԥшит.

28 ПЕ́РЕС — уаҳра еиҩшоуп, уи ми́дааи персааи ирыҭоуп».

29 Усҟан Валтаса́р адҵа ҟаиҵан, Даниил апурпурԥштәы змаз амаҭәа ишәырҵеит, ихәда ахьы ахарҵеит, аҳраҿгьы ахԥатәи напхгаҩыс дшыҟало рыларҳәеит.

30 Уи аухаҵәҟьа халде́иаа раҳ Валтаса́р дшьын. 31 Уи иҭыԥан аҳра аура далагеит 62 шықәса зхыҵуаз ми́даа иреиуаз Да́ри.

6 Да́ри иаҳра зегь 120-ҩык асатрапцәа ахаиргыларц иӡбеит, 2 урҭ хҩык ачынуаа рхаиргылеит. Ачынуаа асатрапцәа рус шынарыгӡо иацклаԥшлар акәын, аҳ аԥхасҭа имоурц азы. Ачынуаа руаӡәк Даниил иакәын. 3 Иара егьырҭ ачынуааи асатрапцәеи дрылукаауан, избанзар зеиԥшыҟам абаҩхатәра илан. Аҳ уи иаҳра зегь дахаиргылар иҭахын.

4 Уи аамҭазы ачынуааи асатрапцәеи Даниил аҳәынҭқарратә усқәа ииашамкәа инаигӡоит ҳәа ахара злаидырҵаша иашьҭан. Аха дара Даниил ахара идырҵартә еиԥш ма иқәыӡбартә еиԥш акгьы рзымԥшааӡеит. Избанзар иара узықәгәыӷыртә иҟаз уаҩын, иҭакԥхықәрақәа ибзианы инаигӡаӡом, ма амц иҳәоит ҳәа ахара узидҵомызт. 5 Убри аҟынтә дара ус рҳәеит: «Ҳара ани Даниил ҳәа иҟоу ихараҳҵаша ҳәа акгьы ҳзыԥшаауам, Инцәа изакәан аҿы ак ҳамԥшаауазар».

6 Усҟан ачынуааи асатрапцәеи рҽеибаркны аҳ иахь инеин, ус рҳәеит: «Аҳ Да́ри, наӡаӡа унхалааит! 7 Аҳҭынраҿы иҟоу ачынуаа зегьы, иара убас асатрапцәеи, урҭ рыцхырааҩцәеи, аҳҭынра иатәу ауаа дуқәеи, анапхгаҩцәеи ааилацәажәан, аҳ абри аҩыза аусԥҟа ҭижьроуп ҳәа рыԥхьаӡеит: 30 мшы рыҩныҵҟа, аҳ, уара уакәымкәа, даҽаӡәы ма даҽа нцәак иҳәо дарбанзаалак алымқәа ахьҭаку ажра дҭарыжьроуп. 8 Убри аҟынтә аҳ, иаԥҵа аусԥҟа, унапгьы аҵаҩ, усҟан ми́дааи персааи рзакәанқәа реиԥш, уи азакәан аԥсахрагьы ҟалаӡом, аԥыхрагьы ҟалаӡом».

9 Аҳ Да́ри уи аусԥҟа инапы аҵеиҩит.

10 Даниил аҳ аусԥҟа инапы шаҵеиҩыз шааиликааҵәҟьаз еиԥш, аҩныҟа дцеит. Хыхьтәи иуадаҿы иҿаз Иерусалимҟа иԥшуаз аԥенџьырқәа аартын. Иара уаанӡа еиԥш мышкахьы хынтә дшьамхышгыланы Инцәа диҳәон, дагьҳареикуан. 11 Урҭ ауаа Даниил Анцәа иҳәара дшаҿыз иҩналан, ирбеит Анцәа дышиҳәоз, дӷьаҵәыӷьаҵәуа иразрагьы дшаҳәоз.

12 Усҟан дара аҳ иахь инеин, иаԥиҵаз аусԥҟа игәаладыршәеит: «Аҳ, уара уакәӡами 30 мшы рыҩныҵҟа уара уакәымкәа, даҽаӡәы ма даҽа нцәак иҳәо дарбанзаалак алымқәа ахьҭаку ажра дҭарыжьроуп ҳәа зҳәо аусԥҟа знапы аҵазҩыз?» Аҳ иҳәеит: «Уи ԥсахра зқәым усԥҟоуп, ми́дааи персааи рзакәан еиԥш, аԥыхрагьы ҟалаӡом». 13 Дара аҳ ус иарҳәеит: «Иудеиантәи иахыганы иааргаз иреиуоу Даниил уаргьы хьаас уимам, аҳ, унапы зҵауҩыз аусԥҟагьы хьаас имам. Иара мышкахьы хынтә Инцәа диҳәоит». 14 Аҳ уи аниаҳа, даараӡа игәы ихьит, иара Даниил дышицхрааша дазхәыцуан, амра ҭашәаанӡагьы деиқәирхарц дашьҭан. 15 Аҵыхәтәаны урҭ ауаа рҽеибаркны аҳ иахь инеин, ус иарҳәеит: «Иухоумыршҭын аҳ, ми́дааи персааи рзакәан инақәыршәаны, аҳ иаԥиҵаз аусԥҟа аԥсахра шыҟамло».

16 Усҟан аҳ адҵа ҟаиҵан, Даниил дганы алымқәа ахьҭакыз ажра дҭарыжьит. Аҳ Даниил ус иеиҳәеит: «Еснагь зымаҵ ууа Унцәа уеиқәирхоит». 17 Анаҩс ахаҳә аарган, алымқәа ахьҭакыз ажра хырҩеит. Аҳ уи имацәаз алеи аҳҭынраҿы иҟаз ауаа дуқәа рмацәазқәа рылеи амҳәыр ааирхеит, Даниил иус ишырыӡбаз еиԥш иҟаларц азы.

18 Уи ашьҭахь аҳ аҳҭынрахьы дхынҳәит. Аухантәарак иара дычгон, игәы дырҿыхаргьы* имуит. Уи ауха аҳ дызмыцәаӡеит, 19 ашамҭазы иара дҩагылан, дыццакы-ццакуа алымқәа ахьҭакыз дцеит. 20 Уи аҭыԥ даназааигәаха, аҳ илахь еиқәышьшьы Даниил изҿиҭын, ус иҳәеит: «Зыԥсы ҭоу Анцәа имаҵзуҩы Даниил, илшама еснагь зымаҵ ууа Унцәа алымқәа урцәыхьчара?» 21 Даниил иаразнак аҳ ус иеиҳәеит: «Аҳ, наӡаӡа унхалааит! 22 Сынцәа амаалықь даашьҭны алымқәа рсаса ишәаҳаит, даргьы сыламкьысӡеит, избанзар сара иара иҿаԥхьа ахара сыдӡамызт, уаргьы, саҳ, ицәгьоу ҳәа акгьы узызмуӡеит».

23 Аҳ даараӡа дгәырӷьеит, Даниил ажра дҭыргарцгьы адҵа ҟаиҵеит. Даниил данҭырга, деибга-деизҩыда дыҟан, избанзар иара Инцәа диқәгәыӷуан.

24 Аҳ адҵа ҟаиҵан, Даниил ахара идызҵоз* рыҳәсеи рыҷкәынцәеи дареи ааганы, алымқәа ахьҭакыз ажра иҭарыжьит. Урҭ ажра аҵахь илеиаанӡа, алымқәа рымҵасын, рыбаҩқәа ҟәаҟәаса иқәырҵеит.

25 Уи ашьҭахь аҳ Да́ри милаҭла еиԥшымыз, еиуеиԥшым абызшәақәа рыла ицәажәоз, адгьыл иқәынхоз ажәларқәа ус рзиҩит: «Аҭынчра шәыгымзааит! 26 Сара абри аҩыза аусԥҟа аԥысҵоит: саҳраҿы иҟоу ауаа зегьы Даниил Инцәа ицәшәалааит, ҳаҭыргьы иқәырҵалааит, избанзар иара зыԥсы ҭоу, наӡаӡа иҟоу Нцәоуп. Иара иаҳра ахаангьы аӡәгьы иқәигаӡом, инапхгарагьы наӡаӡа иҟазаауеит. 27 Иара ижәлар ихьчоит, иагьеиқәирхоит, ажәҩан аҿгьы адгьыл аҿгьы аџьашьахәқәеи узыршанхо аусқәеи ҟаиҵоит. Иара Даниил алымқәа дырцәихьчеит».

28 Да́ри аҳра аниуаз, иара убас персиатәи аҳ Кир аҳра аниуаз, Даниил аԥсҭазаара бзиа иман.

7 Вавилонтәи аҳ Валтаса́р* аҳра аниуаз актәи ашықәс азы, Даниил ԥхыӡла абарақәа ибеит. Иара ԥхыӡла иибаз зегь ак агмыжькәа ашәҟәы ианиҵеит. 2 Абар иара еиҭеиҳәаз:

«Уахынла абарақәа рҿы сара избеит жәҩантәи ԥшь-ԥшак амшын ду шдыргәаҭеиуаз. 3 Амшын аҟынтә ԥшь-гыгшәыг дук ҭыҵит, урҭ дара-дара еиԥшӡамызт.

4 Актәи агыгшәыг алым иеиԥшын, уи ауарбажә амҵәыжәҩақәа аман. Сара избеит уи амҵәыжәҩақәа шҿыржәаз, нас адгьыл аҟынтә ишьҭырхын, ауаҩы иеиԥш ҩ-шьапык ирықәдыргылеит, ауаҩы игәгьы арҭеит.

5 Аҩбатәи агыгшәыг амшә иеиԥшын, уи азшьапык шьҭыхын, х-ваҵкьыскгьы* аҿыҵакын. Иара ус арҳәеит: „Угыл, ирацәаны акәац ыф“.

6 Уи ашьҭахь даҽа гыгшәыгк збеит. Уи алеопард иеиԥшын, аха абӷаҿы аԥсаатә амҵәыжәҩақәа иреиԥшу ԥшь-мҵәыжәҩак аман. Уи агыгшәыг ԥшь-хык ахагылан, аҳра ауларц азгьы амчра аҭан.

7 Уи ашьҭахь уахынла абарақәа рҿы избеит аԥшьбатәи агыгшәыг. Уи агыгшәыг даараӡа иӷәӷәан, аԥшрагьы уцәа уҭанарӡыӡон. Уи аиха иалхыз ахаԥыц дуқәа аман, зегь ахәланагалон, иҟәаҟәаса еиланажьуан, иацәынхазгьы иаӷрагыланы иарҟьацуан. Уи уаанӡатәи агыгшәыгқәа иреиԥшӡамызт, жәа-тәыҩакгьы ахагылан. 8 Урҭ атәыҩақәа сахьынӡарыхәаԥшуаз, рыбжьара рацәак идуумыз даҽа тәыҩак аацәырҵит. Уи аҭыԥ аиурц азы жәа-тәыҩак рҟынтә х-тәыҩак ыҵжәан. Уи атәыҩа ауаҩы илақәа иреиԥшу алақәа аман, иара убас иаман ажәа ԥагьақәа зҭыҵуаз* аҿы.

9 Анаҩс сара избеит атәарҭаҭыԥқәа шдыргылаз, насгьы Жәытәнатәаахыс Иҟоу днеины итәарҭаҭыԥ аҿы дыштәаз. Иара имаҭәа асы еиԥш ишкәакәан, ихцәы аласа цқьа еиԥшын. Итәарҭаҭыԥ еилашуа амца иаҩызан, иаҵагылаз агьежьқәа* амца ркызшәа иҟан. 10 Иара иҟынтә арҩаш еиԥш амца еилашуа иаауан. Азықьқәа рызықьқәа уи имаҵ руан, шәмиллионҩыла иҿаԥхьа игылан. Аӡбаҩ аусӡбаразы дтәеит, ашәҟәқәагьы аартын.

11 Сара анаҩсгьы сыԥшуан, избанзар исаҳауан атәыҩа иаҳәоз ажәа ԥагьақәа*. Сара избеит уи агыгшәыг шшьыз, амца иақәыжьныгьы ишырблыз. 12 Егьырҭ агыгшәыгқәа ракәзар, амчра рымхын, урҭ аамҭак аҩныҵҟа инхаларц азин рыҭан, рыҿҳәарагьы ԥҵәан.

13 Анаҩс сара уахынла абарақәа рҿы избеит ауаҩытәыҩса иԥа иеиԥшыз аӡәы аԥҭақәа дрылаланы дшаауаз. Иара Жәытәнатәаахыс Иҟоу иахь днеиртә еиԥш азин иҭан, иара иахьгьы днаган. 14 Иара амчреи, ахьӡ-аԥшеи, аҳреи иҭан, милаҭла еиԥшым, еиуеиԥшым абызшәақәа рыла ицәажәо ауаа имаҵ руларц азы. Иара инапхгара ахаангьы зҵыхәтәа ԥымҵәо, наӡаӡа иҟоу напхгароуп, иаҳрагьы ахаан иқәгахаӡом.

15 Сара, Даниил, исҳәо-изуа сзымдыруа саанхеит, избаз даараӡа саршәеит. 16 Сара уа игылаз руаӡәк снаидгылан, избаз иаанагои ҳәа сиазҵааит. Иара уи иаанагоз сзеиҭеиҳәеит.

17 „Ԥшь-гыгшәыг дук — адгьыл аҿы ицәырҵраны иҟоу* ԥшьҩык аҳцәа роуп. 18 Аха Хыхь иҟоу Анцәа Ду иитәқәоу иԥшьоу аҳра роуеит. Уи еснагь, наӡаӡа дара иртәызаауеит“.

19 Анаҩс сара аԥшьбатәи агыгшәыг иазкны еиҳаны еилыскаар сҭаххеит. Уи агыгшәыг егьырҭ иреиԥшӡамызт, аԥшра уцәа уҭанарӡыӡон. Уи аиха иалхыз ахаԥыц дуқәа аман, ашьаԥхыцқәа абҩа иалхын, зегь ахәланагалон, иҟәаҟәаса еиланажьуан, иацәынхазгьы иаӷрагыланы иарҟьацуан. 20 Иара убас сара еилыскаар сҭаххеит уи иахагылаз жәа-тәыҩаки, нас ицәырҵыз даҽа тәыҩаки рыӡбахә. Уи атәыҩа иахҟьаны х-тәыҩак амҵны икаҳаит. Уи атәыҩа алақәеи иԥагьоу ажәақәа зҿыҵуаз аҿи аман, егьырҭ атәыҩақәа раасҭагьы еиҳан.

21 Анаҩс сара избеит уи атәыҩа иԥшьоу рабашьра ишалагаз. Иара урҭ ириааиуан, 22 Жәытәнатәаахыс Иҟоу даанӡа, насгьы иара Хыхь иҟоу Анцәа Ду иитәқәоу иԥшьоу ирыхәо аӡбара идикылаанӡа, урҭ аҳра роураны ианыҟаз аамҭагьы ааиаанӡа.

23 Абар иара ииҳәаз: „Аԥшьбатәи агыгшәыг — адгьыл аҿы ицәырҵуа аԥшьбатәи аҳра ауп. Иара егьырҭ аҳрақәа иреиԥшхаӡом. Уи адгьыл зегь ахәланагалалоит, иаӷрагыланы иарҟьацлоит, иԥыххаасагьы иқәнаҵалоит. 24 Жәа-тәыҩак — уи аҳра иалҵуа жәаҩык аҳцәа роуп. Урҭ рышьҭахь даҽа аҳак дцәырҵуеит, иара жәаҩык аҳцәа дреиԥшхаӡом, хҩык аҳцәагьы лаирҟәуеит. 25 Иара Хыхь иҟоу Анцәа Ду иакәым изиҳәалоит, иара убас Хыхь иҟоу Анцәа Ду иитәқәоу иԥшьоу дрышьҭашәарыцалоит. Иара аамҭақәеи азакәани иԥсахыр иҭаххоит, иԥшьоугьы аамҭаки, ҩ-аамҭаки*, аамҭабжаки ҳәа иара иҭахоит. 26 Аха аусӡбара алагоит, уи аҳгьы имчра имххоит, нас ахаан дыҟаӡамызшәа дықәгахоит.

27 Аҳреи, амчреи, ажәҩан аҵаҟа иҟоу аҳрақәа зегь рыхьӡ-рыԥшеи Хыхь иҟоу Анцәа Ду иитәу иԥшьоу ажәлар ирыҭан. Урҭ раҳра — наӡаӡа иҟоу аҳроуп, анапхгарақәа зегьы урҭ рымаҵ рулоит, рҳәатәгьы иацныҟәалоит“.

28 Абри ауп сара ԥхыӡла избаз. Сара, Даниил, сцәышхеит, избанзар схәыцрақәа даараӡа сдыршәеит. Аха уи зегьы сгәы иҭасҵәахит».

8 Аҳ Валтаса́р* аҳра аниуаз ахԥатәи ашықәс азы сара, Даниил, ԥхыӡла даҽа барак збеит. 2 Уи аамҭазы сара Су́за* ҳәа изышьҭоу абааш аҿы*, апровинциа Ела́м, сыҟан. Абара анызбоз Ула́и аӡиас аҿы* сыҟан. 3 Сара избеит аӡиас аҿы аҭыӷь шгылаз. Уи ҩ-тәыҩак ахагылан. Урҭ аҩтәыҩакгьы дуун, аха руак егьи аасҭа еиҳан. Еиҳа еиҳаз атәыҩа ԥыҭрак ашьҭахь ауп ианеизҳа. 4 Сара избеит аҭыӷь мраҭашәаратәи аганахь, аҩадатәи аганахь, иара убас аладатәи аганахь тәыҩала ишыкшоз. Уи иаиааир зылшоз гыгшәыкгьы ыҟамызт, уацәызыхьчо ҳәагьы аӡәгьы дыҟамызт. Уи иаҭахыз ҟанаҵон, аҽырԥагьангьы иҟан.

5 Сара анаҩсгьы сыԥшуан. Ус, избеит адгьыл зегь иахысны, ашьапы адгьыл иқәмырсӡакәа, ишьҭхысаа мраҭашәарантәи абаӷь шаауаз. Уи алақәа рыбжьара атәыҩа ду ықәгылан. 6 Абаӷь аӡиас аҿы игылаз, ҩ-тәыҩак зхагылаз аҭыӷь ахь ахы рханы иаауан — агәы ԥжәаны, ахыкәалаа еиԥш иаауан.

7 Сара избеит абаӷь аҭыӷь ишазааигәахаз, насгьы аԥсахы еибакны иасны, рыҩтәыҩакгьы шыхнажәаз, аҭыӷьгьы уи изазымиааит. Абаӷь аҭыӷь адгьыл иқәнажьын, иаӷрагыланы иарҟьацит, еиқәзырхоз ҳәагьы аӡәгьы дҟамлеит.

8 Убасҟан абаӷь зынӡа аҽарԥагьеит, аха амчра шаиуҵәҟьаз еиԥш, иахагылаз атәыҩа ду хжәеит, уи аҭыԥангьы ԥшь-тәыҩак цәырҵит. Урҭ ибзианы иубарҭан, жәҩантәи ԥшь-ԥшак рахьгьы ирхан.

9 Тәыҩак аҟынтә рацәак идуумыз даҽа тәыҩак цәырҵит. Уи даараӡа иазҳаит. Уи атәыҩа аладеи мрагылареи иԥшуан, Зеиԥшыҟам адгьыл ахьгьы иԥшуан. 10 Уи убриаҟара иазҳаит жәҩантәи ар рҟынӡагьы инаӡеит. Иара архәҭаки аеҵәақәа рыхәҭаки алырбганы адгьыл ахь иканажьын, ирыӷрагыланы рырҟьацра иалагеит. 11 Уи аруаа Рыҭауад иҿаԥхьаҵәҟьагьы ахы ҳаранакуан, есыҽнытәи акәырбанқәагьы имнахит, иргылаз аԥшьаҭыԥгьы ықәнахит. 12 Ацәгьоура иахҟьаны аргьы есыҽнытәи акәырбанқәагьы атәыҩа иаҭан. Иара аҵабырг адгьыл иқәнажьуан, ақәҿиарагьы аман.

13 Сара исаҳауан амаалықь дышцәажәоз, нас даҽа маалықьк уи ус диазҵааит: «Шаҟаамҭа ицалои есыҽнытәи акәырбанқәеи, ақәӡаара зхылҿиаауа ацәгьоуреи, аԥшьаҭыԥи а́ри ирыӷрагыланы ишыркәаҳалои иазку абара?» 14 Иара ус сеиҳәеит: «2 300 хәылбыҽхеи шьыжьи ииасаанӡа. Уи ашьҭахь аԥшьаҭыԥ еиҭашьақәыргылахоит».

15 Сара, Даниил, ари абара анызба, насгьы иаанаго еилыскаарц санашьҭаз, иаалырҟьаны саԥхьа ауаҩы иеиԥшыз аӡә днагылеит. 16 Анаҩс аӡиас Ула́и агәҭа абас зҳәаз ауаҩы ибжьы саҳаит: «Гавриил, ари иибаз аилкаара уицхраа». 17 Нас иара сахьгылаз аҭыԥ ахь дааин дсыдгылеит, аха данаасыдгыла, сшәан, ҿыцха сыҽкасыжьит. Иара ус сеиҳәеит: «Ауаҩытәыҩса иԥа, иудыруаз ари абара аҵыхәтәантәи аамҭа ишазку». 18 Аха иара дахьынӡасацәажәоз ацәа сҭанагалан, ҿыцха сахьышьҭаз сыцәеит. Усҟан иара дсылакьысын, сшьапы сықәиргылеит. 19 Иара ус сеиҳәеит: «Уажәы сара иузеиҭасҳәоит ақәыӡбара аамҭа анҵәамҭазы иҟало, избанзар ари абара иазалху аамҭа, аҵыхәтәантәи аамҭа, иазкуп.

20 Ҩ-тәыҩак зхагылаз, иубаз аҭыӷь — ми́дааи персааи раҳцәа роуп. 21 Абаӷь хәымсыс — Бырзентәыла аҳ иоуп. Абаӷь алақәа рыбжьара иқәгылаз атәыҩа ду — Бырзентәыла раԥхьатәи аҳ иоуп. 22 Атәыҩа ахьыхжәаз, насгьы уи аҭыԥан ԥшь-тәыҩак ахьцәырҵыз иаанагоит ижәлар рҟынтә ԥшь-аҳрак шцәырҵуа. Аха урҭ иара иеиԥш иӷәӷәахаӡом.

23 Урҭ раҳра анҵәамҭазы, ацәгьоуцәа рзакәандара атыгә аҿы ианнеилак, рыцҳашьарак злам, ацәгьаршра иазҟазоу аҳ дцәырҵуеит. 24 Иара даараӡа дыӷәӷәахоит, аха имч абзоурала акәӡам дшыӷәӷәахо. Уи зегь ԥыххааса, еилаҟәаҟәаса еилаижьуеит, ақәҿиарагьы имазаауеит. Иара амчра змоу нирҵәалоит, иара убас иԥшьоу рыжәларгьы. 25 Ақәҿиара иоурц азы ацәгьа иршлоит, амцгьы иҳәалоит, иҽырԥагьаны дыҟазаауеит, ауаа ҭынч ианынхо* аамҭазгьы инирҵәо рацәаҩхоит. Иара аҭауадцәа Рыҭауадгьы диҿагылоит, аха дықәгахоит, дықәызгогьы ауаа ракәхаӡом.

26 Ахәылбыҽхақәеи ашьыжьқәеи ирызкны абараҿы иҳәоу иашоуп. Аха уара уи аӡәгьы иоумҳәан, имаӡазааит, избанзар уи аԥхьаҟа иҟалараны иҟоу иазкуп».

27 Сара, Даниил, убриаҟара сымчқәа сылӡааит, мышқәак рыҩныҵҟа сычмазҩын. Нас сгылан, аҳ иусқәа рынагӡара салагеит. Аха избаз саршанханы сыҟан. Уи абара еилызкаар зылшоз ҳәагьы аӡәгьы дыҟамызт.

9 Халде́иаа раҳра иахаргылаз, шьҭрала ми́даа иреиуаз, Ахашверо́ш иԥа Да́ри аҳра аниуаз актәи ашықәс азы, 2 сара, Даниил, ашәҟәқәа* анҭысҵаа, ианҭысҵаа Иегова аԥааимбар Иереми́а ила ииҳәаз ажәақәа, еилыскааит Иерусалим 70 шықәса иҭацәны иҟазар шахәҭаз. Сара уи еилыскааит Да́ри аҳра аниуаз актәи ашықәс азы. 3 Усҟан Анцәа ду Иегова ацхырааразы сиҳәеит; сара уи сиҳәон, сычгон, аџьабарамаҭәа* сышәҵаны, схы ахәа ақәыԥсо, сӷьаҵәыӷьаҵәуа сиашьапкуан. 4 Сара Сынцәа Иегова сиҳәон, ҳагәнаҳақәа мӡаӡакәа иаартны иасҳәон, абасгьы сҳәон:

«Иегова, Анцәа ду, иуцназго дыҟам, уара аҳаҭырқәҵара зныԥшуа ашәара узцәырызго, зеиқәшаҳаҭра еилазымго Нцәоуп. Уара бзиа узбо, уԥҟарақәа назыгӡо рахь гәыбылрала иҭәу абзиабара ааурԥшуеит! 5 Ҳара агәнаҳа ҟаҳҵон, ацәгьа ҳуан, ииашамкәа ҳхы мҩаԥаҳгон, ҳауҿагылон, уԥҟарақәеи узакәанқәеи рықәныҟәара ҳаҟәыҵит. 6 Умаҵзуҩцәа, аԥааимбарцәа, ухьӡала ҳаҳцәеи, ҳаҭауадцәеи, ҳабацәеи, ҳажәлар зегьи ирацәажәон, аха ҳара урҭ ҳарзыӡырҩӡомызт. 7 Иегова, уара иҟауҵо еснагь ииашоуп, ҳара ҳакәзар, уажәраанӡагьы ахьымӡӷ ҳхуп, ҳара, иудеиатәи ажәлари, Иерусалим инхози, Израиль зегьи, иааигәаны иҟоугьы, ихароугьы, ҳахьузиашамыз азы ҳаԥсаҟьаны адгьыл иқәуҵаз зегьы.

8 Иегова, ҳара ахьымӡӷ ҳхуп, ҳаҳцәеи, ҳаҭауадцәеи, ҳабацәеи, ҳареи, избанзар уара уҿаԥхьа агәнаҳа ҟаҳҵон. 9 Ҳанцәа Иегова, уара арыцҳашьара улоуп, анажьрагьы уазхиоуп, аха ҳара ҳауҿагылеит. 10 Ҳанцәа Иегова, ҳара уҳәатәы ҳацныҟәаӡомызт, умаҵзуҩцәа, аԥааимбарцәа, рыла иҳауҭаз азакәанқәагьы ҳрықәныҟәаӡомызт. 11 Израильаа зегьы узакәан еиларгеит, дара уцәхьаҵит, уҳәатәы иацныҟәаӡомызт, убри аҟынтә уара Анцәа ду имаҵзуҩы Моисеи изакәан аҿы иану, ҭоубала ишьақәырӷәӷәоу ашәиԥхьыӡ ҳхьугӡеит, избанзар ҳара уҿаԥхьа агәнаҳа ҟаҳҵон. 12 Уара уажәақәа наугӡеит, ҳнапхгаҩцәеи* ҳареи ишуҳәахьаз еиԥш уҳазныҟәеит. Уара арыцҳара ду ҳақәуршәеит — Иерусалим иҟалаз аҩыза ажәҩан аҵаҟа ахаангьы иҟамлацызт. 13 Моисеи изакәан ишаныз еиԥш ҳара арҭ арыцҳарақәа зегьы ҳрықәшәеит, аха уеизгьы Ҳанцәа Иегова уаҳзыразхарц азы ҳӷьаҵәыӷьаҵәуа уҳәара ҳаламгаӡеит, ҳара агәнаҳа аҟаҵара ҳаҟәымҵӡеит, еснагь аиаша ушадгыло ҳзеилкааӡомызт.

14 Уара, Иегова, зегь убон, убри аҟынтә арыцҳара ҳақәуршәеит, избанзар уара, Ҳанцәа Иегова, иҟауҵо зегь иашоуп; ҳара ҳакәзар, уҳәатәы ҳацныҟәаӡомызт.

15 Ҳанцәа Иегова, уара напы ӷәӷәала ужәлар Египет иалугеит, ухьӡ иахьа уажәраанӡа еицырдыруагьы иҟауҵеит! Ҳара агәнаҳа ҟаҳҵон, ацәгьа ҳуан. 16 Иегова, уара еснагь ииашоу ауп иҟауҵоз, убри аҟынтә суҳәоит, угәыԥжәара аанкыл, иԥшьоу ушьха, уқалақь Иерусалим, уаҳа угәы азԥумжәалан, избанзар ҳагәнаҳақәеи, ҳабацәа рыцәгьоурақәеи ирыхҟьаны Иерусалими ужәлари иааҳакәыршаны иҟоу зегь рҿаԥхьа ахьымӡӷ рхуп. 17 Уажәшьҭа, Ҳанцәа, умаҵзуҩы дӷьаҵәыӷьаҵәуа дзызуҳәо урҳа. Иегова, уажәы иҭацәны ишьҭоу уԥшьаҭыԥ уара уаҳаҭыр азы уазылԥха. 18 Сынцәа, суҳәоит, исҳәо урҳа. Уахәаԥш изакә рыцҳароу ҳазҭагылоу, насгьы ухьӡ зху ақалақь шҭацәу! Ҳазуҳәо ҳусқәа ахьиашоу азы акәӡам, уара арыцҳашьара ду ахьулоу азоуп. 19 Иегова, сыбжьы урҳа! Иегова, ҳаҭоумҵан! Иегова, уҳахәаԥш, уҳацхраа! Сынцәа, уаҳаҭыр азы уааццакы, избанзар уқалақьи ужәлари ухьӡ рхуп».

20 Абас Анцәа сиҳәо, сыгәнаҳақәеи сыжәлар Израиль рыгәнаҳақәеи аартны исҳәон, Сынцәа Иегова иԥшьоу ишьха дазыразхарц азгьы сиҳәон. 21 Сара сымчқәа сылӡааны сыҟан. Ус, Анцәа сышиҳәоз, уаанӡа абараҿы избахьаз Гавриил* дысзааит. Уи ҟалеит ахәылбыҽхатәи акәырбан анагара аамҭазы. 22 Иара иҟалараны иҟоу аилкаара дсыцхрааит.

Гавриил иҳәеит: «Даниил, сара сзааз аԥааимбаражәақәа еиҳа еиӷьны реилкаара суцхраарц азоуп. 23 Анцәа иҳәара уаналага, сара Анцәа иҟынтә аацҳара соун, уи уасҳәарц азы уара уахь сааит, избанзар уара Анцәа изы акыр иаԥсоу уаҩуп. Убри аҟынтә исҳәо уазхәыц, ари абара аилкаарагьы уҽазышәа.

24 Ужәлари иԥшьоу уқалақьи 70 мчыбжьы* рзыԥҵәоуп. Уи аамҭа иалагӡаны ацәгьоура аанкылахарц, агәнаҳа аҵыхәтәа ԥҵәахарц, азакәандара агәнаҳа ахыххарц, наӡаӡа аиашара шьақәыргылахарц, абареи аԥааимбаражәеи* амҳәыр раархахарц, Зегь реиҳа иԥшьоу аҭыԥгьы Анцәа изкхарц азы. 25 Иудыруаз, еилкаангьы иумаз: Иерусалим еиҭашьақәдыргыларц азы адҵа анҭыҵлак инаркны, Аԥхьагылаҩ Месси́а даанӡа, 7 мчыбжьи 62 мчыбжьи ииасуеит. Иерусалим ашҭеи иареи еиҭашьақәыргылахоит, иаакәыршангьы ажра ржуеит, аха аамҭа цәгьақәа раан.

26 62 мчыбжьы аниаслак, Месси́а дыршьуеит, изынхо ҳәагьы акгьы ҟалаӡом.

Ақалақьи аԥшьаҭыԥи ракәзар, иааираны иҟоу аԥхьагылаҩ ируаа иԥыххааса иқәырҵоит. Уи* аҵыхәтәа аӡы хыҵны зегь шықәнаго еиԥш иҟалоит, аҵыхәтәанынӡагьы аибашьра цалоит. Анцәа иӡбеит зегь шықәыххо.

27 Иара* аӡәырҩы рзы аиқәшаҳаҭра амч шамоу мчыбжьык иаанижьуеит, амчыбжь агәҭазы акәырбанқәеи аҳамҭақәеи рҵыхәтәа ԥиҵәоит.

Ахәымгарақәа рымҵәыжәҩа дақәтәаны зегь ҭазырцәуа даауеит, ақәӡаара ааиаанӡагьы иҭадырцәыз иӡбаны иҟоу дақәшәалоит».

10 Персиатәи аҳ Кир аҳра аниуаз ахԥатәи ашықәс азы, Белтешацца́р ҳәа изышьҭаз Даниил, Анцәа иҟынтә аацҳара иоуит. Уи аацҳара ҵабыргын, аибашьра ду иазкын. Иара иибаз иаанагоз иеилыркаан, иоуз аацҳара аҵакгьы еиликааит.

2 Урҭ амшқәа раан сара, Даниил, хымчыбжь дуӡӡа даара сгәы каҳаны сыҟан. 3 Урҭ хымчыбжь рыҩныҵҟа сара афатә хаақәа сфаӡомызт, акәаци аҩи сҿахьы иаазгаӡомызт, ахәшагьы схьысшьӡомызт. 4 Актәи амза ҩажәиԥшьбатәи амш аҽны, аӡиас ду Тигр* аԥшаҳәаҿы саныҟаз, 5 ақәны иалхыз амаҭәа зшәыз, насгьы уфазтәи ахьы иалхыз амаҟа зымӷаз ауаҩы дызбеит. 6 Ицәеижь ахризолит иеиԥшын, ихы-иҿы амацәыс еиԥш илашон, илақәа амца зку афакелқәа иреиԥшын, инапқәеи ишьапқәеи ицырцыруаз абҩа иеиԥшын, ибжьы акәзар, ауаа рацәа ирхылҵуа абжьы угәаланаршәон. 7 Уи абара збоз сара, Даниил, заҵәык соуп, исыцыз ауаа уи рбаӡомызт. Аха дара уеизгьы даараӡа ишәеит, убри аҟынтә иҩны ицан, рҽырҵәахит.

8 Сара схала саанхеит. Сзыршанхаз ари абара анызба, сымчқәа сылӡааит, схы-сҿы цәышхеит, ак аасылымшо сҟалеит. 9 Анаҩс исаҳаит уи ацәажәара дшалагаз, дахьынӡацәажәоз сара ҿыцха сахьышьҭаз сҭахәхәа сыцәеит. 10 Аха нас анапы сылакьысын, саарԥшра иалагеит, саргьы снапқәа сыҵарсны сшьамхқәа срықәгылеит. 11 Иара ус сеиҳәеит:

«Даниил, Анцәа изы акыр иаԥсоу ауаҩы, иуасҳәо ибзианы уазыӡырҩы. Угыл, избанзар сара уара уахь саашьҭуп».

Абарҭ ажәақәа аниҳәа, сҵыс-ҵысуа сгылеит.

12 Анаҩс ус сеиҳәеит: «Умшәан, Даниил. Абри зегь аилкаара уанашьҭала, насгьы Унцәа иҿаԥхьа ахынраалара анааурԥш амш аҽныҵәҟьа, иара иуҳәаз иаҳаит, убри азоуп уара уахь сзааз. 13 Аха Персиатәи аҳра аҭауад 21 мшы дысҿагылан. Убасҟан аҭауадцәа реиҳабацәа руаӡәк, Михаил*, дсыцхраарц дааит. Саргьы уа персиатәи аҳцәа ахьыҟаз саанхеит. 14 Сара сааит ужәлар аҵыхәтәантәи амшқәа раан изықәшәо уеилсыркаарц, избанзар ари абара аԥхьаҟа иҟалараны иҟоу иазкуп».

15 Абарҭқәа зегь ансеиҳәа, схы ласырҟәит. Сара ажәакгьы сзымҳәо сгылан. 16 Анаҩс ауаҩы иеиԥшыз аӡәы сқьышә далакьысит, саргьы еиҭа сцәажәо сҟалеит. Сара саԥхьа игылаз ус иасҳәеит: «Ухаҵкы, избаз сеиланарӡыӡеит, сымчқәагьы сылнахит. 17 Изласылшои, нас, сара, умаҵзуҩы, уацәажәара, ухаҵкы? Сара мыч кәарак сылам, аарла сыԥсы еивызгоит».

18 Усҟан ауаҩы иеиԥшыз аӡәы еиҭа дсылакьысын, сымч ҭеиҵеит. 19 Анаҩс ус сеиҳәеит:«Умшәан, Анцәа изы акыр иаԥсоу ауаҩы. Угәы рҭынч*. Умшәан. Уҽырӷәӷәа». Уи дахьынӡасацәажәоз сымчқәа ҭалан, ус сҳәеит: «Уцәажәала, ухаҵкы, избанзар уара сымч ҭоуҵеит».

20 Нас ус иҳәеит: «Иудыруама уара уахь сзааз? Уажәы персиатәи аҭауад сиабашьырц азы схынҳәуеит. Санцалак, бырзентәылатәи аҭауад даауеит. 21 Аха сара аҵабырг ашәҟәы иану узеиҭасҳәоит. Шәыҭауад Михаил ида исыдгылоу ҳәа аӡәгьы дыҟаӡам.

11 Сара уи* ицхраара салагеит ми́даа иреиуаз Да́ри аҳра аниуаз актәи ашықәс азы. 2 Уажәшьҭа сара иузеиҭасҳәоит хымԥада инаӡараны иҟоу.

Персиа даҽа хҩык аҳцәа цәырҵуеит, аԥшьбатәи аҳ иакәзар, егьырҭ раасҭа амал еизигоит. Еизиго амал абзоурала даныӷәӷәахалак, зегьы Бырзентәылатәи аҳра иаҿагылартә иҟаиҵоит.

3 Нас дцәырҵуеит амчра ду зауа* аҳ. Иара иааиҭаххо зегь ҟаиҵалоит. 4 Аха даараӡа даныӷәӷәахалак, иаҳра еилаҳауеит, нас ԥшь-хырхарҭакны еиҩшахоит. Аха уи ишьҭра иатәқәоу ирҭынхаӡом, иара данахагылаз иамаз амчра аҩызагьы уаҳа иаиуӡом. Уи иаҳра аҵыхәтәа ԥҵәоит*, егьырҭгьы иртәхоит.

5 Уи иҭауадцәа руаӡәк — аладатәи аҳ — дыӷәӷәахоит, аха егьи* имч еиҳа еиҳахоит, аладатәи аҳ иаасҭагьы амчра иоуеит.

6 Ԥыҭраамҭак ашьҭахь дара аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵоит. Аладатәи аҳ иԥҳагьы аҩадатәи аҳ иахь днеиуеит, аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵарц азы, аха лнапы амч ацәыӡуеит, аҳгьы имч ицәыӡуеит. Лара егьырҭ дрыҭахоит — ларгьы, даазгазгьы, лабгьы, уи аамҭақәа раан илыцхраауазгьы. 7 Лдац иавҵиаауа иаб иҭыԥ ааникылоит, иара аруааи аҩадатәи аҳ ибааши дырҿагылоит, дрықәлоит, дагьыриааиуеит. 8 Иара урҭ рынцәақәеи, ирҭәаны иҟаҵоу рынцәахәқәеи, ахьи араӡни ирылху, зыхә ҳараку рнаплыхқәеи, атҟәацәеи иманы Египетҟа даауеит. Шықәсқәак рыҩныҵҟа иара аҩадатәи аҳ диҟәаҵуеит, дилакьысӡом. 9 Аҩадатәи аҳ аладатәи аҳ иаҳра дажәлоит, аха нас идгьыл ахь дхынҳәуеит.

10 Иара иԥацәа аибашьра рҽазыҟарҵалоит, ар дугьы еизыргоит. Иара ԥхьаҟа дцалоит, аӡы хыҵны адгьыл ишықәло еиԥш адгьыл дахыҵәоит. Аха шьҭахьҟа дхынҳәуеит, ибааш аҟынӡа днеиаанӡагьы деибашьлоит.

11 Аладатәи аҳ иԥсахы еибакуеит. Иара уи — аҩадатәи аҳ — диҿагыланы диабашьлоит. Аҩадатәи аҳ ар ду еизигоит, аха уи ар егьи* инапаҿы иааигоит. 12 Уи ар аибашьра иаҵахоит. Иара дԥагьахоит, жәанызқьҩылагьы ауаа ҭаирхоит, аха иҭыԥ бзиа ихы иаирхәаӡом.

13 Аҩадатәи аҳ дхынҳәны ԥасатәи ар аасҭа еиҳау ар еизигоит. Ԥыҭрак ашьҭахь, шықәсқәак рышьҭахь, иара бџьарла ибзианы еибыҭоу ар ду иманы даауеит. 14 Урҭ аамҭақәа раан аладатәи аҳ иҿагыло рацәаҩхоит.

Ужәлар рҟынтә рыцҳашьарак злам ауаа* егьырҭ ирышьҭаланы ицоит, абара анагӡарагьы рҽазыршәоит, аха акгьы рзалҵӡом.

15 Аҩадатәи аҳ даауеит, аиқәыԥса ҟаҵангьы, ҭӡамцла ихьчоу ақалақь игоит. Аладатәи архәҭақәа аҵахоит, иреиӷьу рыруаагьы аиааира рызгаӡом. Дара ирыжәло рҿагыларазы амч роуӡом. 16 Аладатәи аҳ иҿагыло иааиҭаххо зегь ҟаиҵалоит, иҿагылар зылшо ҳәагьы аӡәгьы дҟалом. Иара Адгьыл ԥшӡаҿы дгылазаауеит, иаӷацәа рықәхразгьы амч имазаауеит. 17 Уи иаҳра иамоу амч зегь еидкыланы джәыларц иӡбоит. Иара иҿы аиқәшаҳаҭра бжьарҵоит, ақәҿиарагьы имазаауеит. Иара аҳәса рыԥҳа ацәгьа лзиурц азин иоуеит, лара ақәҿиара лоуӡом, дизиашангьы даанхаӡом. 18 Иара аԥшаҳәақәа рҿы ишьҭоу аҭыԥқәа дрықәларц иӡбоит, имаҷымкәа адгьылқәагьы инапаҿы иааигоит. Аруаа реиҳабык уи иԥагьара аҵыхәтәа ԥиҵәоит, зҽырԥагьаны зхы мҩаԥызгозгьы дларҟәхоит. 19 Анаҩс иара идгьыл аҿы иҟоу абаашқәа рахь дхынҳәуеит, дшьацәхнысланы дкаҳауеит, дагьықәӡаауеит.

20 Уи иҭыԥ ааникылоит зеиԥшыҟам аҳра далсырц азы ашәахтәеизгаҩ ддәықәызҵо. Аха мышқәак рышьҭахь иара дҭахоит. Уи зыхҟьо аӡәы игәыԥжәарагьы акәхом, аибашьрагьы акәхом.

21 Уи иҭыԥ ааникылоит иатәарымбо. Иара аҳ иқәнагоу аҳаҭыр ирҭаӡом. Уи ауаа ҭынч ианынхо* аамҭазы дааиуеит, гызмалралагьы* аҳра инапаҿы иааигоит. 22 Иара аӡхыҵра еиԥш зегь ықәызхуаз ар дыриааиуеит. Дара аиқәшаҳаҭра Аԥхьагылаҩ иеиԥш, иԥыххааса иқәҵахоит. 23 Иара иҿы аиқәшаҳаҭра бжьарҵоит азы, мыцла иусқәа наигӡалоит, рацәак идуум ажәлар рыцхырааралагьы дыӷәӷәахоит. 24 Ауаа ҭынч ианынхо* аамҭақәа раан, иара апровинциа иаҵанакуа адгьыл беиақәа рахь днеиуеит. Иабацәа ахаан иҟарымҵозгьы ҟаиҵалоит. Иара ақәыларақәа рҟынтә еимҵәаны иаарго амал ауаа ирзишалоит, ахырӷәӷәарҭақәагьы шықәихша дазхәыцлоит, аха уи аамҭала акәзаауеит.

25 Иара имчқәа еизганы, ар ду иманы, аладатәи аҳ диқәларц иӡбоит. Аладатәи аҳгьы аибашьра иҽазыҟаиҵалоит, иӷәӷәоу ар дугьы еизигоит. Иара* аиааира изгаӡом, избанзар ацәгьара изырхәыцлоит. 26 Уи ичеиџьыка ицызфо дҭадырхоит.

Ируаа ракәзар, аӡы хыҵны иқәнагазшәа иқәгахоит, иҭахогьы рацәаҩхоит.

27 Урҭ ҩыџьа аҳцәа ацәгьа рхәыцлоит, столк еицахатәаны амц еибырҳәалоит. Аха дара акгьы рзалҵӡом, избанзар аҵыхәтәа иазалху аамҭазы ауп ианааиуа.

28 Иара* амал ду иманы идгьыл ахь дхынҳәуеит, иԥшьоу аиқәшаҳаҭра даҿагыларцгьы игәы иҭеикуеит. Иусқәа ақәҿиара рымазаауеит, идгьыл ахьгьы дхынҳәуеит.

29 Иазалху аамҭазы иара еиҭах аладатәи аҳ диҿагылоит, аха уаанӡа еиԥш иқәҿиаӡом, 30 избанзар киттимтәи аӷбақәа иҿагылоит, дагьыларҟәхоит.

Даныхынҳәлак, игәыԥжәара иԥшьоу аиқәшаҳаҭрахь ирхоит, ақәҿиарагьы имазаауеит. Иара дхынҳәуеит, иԥшьоу аиқәшаҳаҭра иацәхьаҵызгьы дрызхьаԥшуеит. 31 Иара ируаа дәықәиҵоит. Дара аԥшьаҭыԥ — абааш — хәымгартәуеит, есыҽнытәи акәырбанқәагьы аҟәырхуеит.

Ақәӡаара аазго ахәымгарагьы ргылазаауеит.

32 Аиқәшаҳаҭра еилаганы ацәгьара ҟазҵо иара мцҳәарала Анцәа ицәхьаҵыз ирылеигалоит. Аха Зынцәа дыздыруа ажәлар ӷәӷәазаауеит, ақәҿиарагьы рымазаауеит. 33 Аилкаара змоу* ауаа аӡәырҩы адыррақәа рырҭалоит. Дара мышқәак рыҩныҵҟа аҳәеи, амцеи, атҟәареи, арҳәреи ирыхҟьаны игәаҟлоит. 34 Аха иангәаҟло аамҭазы цхыраара хәыҷык роуеит. Аӡәырҩы мцҳәарала урҭ рыҽрыдыркылоит. 35 Аилкаара змоу рҟынтә шьоукы агәаҟрақәа рхыргалоит, уи абзоурала аҵыхәтәа аамҭа ааиаанӡа, ажәлар аԥышәарақәа ирықәшәаларц, рҽыдрыцқьаларц, ипашәӡа, иҟәашкакараӡа иҟаларц, избанзар иазалху аамҭа макьана имааиӡацт.

36 Уи аҳ ииҭаху ҟаиҵалоит, анцәақәа зегь рҿаԥхьа ихы ҳареиклоит, анцәақәа Рынцәагьы уаҩ имаҳац ажәақәа изиҳәалоит. Агәыԥжәара аамҭа нҵәаанӡа уи ақәҿиара имазаауеит, избанзар иӡбаны иҟоу ҟалароуп. 37 Иара иабацәа Рынцәа хьаас дикӡом, аҳәса ирҭахугьы хьаас имазааӡом, даҽа нцәакгьы хьаас дикӡом. Зегь рҿаԥхьа ихы ҳареиклоит. 38 Иара абаашқәа рынцәа дҳареиклоит, иабацәа ирзымдыруаз анцәа дирҽхәалоит, ахьи, араӡни, зыхә ҳараку ахаҳәқәеи, егьырҭ амалқәеи ииҭалоит. 39 Иара атәым нцәа диқәгәыӷны, зегь реиҳа иӷәӷәоу абаашқәа дрықәлалоит, ақәҿиарагьы имазаауеит. Иара идгыло* зегь ҳареиклоит, ауаа рацәагьы напхгаҩцәас ирхаиргылоит; адгьылқәагьы ахә ақәҵаны идааирхәалоит.

40 Аҵыхәтәантәи аамҭазы аладатәи аҳ уи диҿагылоит*, аҩадатәи аҳгьы иҽыуардынқәеи, иҽыуааи, ԥхьаӡашьак змам иӷбақәеи иманы уи дижәлоит. Иара атәымдгьылқәа дрықәлоит, ихыҵыз аӡы еиԥшгьы дрылсны дцоит. 41 Иара Зеиԥшыҟам адгьылгьы дақәлоит, имаҷымкәа адгьылқәагьы аҵахоит. Аха Едо́ми, Моа́ви, аммо́наа рхадацәеи иара иҟынтә еиқәхоит. 42 Иара анаҩсгьы еиуеиԥшым адгьылқәа дрықәлалоит. Изеиқәхом Египетгьы. 43 Иара иҵәаху амали — ахьи араӡни — Египет беиарас иамоу зегьи дырхагылазаауеит. Ливиааи ефиопааи уи ишьҭаланы ицоит.

44 Аха мрагыларантәии аҩадантәии иаауа ажәабжьқәа агәҭынчымра изцәырыргоит, иаргьы имаҷымкәа ауаа нирҵәарц, иқәихырц азы иԥсахы еибакны дрықәлоит. 45 Иара иқьалақәа — аҳ иқьалақәа, амшын дуи Зеиԥшыҟам адгьыл аҿы иҟоу иԥшьоу ашьхеи рыбжьара иргылоит. Иара иҵыхәтәахьы днеиуеит, ицхраауа ҳәагьы аӡәгьы дҟалаӡом.

12 Уи аамҭазы ужәлар ирыцхраауа* аҭауад ду Михаил* дгылоит*. Ажәлар анцәырҵ инаркны иахьа уажәраанӡа иҟамлацыз аамҭа цәгьа ҟалоит. Уи аамҭазы ужәлар еиқәхоит, деиқәхоит ашәҟәы иану дарбанзаалак. 2 Иԥсхьоу рҟынтәгьы ԥыҭҩык рыԥсы ҭалоит — шьоукы наӡаӡа инхаларц азы, даҽа шьоукы наӡаӡа ахьымӡӷ ргарц азы.

3 Аилкаара змоу* ракәзар, ажәҩан шылашо еиԥш ижжаӡа илашалоит, егьырҭ уаа иашақәаны аҟалара ирыцхраауагьы аеҵәақәа реиԥш есымша, наӡаӡа илашалоит.

4 Уара, Даниил, арҭ ажәақәа аӡәгьы иоумҳәан, имаӡаз, аҵыхәтәа аамҭа ааиаанӡагьы ари ашәҟәы амҳәыр аарханы иаркы. Аӡәырҩы уи инарҵауланы иҭырҵаалоит, аҵабырг иазку адыррақәагьы еизҳауеит».

5 Сара, Даниил, аӡиас аҿы даҽа ҩыџьа шгылаз збеит, аӡәы нырцә, егьи аарцә. 6 Урҭ руаӡәк аӡиас аханы игылаз, ақәны маҭәа зшәыз ауаҩы ус диазҵааит: «Шаҟаамҭа ицалои иџьоушьаша арҭ ахҭысқәа?» 7 Сара ақәны маҭәа зшәыз, аӡиас аханы игылаз ауаҩы ибжьы саҳаит. Иара иарӷьа напи иарма напи ажәҩан ахь ирхан, наӡаӡа инхо Анцәа динықәны, ус иҳәеит: «Аамҭаки, ҩ-аамҭаки*, аамҭабжаки ииасуеит. Иԥшьоу ажәлар рымч ақәхра ианалгалак, абри зегь хыркәшахоит».

8 Сара исаҳаит, аха исзеилымкааит, убри аҟынтә сиазҵааит: «Ухаҵкы, ишԥанҵәо абри зегьы?»

9 Иара ус сеиҳәеит: «Уца, Даниил, избанзар арҭ ажәақәа аҵыхәтәа аамҭа ааиаанӡа имаӡазароуп, амҳәыр аархангьы иаркызароуп. 10 Аӡәырҩы рҽыдрыцқьоит, ипашәӡа, иҟәашкакараӡа иҟалоит, иԥышәахоит. Ацәгьауцәа ацәгьа рулоит, урҭ рҟынтә арҭ ажәақәа аӡәгьы изеилкааӡом, аилкаара змоу ракәзар еилыркаауеит.

11 Есыҽнытәи акәырбанқәа анаҟәыххалак, насгьы ақәӡаара аазго ахәымгара аныргылахалак инаркны 1 290 мшы ииасуеит.

12 Насыԥ имоуп 1 335 мшы нҵәаанӡа иԥшу!

13 Уара уакәзар, аҵыхәтәанынӡа Анцәа уизиашаз. Уара уԥсы ушьалоит, аха амшқәа рҵыхәтәазы угылоит, уҳамҭа уоурц азы*».

Вавилониаҟа.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ахәыҷқәа».

Мамзаргьы иҟалап «акрырҿаҵалатәын».

Иаанагоит «Сыӡбаҩ Анцәа иоуп».

Иаанагоит «Иегова аразра ааирԥшит».

Иҟалап иаанагозар «Анцәа иеиԥшыда?».

Иаанагоит «Иегова ацхыраара ҟаиҵеит».

Вавилонтәи ахьыӡқәа.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «халде́иааи».

Дан 2:4б—7:28 аханатә арамеи бызшәала иҩын.

Мамзаргьы иҟалап «агәамсам ахьеиқәрыжьуа аҭыԥ; еизыҳәҳәоу ауац».

Уи абаҟа зеиԥшраҵәҟьаз еилкааӡам.

27 м раҟара. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

2,7 м раҟара.

Шәахәаԥш Ажәар.

Ма «иҟам-ианым рзырҳәо».

Ма «даҽакала дрыхәаԥшуа далагеит».

Мамзаргьы иҟалап «агәамсам ахьеиқәрыжьуа аҭыԥ; еизыҳәҳәоу ауац».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «халде́иааи».

Ма «абараҿы».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «игәы».

Ма «Белшацца́р».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «Анцәа иҩны иҟаз аԥшьаҭыԥ аҟынтә».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «халде́иааи».

Уи аԥштәы змаз амаҭәа аҳцәеи ауаа дуқәеи иныҟәыргон.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ргәы».

Мамзаргьы иҟалап «амузыка азырҳәоз ааргаргьы».

Ма «иҟам-ианым изызҳәоз».

Ма «Белшацца́р».

Ма «х-вакьыцкгьы».

Ма «иҽхәоз».

Ма «абарбалқәа».

Ма «аҽхәарақәа».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «адгьыл аҟынтә игыло».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «аамҭақәеи».

Ма «Белшацца́р».

Ма «Шуша́н».

Ма «аҳҭынраҿы».

Ма «аӡышьҭраҿы».

Мамзаргьы иҟалап «ргәы ианҭам, рхы ианҭам».

Иԥшьоу ашәҟәқәа.

Шәахәаԥш Ажәар.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ҳус зыӡбоз ҳаӡбаҩцәеи».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ауаҩы Гавриил».

Бжьышықәса ицо апериодқәа.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «аԥааимбари».

Зыӡбахә цо аԥшьаҭыԥ акәзар ҟалап.

Иҟалап зыӡбахә цо Месси́а иакәзар.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «Хиддеке́ль».

Иаанагоит «Анцәа иеиԥшыда?»

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «аҭынчра умаз».

Михаил.

Ма «ирацәаны адгьылқәа знапаҿы иаазго».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «иаҳра адац ианкны иҵжәахоит».

Зыӡбахә цо аҩадатәи аҳ иакәзар ҟалап.

Зыӡбахә цо аладатәи аҳ иакәзар ҟалап.

Ма «ақәылаҩцәа рԥацәа».

Мамзаргьы иҟалап «ргәы ианҭам, рхы ианҭам».

Ма «цәгьаршралагьы».

Мамзаргьы иҟалап «ргәы ианҭам, рхы ианҭам».

Зыӡбахә цо аҩадатәи аҳ иакәзар ҟалап.

Зыӡбахә цо аҩадатәи аҳ иакәзар ҟалап.

Ма «иҟәыӷоу».

Мамзаргьы иҟалап «иара дзыдгыло».

Ма «итәыҩақәа иҿеикшоит».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «раҳаҭыр азы игыло».

Иаанагоит «Анцәа иеиԥшыда?».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «дгылоит». Ауриатә бызшәаҿы уи иаанарԥшуазар ауеит аҳ иаҳасабала имоу амчра ихы ишаирхәо.

Ма «аҟәыӷацәа».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «аамҭақәеи».

Ма «угылоит ухәҭаа уоурц азы; иузалху аҭыԥ аҿы угылоит».

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2026)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • Аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2026 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра