ЕККЛЕЗИАСТ
1 Иерусалим аҳас иҟаз амҩақәҵаҩ*, Давид иԥа, иажәақәа.
2 «Зегь башоуп! — иҳәеит амҩақәҵаҩ. —
Зегь башоуп! Зегь мышгагоуп!»
3 Инаҭои ауаҩы иџьабаа,
Адгьыл аҿы иибо аџьабаа?
4 Шьоук ииуеит, шьоук ԥсуеит,
Адгьыл акәзар, наӡаӡа иаанхоит.
5 Амра гылоит, иагьҭашәоит,
Нас иахьгылаз аҭыԥ ахь иццакуеит, еиҭа игыларц азы.
6 Аԥша алада иасуеит, нас ихынҳәны аҩада иасуеит.
Ицо-иаауа, иааҟәымҵӡакәа игьежьы-гьежуа иқәуп.
7 Аӡиасқәа* зегь амшын иалалоит, аха амшын хыҵӡом.
Урҭ рхы ахьыҵырхуа аҭыԥ ахь ихынҳәуеит, еиҭа илеиларц азы.
8 Зегьы уарааԥсоит,
Уи зегь узеиҭаҳәом.
Ала иабо азхаӡом,
Алымҳагьы азхара ҟалаӡом.
9 Иҟаз ауп иҟало,
Иҟаҵаз ауп еиҭа иҟаҵахо.
Иҿыцу ҳәа акгьы ыҟаӡам адгьыл аҿы.
10 «Уахәаԥш, ари иҿыцу акоуп» ҳәа ззуҳәо акрыҟоума?
Уи жәытәнатә аахижьҭеи иҟан,
Ҳара ҳаԥхьагьы иҟалахьан.
11 Уаанӡа инхоз аӡәгьы игәалашәаӡом,
Иааираны иҟоугьы аӡәгьы игәалашәалаӡом,
Урҭ рышьҭахь иааиуагьы аӡәгьы игәалашәалаӡом.
12 Сара, амҩақәҵаҩ, израильтәи аҳас Иерусалим сыҟан. 13 Сара исыӡбеит сҟәыӷара схы иархәаны ажәҩан аҵаҟа иҟарҵо зегь еилыскаарц, зегь ҭысҵаарц — Анцәа ауаа ириҭаз аус хьанҭа зегьы, иҟарҵалаша аус.
14 Сара ауаа адгьыл аҿы иҟарҵо зегь збон,
Еилыскаазгьы абриоуп: зегь башоуп, зегьы аԥша уашьҭазар иаҩызоуп.
15 Икьаҳәу узыриашаӡом,
Иҟамгьы узыԥхьаӡаӡом.
16 Сара сгәы иҭасҳәеит: «Сара даараӡа сҟәышхеит, саԥхьа Иерусалим иҟаз зегь раасҭа сҟәышхеит, аҟәыӷара ду сырҳаит, адыррақәа рацәаны исоуит». 17 Сара аҟәыӷара закәуи агаӡареи* абзамыҟәреи закәуи реилкаара сашьҭан, аха урҭ реилкаара уашьҭазар, уигьы аԥша уашьҭазар иаҩызоуп.
18 Избанзар аҟәыӷара ду агәкаҳара ду ацуп,
Адырра еиззырҳауа ахьаагьы еизирҳауеит.
2 Усҟан сгәы иҭасҳәеит: «Ақьафура сҽасҭап, бзиарак алазар збап». Аха уигьы башоуп, акгьы иаԥсам усуп.
2 Аччара гаӡароуп* ҳәа азысҳәеит,
Ақьафура азгьы: «Хәарҭас иалоуи?» — сҳәеит.
3 Сара исыӡбеит аҩы гәахәарас иузаанаго еилыскаарц, аха убри аамҭазгьы схы сзымдыруа аҟынӡа исымжәӡеит, сыхшыҩ аҭыԥ аҿы иҟан. Сара аус гаӡақәа ирылҵшәахогьы еилыскаарц сыӡбеит, ауаа ажәҩан аҵаҟа рыԥсҭазаара кьаҿ аҩныҵҟа иҟарҵалар еиҳа еиӷьу збарц азы. 4 Сара аус дуқәа ҟасҵеит. Схазы аҩнқәа сыргылеит, аӡахәаҭра еиҭасҳаит, 5 абаҳчақәеи апаркқәеи ҟасҵеит, уа еиуеиԥшым ашәырҵлақәа еиҭасҳаит, 6 аӡҭарчқәа ҟасҵеит, абнаҿы изызҳауа аҵла ҿақәа уантәи аӡы рыҵасҭәаларц азы, 7 сымаҵ зуа ахацәеи аҳәсеи згеит, сыҩнаҭаҿы ииз амаҵуцәагьы сыман. Ашьамаҟеи аԥсасеи рацәаны исоуит, саԥхьа Иерусалим аҳра зуаз зегь раасҭагьы еиҳаны. 8 Сара ахьи араӡни рацәаны еизызгеит, аҳцәеи апровинциақәеи рҟынтә исоуз амазара. Сара ашәа зҳәо ахацәеи аҳәсеи згеит, аҳәса* еизызгеит — ахацәа ргәазырҳага. 9 Сара зегьы среиҳахеит, саԥхьа Иерусалим иҟаз зегьы среиҩсит. Убри аамҭазгьы сҟәыӷара сара исыцын.
10 Иаасҭахыз зегь ҟасҵон, сгәы иааҭахыз ак мап ацәыскуамызт. Сџьабаақәа срылагәырӷьон, уи сџьабаазы исоуаз ҳамҭан. 11 Аха иҟасҵаз зегь санахәаԥш, аџьабаа здызбалоз саназхәыц, избеит уи зегь шбашаз, аԥша ашьҭалара ишаҩызаз.
12 Нас сара аҟәыӷареи, агаӡареи, абзамыҟәреи рызхәыцра салагеит. (Аҳ ишьҭахь иааиуа ауаҩы иҟаиҵар илшои? Уаанӡа иҟарҵахьаз ауп.) 13 Сара избеит аҟәыӷара агаӡара аасҭа ишеиӷьу, алашара алашьцара аасҭа ишеиӷьу еиԥш.
14 Аҟәыш ибзианы ибоит*, агаӡа алашьцара дцәыҵоуп. Аха сара еилыскааит рҩыџьагьы ирзыԥшу ак шакәу. 15 Усҟан сгәы иҭасҳәеит: «Агаӡа ихьуа ауп саргьы исыхьуа. Нас, абас сахьҟәышхаз иснаҭои?» Убри аҟынтә сгәы иҭасҳәеит: «Уигьы башоуп». 16 Избанзар аҟәышгьы агаӡагьы наӡаӡа иргәалашәалаӡом. Аамҭа цар, рҩыџьагьы рхашҭуеит, ирхамышҭуа аӡәгьы дыҟаӡам. Аҟәышгьы агаӡа иеиԥш дыԥсуеит.
17 Сара аԥсҭазаара сцәымыӷхеит, избанзар адгьыл аҿы иҟарҵо зегьы угәы канажьуашәа збеит. Зегь башоуп, зегь аԥша уашьҭазар иаҩызоуп. 18 Сара адгьыл аҿы аџьабаа здызбалоз зегь сцәымыӷхеит, избанзар уи зегьы сара сышьҭахь иааиуа ауаҩы изынсыжьыр акәхоит. 19 Издыруада, уи иҟәышу ма игаӡоу аӡә иакәхоу? Арахь иара инапаҿы иҟалоит адгьыл аҿы џьабаалеи ҟәыӷаралеи исырҳаз зегьы. Уигьы башоуп. 20 Адгьыл аҿы аџьабаа здызбалоз зегьы санрызхәыц, сгәы каҳаит. 21 Избанзар ауаҩы аҟәышреи, адырреи, аҟазареи ихы иархәаны аџьабаа ибозар ауеит, аха зегьы уи аџьабаа адзымбалаз изынижьыр акәхоит. Уигьы башоуп, рыцҳара дууп.
22 Инаҭои ауаҩы адгьыл аҿы иибо аџьабааи аџьабаа абара игәазҭазҵо агәаҳәареи? 23 Иԥсы ахьынӡаҭоу иибо аџьабаа ахьаа ауп изаанаго, игәгьы канажьуеит, уахынлагьы игәы ҭынчӡам. Уигьы башоуп.
24 Ауаҩы изы акрыфареи, акрыжәреи, иџьабаа алагәырӷьареи иреиӷьу ак ыҟам. Сара еилыскааит уигьы Анцәа ду иҟынтә шакәу, 25 сара саасҭа еиӷьны акрызфо, акрызжәуа аӡәыр дыҟоума?
26 Дыззыразу ауаҩы иара аҟәыӷареи, адырреи, агәырӷьареи ииҭоит, агәнаҳаҟаҵаҩ иакәзар, аус ииҭоит — аизгареи аидкылареи, нас уи зегьы иара Анцәа дыззыразу ииҭарц азы. Уигьы башоуп, аԥша уашьҭазар иаҩызоуп.
3 Зегьы аамҭак-аамҭак рымоуп,
Ажәҩан аҵаҟа аусқәа зегьы рхатәы аамҭа рымоуп.
2 Аиразы аамҭак ыҟоуп, аԥсразы аамҭак ыҟоуп,
Аиҭаҳаразы аамҭак ыҟоуп, аҵхразы аамҭак ыҟоуп,
3 Ашьразы аамҭак ыҟоуп, ахәышәтәразы аамҭак ыҟоуп,
Арбгаразы аамҭак ыҟоуп, аргыларазы аамҭак ыҟоуп,
4 Аҵәыуаразы аамҭак ыҟоуп, аччаразы аамҭак ыҟоуп,
Аџьабаразы аамҭак ыҟоуп, акәашаразы аамҭак ыҟоуп,
5 Ахаҳәқәа ԥсаҟьаны акаԥсаразы аамҭак ыҟоуп, реизгаразгьы аамҭак ыҟоуп,
Агәыдыҳәҳәаларазы аамҭак ыҟоуп, уи аныҟаҵатәымгьы аамҭак ыҟоуп,
6 Аԥшааразы аамҭак ыҟоуп, иуцәыӡыз аԥшаара уанаҟәыҵуагьы аамҭак ыҟоуп,
Аҵәахразы аамҭак ыҟоуп, акажьразы аамҭак ыҟоуп,
7 Аԥыжәжәаразы аамҭак ыҟоуп, аидӡахыларазы аамҭак ыҟоуп,
Аҿымҭразы аамҭак ыҟоуп, ацәажәаразы аамҭак ыҟоуп,
8 Бзиа абаразы аамҭак ыҟоуп, ацәымӷразы аамҭак ыҟоуп,
Аибашьразы аамҭак ыҟоуп, аҭынчразы аамҭак ыҟоуп.
9 Инаҭои ауаҩы иџьабаа? 10 Сара избон Анцәа ауаа ириҭаз аусқәа. 11 Иара ианаҭыхыз аамҭазы зегь бзианы* иҟаиҵеит. Иара ауаа наӡаӡа анхара рҭаххартә еиԥшгьы иҟаиҵеит*. Аха дара уеизгьы ахаан Анцәа ду иусқәа зегь аҵыхәтәанынӡа ирзеилкааӡом.
12 Сара еилыскааит аԥсҭазаараҿы ауаҩы изы агәырӷьареи абзиара аҟаҵареи раасҭа еиӷьу ак шыҟам, 13 еилыскааит ауаҩы акрифалар, акрижәлар, иџьабаагьы далагәырӷьалар шихәҭоу. Уи Анцәа иҳамҭоуп.
14 Сара еилыскааит Анцәа ду иҟаиҵо зегьы наӡаӡа ишаанхо. Уи ак узацҵом, ак узагырхом. Анцәа ду ус зыҟаиҵаз ауаа ицәшәаларц азоуп.
15 Иҟоу ҟалахьеит, иҟалараны иҟоугьы иҟаз ауп. Аха Анцәа ду ауаа зышьҭоу* дашьҭоуп*.
16 Абар иҵегь адгьыл аҿы избаз: аусӡбара иаша ыҟазар ахьахәҭоу ацәгьара ыҟан, аиашара ыҟазар ахьахәҭоу азакәандара ыҟан. 17 Усҟан сгәы иҭасҳәеит: «Анцәа ду ауаа иашақәагьы ауаа цәгьақәагьы рус иӡбоит, избанзар иарбан усхкызаалакгьы, иарбан усуразаалакгьы зегьы рхатә аамҭа рымоуп».
18 Иара убас ауаа ирызкны сгәы иҭасҳәеит: Анцәа ду урҭ ԥишәоит*, аԥстәқәа ишреиԥшугьы дирбоит, 19 избанзар ауаагьы аԥстәқәагьы ирзыԥшу акоуп: арҭ шыԥсуа еиԥш ауп егьырҭгьы шыԥсуа, зегьы ԥсыԥк ауп ирымоу. Убри аҟынтә ауаҩы аԥстәқәа дызлареиӷьу ҳәа акгьы ыҟаӡам, избанзар зегь башоуп. 20 Зегь ҭыԥк ахь ауп иахьцо. Зегь анышә иалхын, анышә ахьгьы ихынҳәуеит. 21 Издыруада ауаа рыԥсыԥ хыхь ихалоу-имхалоу, аԥстәқәа рыԥсыԥ ҵаҟа адгьыл ахь илбаауоу-имылбаауоу? 22 Сара избеит ауаҩы изы иџьабаа алагәырӷьара аасҭа еиӷьу ак шыҟам, избанзар уи иара иҳамҭоуп. Изырбар зылшода иара ишьҭахь иҟало?
4 Сара еиҭах игәасҭеит адгьыл аҿы ауаа шдыргәаҟуаз, игәаҟуаз рылаӷырӡқәагьы збеит, ргәы зырҭынчуаз ҳәагьы аӡәгьы дыҟамызт. Изыргәаҟуаз амчра рыман, игәаҟуаз ргәы зырҭынчуаз ҳәа аӡәгьы дыҟамызт. 2 Усҟан сара схәыцит: иԥсхьоу ирыбаргуи, зыԥсы ҭоу раасҭа еиӷьуп. 3 Аха макьана имиц, адгьыл аҿы ауаа иҟарҵо ацәгьарақәа зымбац иоуп еиҳа иззеиӷьу.
4 Сара избеит аицлабра ауаа аџьабаа рацәаны ишыднарбо, ибзианы аус шыднаруа. Уигьы башоуп, аԥша уашьҭазар иаҩызоуп.
5 Агаӡа инапқәа еиқәыԥсаны дтәоуп, инапала ихы ишьуеит.
6 Маҷк* аԥсшьара еиҳа еиӷьуп, ирацәаны* аџьабаа ӷәӷәа абара аасҭа, избанзар уи аԥша уашьҭазар иаҩызоуп.
7 Сара игәасҭеит адгьыл аҿы иҟоу ибашоу даҽакгьы: 8 ауаҩы ихала дынхоит, аӡәгьы димаӡам. Аԥагьы димам, аиашьагьы димам, аха иаашар хәлаанӡа аус иуеит, ирҳаз амал изхаӡом. Аха иара ихы дазҵаауама: «Схы мап ацәкны абри зегь ззыҟасҵода?» Уигьы башоуп, џьабаа цәгьоуп.
9 Ҩыџьа еицыҟазар еиҳа еиӷьуп, аӡәы ихала дыҟазар аасҭа, избанзар рҩыџьагьы рџьабаазы аҳамҭа бзиа* роуеит. 10 Избанзар аӡә дкаҳар, егьи даашьҭихуеит, аха иԥсыхәои руаӡәк дкаҳар, аха дышьҭызхуа димоур?
11 Ҩыџьа еицышьҭазар, еибарԥхоит, аха зхала иҟоу дзырԥхои? 12 Аӡәы уииааир улшоит, аха ҩыџьа узыриааиӡом, урҭ рхы рыхьчоит. Хԥаны еикәыршоу ашаха аԥҵәара мариаӡам*.
13 Иӷару, аха иҟәышу аҷкәын еиҳа деиӷьуп, ибыргу, аха иабжьырго азыӡырҩра зҭахым* аҳ гаӡа иаасҭа. 14 Избанзар иара* абахҭа дҭыҵын, аҳас дҟалеит, уи аҳраҿы дӷарны дышизгьы. 15 Сара адгьыл иқәу зыԥсы ҭоу зегьы срызхәыцит, сазхәыцит даҽаӡә иҭыԥ аҿы инеиз аҳ қәыԥш ихьуагьы. 16 Идгылоу шырацәоугьы, ԥыҭрак ашьҭахь ауаа дыргәамԥхо далагоит. Уигьы башоуп, аԥша уашьҭазар иаҩызоуп.
5 Анцәа ду иҩнаҿы ухы шымҩаԥуго уацклаԥшла. Уахь уӡырҩырц азы унеир еиҳа еиӷьуп, агаӡақәа ишыҟарҵо еиԥш акәырбан наугарц азы унеир аасҭа. Дара иҟарҵо шиашам рзеилкааӡом.
2 Уҿы аартны ак аҳәара уахымыццаклан, угәы иҭоугьы Анцәа ду изеиҭаҳәара уахымыццаклан, избанзар Анцәа ду ажәҩан аҿы дыҟоуп, уара адгьыл аҿы уҟоуп. Убри аҟынтә амцхә умҳәалан. 3 Агәҭыхақәа рацәаны ианумоу, аԥхыӡқәа убоит, амцхә уанцәажәо, агаӡабызшәа уҳәоит*. 4 Анцәа уқәны ажәа аниуҭо, аамҭа мгакәа инагӡа, избанзар иара агаӡақәа игәы иахәаӡом. Иуҭаз ажәа нагӡа. 5 Ажәа иумҭар еиҳа еиӷьуп, ажәа иҭаны инаумыгӡар аасҭа. 6 Убз агәнаҳа унарҟаҵар умун, амаалықь* иҿаԥхьагьы уи гхан ҳәа умҳәан. Анцәа ду уажәақәа игәы рзыԥжәаны, аџьабаа здубалаз зегь ықәигартә аҟынӡа дызноугари? 7 Агәҭыхақәа рацәаны ианумоу аԥхыӡқәа шубо еиԥш, амцхә ануҳәо, иуҳәо аҵакы аиуӡом. Аха уара Анцәа ду уицәшәала.
8 Џьара амчра знапаҿы иҟоу аӡәы аӷарцәа иргәаҟуазар, насгьы рзинқәа рымхны рус ииашаны имыӡбозар, уи уамашәа иумбалан. Избанзар ус ҟазҵо иеиҳау дибоит, иҟоуп урҭ раасҭа еиҳақәоугьы.
9 Дара зегьы адгьыл ирнаҭо ахашәалахәы еиҩыршоит. Аҳҵәҟьагьы амхоуп акриҿазҵо.
10 Араӡны бзиа избо изхара араӡны ҟалаӡом, амал бзиа избо ахаан изхара ҟалаӡом. Уигьы башоуп.
11 Амал ианацло, уи нызхуагьы рхыԥхьаӡара иацлоит. Нас, амал зтәу уи дгыланы дахьахәаԥшуа ада уаҳа хәарҭас изалои?
12 Амаҵуҩы игәы раҳаҭны дыцәоуп, имаҷны ифозаргьы, ирацәаны ифозаргьы, амал змоу имал дарцәаӡом.
13 Сара адгьыл аҿы арыцҳара ду збеит: ауаҩы еидикылоз, аха ԥырхага изаазгоз амал. 14 Иара иусқәа ахьеиқәымшәаз азы имал ицәыӡит, аԥа даниоугьы изаанижьуаз ҳәа акгьы изнымхаӡеит.
15 Ауаҩы иан лымгәарҭа дҟьантазӡа дышҭыҵуа еиԥш ауп даныԥсуагьы дышцо. Иибаз аџьабаа азы уахь акымзарак изгаӡом.
16 Уигьы рыцҳара дууп: ауаҩы даниуа акгьы шааимго еиԥш ауп даныԥсуагьы акгьы шимго. Иџьабаа аԥша иагозар, иабаихәо? 17 Имшқәа зегь еиқәаҵәоуп*, агәкаҳареи, ачымазарақәеи, агәыԥжәареи рыла иҭәуп.
18 Сара избеит ауаҩы изы ибзиоу, ииашоу: иара акрифалароуп, акрижәлароуп, иџьабаа далагәырӷьалароуп — Анцәа ду ииҭаз иԥсҭазаара амшқәа рыҩныҵҟа адгьыл аҿы иааҟаиҵо зегьы, избанзар уи иара иҳамҭоуп. 19 Анцәа ду ауаҩы абеиареи амазареи ииҭазар, уи далагәырӷьаларц алшарагьы ииҭазар, ауаҩы уи аҳамҭа ихы иаирхәалароуп, иибо аџьабаагьы агәырӷьара изаанагалароуп, уи Анцәа иҳамҭоуп. 20 Уи иҩыза ауаҩы иԥсҭазаара шаҟа ирласны ииасуа дагьазхәыцрым, избанзар Анцәа ду уи игәы гәырӷьарыла ирҭәуеит.
6 Сара адгьыл аҿы избеит ауаа лассы-лассы изықәшәо даҽа рыцҳарак: 2 Анцәа ду ауаҩы амали, амазареи, ахьӡ-аԥшеи ииҭоит, иара иааиҭаху зегь имоуп, аха Анцәа ду уи зегь алагәырӷьаха ииҭаӡом, атәымуаҩ иоуп зхы иазырхәо. Уи башоуп, рыцҳара дууп. 3 Ауаҩы шәҩык ахшара иоургьы, акыр шықәса нҵаны, иқәрахь днеиргьы, аха бзиарас иааимоу алагәырӷьаха имоукәа дыԥсыр, иԥсны ииз иара иаасҭа деиӷьуп ҳәа сҳәарын. 4 Избанзар уи ахәыҷы баша диит, алашьцараҿгьы дыԥсит, ихьӡгьы алашьцара ахаԥаны иҟоуп. 5 Иара амра шимбазгьы, иидыруаз ҳәа акгьы шыҟамызгьы, еиҳа изеиӷьуп* егьи иаасҭа. 6 Зқьышықәса унхаргьы, ҩ-нызқьшықәса унхаргьы, аԥсҭазаара уаламгәырӷьозар, иабаухәо? Зегь ҭыԥк ахь акәӡами иахьцо?
7 Ауаҩы аџьабаа зибо имгәа ирҭәырц азоуп, аха иԥсы ахаангьы иҭәӡом. 8 Аҟәыш агаӡа дызлаиеиӷьуи? Аӷаргьы ауадаҩрақәа риааишьа* ахьидыруа иабаихәо? 9 Ула иабо уалагәырӷьалар еиҳа еиӷьуп, иумоуа уеилаҳалар аасҭа. Уигьы башоуп, аԥша уашьҭазар иаҩызоуп.
10 Адунеи аҿы иҟоу зегь ахьӡ амоуп, ауаҩгьы дызусҭоу еилкаауп. Уи иара иаасҭа иӷәӷәоу ажәа имакра илшаӡом. 11 Ажәақәа шаҟа ирацәоу аҟара, убри аҟарагьы иҵакыдоуп. Хәарҭас изааргои урҭ ауаҩы? 12 Издыруада агага еиԥш ииасуа ауаҩы иԥсҭазаара кьаҿ* аҩныҵҟа дызҿызар еиҳа еиӷьу? Иазҳәода ауаҩы адгьыл аҿы иара ишьҭахь иҟало?
7 Ахьӡ бзиа зыхә цәгьоу ахәша аасҭа еиӷьуп, аԥсрамш аирамш аасҭа еиӷьуп. 2 Аҵәыуара ахьыҟоу аҩнахьы уцалар еиҳа еиӷьуп, ачара ахьыҟоу аҩнахьы уцалар аасҭа, избанзар аԥсра зегьы ирзыԥшуп, зыԥсы ҭоу уи рхамышҭуазароуп. 3 Агәырҩа аччара аасҭа еиӷьуп, избанзар алахьеиқәра ауаҩы деиӷьнатәуеит. 4 Аҵәыуара ахьыҟоу аҩнаҿы аҟәыш аԥсреи аԥсҭазаареи дрызхәыцуеит, агаӡа дааҟәымҵӡакәа ахәмарраччароуп дзызхәыцуа.
5 Аҟәыш илабжьара уазыӡырҩуазар еиҳа еиӷьуп, агаӡа иашәа уазыӡырҩуазар аасҭа. 6 Избанзар агаӡа иччабжь ачуан аҵаҟа аҿҿаҳәа ибылуа афархь абжьы иеиԥшуп. Уигьы башоуп. 7 Аҟәыш ианиқәыӷәӷәо, агаӡара ҟаиҵар илшоит, аҵарҭышагьы ауаҩы игәы ԥхасҭанатәуеит.
8 Аус аҵыхәтәа еиҳа еиӷьуп, алагамҭа аасҭа, ачҳара улазар еиҳа еиӷьуп, уԥагьазар аасҭа. 9 Агәаара уахымыццаклан, избанзар агәаара злоу агаӡақәа роуп.
10 Иумҳәан: «Избан уаанӡатәи аамҭақәа еиҳа изеиӷьыз уажәтәи аасҭа?» — избанзар иҟәышу уи дазҵааӡом.
11 Аҟәыӷара иаҭынхаз анацу еиҳагьы еиӷьуп, уи адгьыл аҿы инхо* ахәарҭа рзаанагоит. 12 Избанзар аҟәыӷара аԥара еиԥш уахьчоит, аха адырреи аҟәыӷареи еиҳа рыхә ҳаракуп, избанзар адырреи аҟәыӷареи умазар, урҭ уԥсҭазаара рыхьчоит.
13 Урызхәыц Анцәа ду иусқәа. Иара икьаҳәны иҟаиҵаз зыриашар зылшода? 14 Агәырӷьара амш аҽны абзиарақәа ҟаҵала, аха арыцҳара амш аҽны Анцәа уи амшгьы егьи амшгьы шишаз ухоумыршҭлан. Ауаа аԥхьаҟа ирзыԥшу рыздырӡом.
15 Сыԥсҭазаара кьаҿ* аҩныҵҟа избаз рацәоуп: избеит ауаҩ иаша дышҭахо, уи дышиашоугьы, ауаҩы цәгьа акыршықәса дшынхо, ацәгьара шыҟаиҵогьы.
16 Ииашоуп ҳәа иуԥхьаӡо аганахьала иахумырҟьацәалан, амцхә уҟәышушәагьы ааумырԥшлан. Ухы зҭаурхари? 17 Агәнаҳа уҽоумҭан, угаӡамхан. Уаамҭа ааиаанӡа уҽзушьуеи? 18 Еиҳа еиӷьуп актәи агәҽанҵара уқәныҟәалар, аҩбатәигьы ухоумыршҭлар, избанзар Анцәа ицәшәо рыҩбагьы дрықәныҟәалоит.
19 Аҟәыӷара ауаҩ ҟәыш ақалақь зыхьчо жәаҩык ахацәа ӷәӷәақәа раасҭа дыӷәӷәаны дҟанаҵоит. 20 Дыҟаӡам адгьыл аҿы абзиара ада ахаан гәнаҳак ҟазымҵац уаҩ иашак.
21 Ауаа иузырҳәо зегьы угәы иаумырслан, избанзар умаҵуҩы ацәгьа шузиҳәо* уаҳар улшоит. 22 Уара ибзианы иудыруеит ухаҭагьы зныкымкәа егьырҭ ацәгьа шырзуҳәоз.
23 Уи зегьы исымоу аҟәыӷарала иԥысшәан, ус сҳәеит: «Суаҩ ҟәышхап». Аха уи сара исылшо ак акәмызт. 24 Иҟалахьоу зегьы еилкаашьа амаӡам, уи џьара аҵаҿы иҵәахушәа иҟоуп. Еилызкаар зылшода? 25 Сара исыӡбеит аҟәыӷареи зегьы мзызс ирымоуи еилыскаарц, иҭысҵаарц, исыԥшаарц, иара убас исыӡбеит агаӡара цәгьарас иалоуи абзамыҟәра зхеилаԥсароуи еилыскаарц. 26 Сара еилыскааит ашәарыцаҩ ишьацҳәа иаҩызоу, згәы акаҭа иаҩызоу, знапқәа иҭаку рзынџьырқәа иреиԥшу аԥҳәыс аԥсра аасҭа дшеицәоу. Анцәа ду игәы иақәшәо уи длыцәцоит, агәнаҳаҟаҵаҩ — дылҿашәоит.
27 «Абар еилыскааз, — иҳәеит амҩақәҵаҩ*. — Сара зегь акакала иҭысҵааит, зегь еилыскаарц, алкаагьы ҟасҵарц азы, 28 аха абриаҟара сзышьҭаз сзымԥшааӡеит. Зықьҩыла ауаа рыбжьара хаҵа иашак дсыԥшааит, аха урҭ ԥҳәыс иашак дрыланы сымбеит. 29 Еилыскааз акоуп: Анцәа ду ауаа уаа иашақәаны ишеит, аха дара даҽа мҩак алырхит».
8 Ауаҩ ҟәыш иеиԥшу иҟада? Ауадаҩрақәа рыӡбашьа здыруада*? Аҟәыӷара ауаҩы ихы-иҿы ианыԥшуеит, иҿаԥшылара цәгьа арҟәымшәышәуеит.
2 Сара исҳәоит: «Аҳ иуеиҳәо ҟаҵала, избанзар Анцәа иҿаԥхьа уқәны ажәа иуҭеит. 3 Иара иҟынтә ацара уахымыццакын. Аус цәгьа уҽалаумырхәын. Избанзар аҳ иааиҭаху ҟаиҵар илшоит, 4 иара иажәа закәануп. Иҟауҵо закәи ҳәа иазҳәода?»
5 Иарҳәо ҟазҵо ауаҩы арыцҳара дақәшәаӡом, ауаҩ ҟәыш иҟаиҵаша, ианыҟаиҵаша идыруазаауеит. 6 Ауаа арыцҳарақәа рацәаны ирықәшәоит азы, зегьы ианаамҭоу, ииашаны иҟауҵалароуп. 7 Аӡәгьы аԥхьаҟа иҟалараны иҟоу издырӡом, уи шыҟало акәым.
8 Ауаҩы иԥсҭазааара шизацымҵо еиԥш, данԥсуа амшгьы изалхӡом. Аибашьҩы аибашьра анцо аҩныҟа дшоурмышьҭуа еиԥш, ацәгьаҟаҵаҩцәа рхымҩаԥгашьа цәгьа иахылҿиаауа изацәцаӡом.
9 Сара уи зегь збон, адгьыл аҿы иҟарҵо зегь сазхәыцуан. Ианакәзаалак ауаҩы ауаҩы данихагылоу, ажәлар гәаҟуеит. 10 Сара избон ацәгьаҟаҵаҩцәа — иԥшьоу аҭыԥ ахь инеины ицоз — анышә ишарҭоз. Урҭ ацәгьара ахьыҟарҵоз ақалақь аҿы ирласны ирхашҭуан. Уигьы башоуп.
11 Ауаҩы иҟаиҵаз иус цәгьақәа рзы иаразнак иқәнага дақәдмыршәозар, ацәгьа аура дацәшәалаӡом. 12 Агәнаҳаҟаҵаҩ шәынтә ацәгьа иургьы акыраамҭа дшынхогьы, сара издыруеит Анцәа ду ицәшәо аҵыхәтәаны абзиарақәа шырзыԥшу, избанзар ицәшәоит. 13 Ацәгьаҟаҵаҩ иакәзар, бзиарак изыԥшӡам, агага иеиԥшу иԥсҭазаарагьы изацҵаӡом, избанзар Анцәа дицәшәаӡом.
14 Адгьыл аҿы абри аҩыза арыцҳарагьы ҟалалоит: ауаа иашақәа ацәгьа ҟарҵозшәа ирызныҟәоит, ауаа цәгьақәа ииашаны рхы мҩаԥыргозшәа ирызныҟәоит. Сара уигьы башоуп сҳәеит.
15 Убри аҟынтә аԥсҭазаара шәалагәырӷьаларц шәабжьызгоит, избанзар ауаҩы изы адгьыл аҿы акрыфареи, акрыжәреи, ахәмарраччареи раасҭа еиӷьу ак ыҟам, Анцәа ду адгьыл аҿы ауаҩы ииҭаз иԥсҭазаара амшқәа зегь рыҩныҵҟа аџьабаа анибо, уигьы изацзароуп.
16 Сара аҟәыӷара сырҳарц сыӡбеит, исыӡбеит адгьыл аҿы ауаа зҿу зегь сацклаԥшырц, убри аамҭазгьы уахынлагьы ҽынлагьы ацәа закәу сыздырӡомызт*. 17 Нас Анцәа ду иусқәа зегь рызхәыцра салаган, еилыскааит адгьыл аҿы иҟоу зегьы ауаа еилкаашьа шрымам. Иҟарҵалакгьы, дара уи рылшаӡом. Уи азы иаҭаху аҟәыӷара сымоуп ҳәа аӡәы иҳәаргьы, аҵыхәтәанынӡа уи еилкаашьа имаӡам.
9 Сара уи зегьы ибзианы сазхәыцит, еилыскаазгьы абриоуп: ауаа иашақәеи, ауаа ҟәышқәеи, урҭ русқәеи Анцәа ду инапаҿы иҟоуп. Ауаа дара раԥхьа инхоз иаадырԥшуаз абзиабареи ацәымӷреи ртәы акгьы рыздырӡом. 2 Зегьы ирзыԥшу акоуп: ауаа иашақәагьы ауаа цәгьақәагьы, ауаа бзиақәагьы ицқьоугьы ицқьамгьы, акәырбанқәа назгогьы иназымгогьы. Ауаҩ бзиагьы агәнаҳаҟаҵаҩгьы ирзыԥшу акоуп, имхәыцӡакәа иқәуагьы ақәра иахымыццакуагьы ирзыԥшу акоуп. 3 Абри аҩыза арыцҳара збеит адгьыл аҿы: зегь ирзыԥшу акоуп азы, ауаа еснагь цәгьарак аҟаҵара иашьҭоуп; рыԥсы ахьынӡаҭоу рхы гаӡароуп иҭоу, нас иԥсуеит.
4 Зыԥсы ҭоу зегь агәыӷра рымоуп, избанзар зыԥсы ҭоу ала зыԥсы ҭам алым аасҭа еиӷьуп. 5 Зыԥсы ҭоу ишыԥсуа рдыруеит, иԥсхьоу акгьы рыздырӡом, уаҳагьы аҳамҭа* роуӡом, избанзар урҭ аӡәгьы игәалашәаӡом, ирхашҭхьеит. 6 Иӡит урҭ рыбзиабарагьы, рцәымӷрагьы, ршьыцрагьы, адгьыл аҿы иҟало уаҳа акгьы иалахәхаӡом.
7 Угәырӷьаҵәа ача ыфала, угәы ҭгәырӷьаауа аҩы ыжәла, избанзар Анцәа ду уусқәа дырзыразуп. 8 Еснагь амаҭәа шкәакәа* ушәыз, ухы ахәша ахьшьрагьы ухоумыршҭлан. 9 Бзиа иубо уԥҳәыс улыцгәырӷьала адгьыл аҿы Анцәа иуиҭаз аԥсҭазаара кьаҿ* аҩныҵҟа, икьаҿу умшқәа зегь рыҩныҵҟа, избанзар уи уԥсҭазаараҿы иумоу ҳамҭоуп — адгьыл аҿы иубо аџьабаазы уҳамҭа. 10 Унапы иҟанаҵар алшо зегьы ухы уамеигӡакәа иҟаҵала, избанзар анышә* аҿы, уара уахьцо аҭыԥ аҿы, иҟам аусурагьы, ахәыцрагьы*, адыррагьы, аҟәышрагьы.
11 Абар адгьыл аҿы избаз даҽакы: ирласны иҩуеи аибашьҩы ӷәӷәеи аиааира анырымгогьы ыҟоуп, иҟәыӷоу афатә анрымамгьы ыҟоуп, иҟәышу амал анрымамгьы ыҟоуп, ак здыруа ақәҿиара анрымамгьы ыҟоуп, избанзар зегьы ианазыԥшым аамҭазы иззыԥшым иақәшәар рылшоит. 12 Ауаҩы иаамҭа анааиуа издырӡом. Аԥсыӡ акаҭа ишаҿашәо еиԥш, аҵыс ацәҟьа ишакуа еиԥш, ауаагьы иаалырҟьаны арыцҳара иақәшәоит.
13 Абар аҟәыӷара иазкны адгьыл аҿы иҵегь еилыскааз, уи уамашәагьы избеит. 14 Иҟан ауаа маҷны иахьынхоз қалақь хәыҷык. Амч ду змаз аҳ уи ақалақь днадгылан, амацәаз иҭеикит, нас иаакәыршаны ахыхьчаратә ҭӡамц дуқәа иргылеит. 15 Уа иҟәышыз уаҩ ӷарк дыҟан. Иара иҟәышрала уи ақалақь еиқәирхеит. Аха уи ашьҭахь уи аӡәгьы дагьигәаламшәеит. 16 Сара исҳәеит: «Аҟәыӷара амч аасҭа еиӷьуп. Аха аӷар иҟәыӷара рцәымӷуп, иажәақәагьы рхахьы инаргаӡом».
17 Иҟәышу ражәа ҭынчқәа урзыӡырҩлар еиҳа еиӷьуп, агаӡақәа ирхагылоу рыҳәҳәабжь уазыӡырҩлар аасҭа.
18 Аҟәыӷара абџьар аасҭа еиӷьуп, аха агәнаҳа ҟазҵо аӡәызаҵәыкгьы бзиарас иҟоу зегь ықәихыр илшоит.
10 Афҩы хаа змоу ахәша амҵқәа анӡааԥсылалак ишыбжьысуа еиԥш ауп пату зқәырҵо ауаҩ ҟәыш гаӡарак аныҟаиҵо ихьӡ шыбжьысуагьы.
2 Аҟәыш игәы амҩа иаша дықәнаҵоит*, агаӡа игәы иҽеим амҩахь ихоит*. 3 Агаӡа мҩас дызнызаалакгьы аҟәышра* изхаӡом, дышгаӡоу зегьы ирбарҭоуп.
4 Анапхгаҩы игәы узыԥжәар, уиԥырҵны умцан, иааурԥшуа аҭынчра агәнаҳа дуқәа армаҷуеит.
5 Абар адгьыл аҿы избаз арыцҳара — амчра змоу иҟарҵо агха: 6 дара агаӡақәа аҭыԥ дуқәа рырҭоит, иҟәышу* аҭыԥ лаҟәқәа рҿы иаанхоит.
7 Сара избон аҽқәа ирықәтәаз амаҵуцәеи амаҵуцәа реиԥш шьапыла инеиуаз аҭауадцәеи.
8 Ажра зжуа ихаҭа уахь дҭаҳар алшоит, ахаҳәтә ҭӡамц ԥызҽуа амаҭ ицҳар алшоит.
9 Ахаҳә ыҵызхуа ахаҳә дыԥнаҟар алшоит, амҿы зыршьшьо изгьы амҿыршьшьара шәарҭахар алшоит*.
10 Аиха цагәыр, иагьумхыр, аџьабаа унарбоит, аха аҟәыӷара ақәҿиара аиура иуцхраауеит.
11 Амаҭ знапаҿы иаазго инапаҿы иааигаанӡа ицҳар, инапаҿы аагара ахьилшо* хәарҭас иалои?
12 Аҟәыш иажәақәа угәы иахәоит, агаӡа ииҳәо иара дҭанархоит. 13 Раԥхьатәи иажәақәа — гаӡароуп, аҵыхәтәантәиқәа — арыцҳара уақәзыршәо бзамыҟәроуп*. 14 Аха агаӡа ацәажәара даҟәыҵӡом.
Ауаҩы аԥхьаҟа иҟало издырӡом. Иара ишьҭахь иҟало иазҳәода?
15 Агаӡа иџьабаа дарааԥсоит, иара ақалақь ахь дызлацаша амҩагьы издырӡом.
16 Изакә рыцҳароузеи иазыԥшу атәыла, уи иахагылоу аҳ дхәыҷызар, аҭауадцәагьы шьыжьнаҵы ифо-ижәуа итәазар! 17 Закә насыԥузеи иамоу атәыла, уи иахагылоу аҳ ауаа дуқәа дырхылҵзар, аҭауадцәагьы рымчқәа ҭарҵарц азы ианахәҭоу аамҭазы акрырфозар-акрыржәуазар, арыжәтә рҽаршьуа акәымкәа!
18 Ауаҩы зынӡа даашьаҩызар, иҭуан баауеит, инапы нарҵысны ак ҟаимҵозар, ихыб аӡы кылсуеит.
19 Афатә — уаргәырӷьоит, аҩы — уԥсҭазаара арлахҿыхуеит, аха аԥара иуҭаху зегь уаанархәоит.
20 Угәы уанҭахәыцуагьы* аҳ иакәым изумҳәалан*, уахьыцәо ауадаҿы амал змоугьы иакәым рзумҳәалан, избанзар аҵарақәа уажәақәа наганы ирҳәар рылшоит, амҵәыжәҩа змоу иуҳәаз еиҭарҳәар рылшоит.
11 Уча аӡы иаҭала, избанзар акырымш рышьҭахь уи еиҭа иуԥшаауеит. 2 Иумоу быжьҩыкгьы, ааҩыкгьы ирызша, избанзар адгьыл аҿы узықәшәо иарбан рыцҳароу уздырӡом.
3 Аԥҭақәа ӡлачыр, адгьыл ахь ақәа ларышьҭуеит, аҵлагьы алада ахы рханы ма аҩада ахы рханы икаҳар, иахькаҳаз ишьҭазаауеит.
4 Аԥша иацклаԥшуа ахаангьы длаҵаӡом, аԥҭақәа ирыхәаԥшуа ахаангьы иҭеигалаӡом.
5 Адоуҳа* ан лымгәарҭа иҭоу ахәыҷы ибаҩқәа шеизнарҳауа шузымдыруа еиԥш ауп зегь ҟазҵо Анцәа ду иусқәагьы шузымдыруа.
6 Ашьыжь ажәла лаҵала, хәлаанӡагьы унапы ԥсшьаха аумҭалан, избанзар еизҳауа уздырӡом, арҭ ракәу, егьырҭ ракәу, иҟалап арҭгьы анҭгьы еизҳар.
7 Алашара угәы ҟанаҵоит, амрагьы анубо угәы иахәоит. 8 Ауаҩы акыршықәса дынхозар, имшқәа зегьы дрылагәырӷьалааит, аха ихамышҭлааит арыцҳара амшқәагьы маҷымзар шалшо. Иҟалараны иҟоу зегьы акгьы иаԥсам!
9 Угәырӷьала, арԥыс, уқәыԥшнаҵы, аԥсҭазаара уалагәырӷьала умч ҭанаҵы. Угәы иааҭаху ҟаҵала, улақәа ахьыԥшуа уцала, аха иудыруаз иҟауҵо зегь азы Анцәа ду аҭак аҟаҵара дышуԥхьо*. 10 Убри аҟынтә улахь еиқәызҵо зегь аҟынтә ухы хьчала, ахьаа узаазго зегьы уҽацәыхьчала, избанзар ақәыԥшреи аҿареи ирласны ииасуа акоуп*.
12 Дугәалашәоз узшаз Ашаҩ Ду уқәыԥшнаҵы, арыцҳара амшқәа ааиаанӡа, «аԥсҭазаара агәырӷьара сзаанагом» ҳәа ззуҳәо ашықәсқәа ааиаанӡа, 2 амреи, амзеи, аеҵәақәеи лашьцаанӡа, ақәа ашьҭахь еиҭа аԥҭақәа цәырҵаанӡа*. 3 Иааиуеит амш аҩны зыхьчо аҵысра ианалаго, иӷәӷәоу* рыбӷа анхәо, илаго* аусура ианаҟәыҵуа, избанзар урҭ маҷхеит, аԥенџьыр икылыԥшуагьы* алашьцароуп ирбо, 4 иааиуеит амш адәахьы иаатуа ашәқәа анакуа, аӡлагара абжьы агара ианаҟәыҵуа, аҵыс ашәаҳәабжь уанаанарԥшло, ашәақәа рыбжьы* аныхәыҷхо. 5 Уара аҳаракыра уацәшәалоит, адәахьы адәылҵра узыгәаӷьлаӡом. Аминдаль шәҭуеит, акаԥа аарлаҳәа иҳәазалоит, акаперс арыцқәа тҟәацуеит. Ауаҩы акыраамҭа ҩныс изыҟало аҭыԥ ахь дцоит, игәырҩо амҩа ианызаалоит. 6 Дугәалашәоз уи, араӡны шашәа ԥҵәаанӡа, ахьтәы гәыблаа ԥҽаанӡа, аӡыхь аҿы аԥҳал ҟәыбаса ицаанӡа, аҵеџь агьежь ԥхасҭахаанӡа. 7 Усҟан анышә иалху ауаҩы анышә ахь дхынҳәуеит, аԥсыԥ* — уи изҭаз Анцәа ду иахь ихынҳәуеит.
8 «Зегь башоуп! — иҳәеит амҩақәҵаҩ*. — Зегь башоуп».
9 Амҩақәҵаҩ дҟәышхеит, аха уи адагьы, иара ажәларгьы иидыруаз еснагь идирҵон. Иара дазхәыцуан, ибзианы иҭиҵаауан, ажәамаанақәа рацәаны еизигарц азы*. 10 Амҩақәҵаҩ угәы иахәо ажәақәа рыԥшаара дашьҭан, насгьы ииашоу аҵабырг ажәақәа ранҵара иҽазишәон.
11 Иҟәышу ражәақәа ацәқәа злакарцо алаба* иаҩызоуп, рҳәамҭақәа* — иӷәӷәаны иалаҵоу аҵәымӷқәа ирҩызоуп. Урҭ хьчак иоуп иҳазҭаз. 12 Егьырҭ зегь азы иуасҳәо, сыҷкәын, абриоуп: угәуҽаныз. Ашәҟәқәа рыҩра ахаангьы иаҟәыҵӡом урҭ амцхә рыԥхьара ауаҩы даркароит.
13 Абар иҳәаз зегь ҵакыс иамоу: Анцәа ду уицәшәала*, иԥҟарақәа урықәныҟәала, уиоуп ауаҩы иԥсҭазаараҿы зегь раасҭа ихадоу. 14 Анцәа ду иарбан усзаалак ахәшьара аиҭоит, маӡала иҟаҵоугьы, иагьиӡбоит уи цәгьоу-ибзиоу.
Ма «ажәлар еизызго».
Ма «аӡынтәи аӡқәа».
Ма «ахеилаԥсареи».
Ма «хеилаԥсароуп».
Ма «сааигәара аԥҳәыс дыҟан, аҳәса рацәа».
Ма «илақәа аартуп».
Ма «иашаны; ишақәнагоу еиԥш».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «анаунагӡара ргәы иҭеиҵеит».
Мамзаргьы иҟалап «ииасыз».
Ма «ҟаиҵоит».
Ма «гәеиҭоит».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «уаԥсҵәык».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ҩ-уаԥсҵәык».
Ма «еиҳа ахәарҭа».
Ма «ирласны иԥҵәаӡом».
Ма «аҟәышра ззымхо».
Иҟалап аҷкәын ҟәыш иакәзар.
Ма «агаӡа ицәажәашьа уоуеит».
Ма «ажәабжьҳәаҩ».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «есыҽны алашьцараҿы акрифоит».
Ма «еиҳа дҭынчуп».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «зыԥсы ҭоу рҿаԥхьа аныҟәашьа».
Ма «ибашоу иԥсҭазаара».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «алашара збо».
Ма «ибашоу сыԥсҭазаара».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ушишәиуа», арагьы, 22-тәи ажәеинраалаҿгьы.
Ма «ажәлар еизызго».
Ма «зегь уеилзыркаар зылшода».
Мамзаргьы иҟалап «ауаа уахынлагьы ҽынлагьы ишмыцәо сацклаԥшырц».
Ма «аулафахәы».
Агәалаҟазаара бзиа аазырԥшуа амаҭәа, аџьабарамаҭәа акәымкәа.
Ма «ибашоу уԥсҭазаара».
Ауриатә ажәа шео́л. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Анышә; анышәынҭра».
Ма «агәҭакқәагьы».
Ма «иарӷьарахь иҟоуп».
Ма «иармарахь иҟоуп».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «агәы».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ибеиоу».
Мамзаргьы иҟалап «амҿы зыршьшьо игәиҽанызароуп».
Ма «аҭәҳәа аҟаҵара ахьилшо».
Ма «хеилаԥсароуп».
Мамзаргьы иҟалап «уиарҭаҿы».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «думшәилан».
Ма «аԥсҭазааратә мчы».
Ма «аӡбарахь ушнеиго».
Ма «башоуп».
Мамзаргьы иҟалап «аԥҭақәа ақәа ларышьҭаанӡа».
Ма «ахацәа ӷәӷәақәа».
Ма «илаго аҳәса».
Ма «аԥенџьыр икылыԥшуа аҳәсагьы»
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «рыԥҳацәа».
Ма «аԥсҭазааратә мчы».
Ма «ажәлар еизызго».
Ма «еишьҭаргыланы ианиҵарц азы».
Ара зыӡбахә ҳәоу арахә злакарцоз, зԥынҵа ҵару алабоуп.
Ма «еизгаз рҳәамҭақәа».
Ма «ҳаҭыр ду иқәҵала». Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Анцәа ицәшәара».