Ажәамаанақәа
28 Ауаа цәгьақәа ыҩуеит, аӡәгьы дышрышьҭамгьы,
Ауаа иашақәа ракәзар, алым еиԥш* акгьы иацәшәаӡом.
2 Атәылаҿы азакәан анеиларго*, напхгаҩык иҭыԥан даҽаӡә дҟалоит,
Аилкаареи адырреи змоу ауаҩы ибзоурала анапхгаҩы акыраамҭа напхгара иулоит.
3 Аӷар иара иҩыза арыцҳа ихы данаирхәо,
Аҽаҩра зегь ықәызго ақәаршҩы даҩызоуп.
4 Азакәан зҭахым ауаа ацәгьаҟаҵаҩцәа дырҽхәоит,
Азакәан назыгӡо ракәзар, урҭ ргәы рзыԥжәоит.
5 Ауаа цәгьақәа аиашара аилкаара рылшаӡом,
Иегова ишьҭоу ракәзар, зегь аилкаара рылшоит.
6 Ауаҩы цқьа дӷарзаргьы, еиҳа деиӷьуп,
Зымҩақәа хәымгоу ауаҩ беиа иаасҭа.
7 Аԥа ҟәыш азакәан дықәныҟәоит,
Амцхә афара бзиа избо ирыцу иаб дирԥхашьоит.
8 Змал процентла иаззырҳауа
Аӷарцәа абзиара рзыҟазҵо рзы еизыргоит.
9 Азакәан иқәымныҟәо ауаҩы иҳәараҵәҟьагьы
Анцәа изы ихәымгоуп.
10 Ауаа иашақәа ацәгьара амҩа иқәызҵо ауаҩы иижыз ажра ихаҭа дҭаҳауеит,
Ауаа цқьақәа ракәзар, абзиарақәа рзыԥшуп.
11 Ауаҩ беиа дҟәышу џьишьоит,
Аха аилкаара змоу аӷар уи игәаҭа зеиԥшроу ибоит.
12 Ауаа иашақәа анышәҭыкакаҷуа, ажәлар гәырӷьоит,
Ауаа цәгьақәа амчра анроуа, ажәлар рҽыԥхьаркуеит.
13 Зыгәнаҳақәа зҵәахуа ақәҿиара иоуӡом,
Зыгәнаҳақәа аартны изҳәо, насгьы агәнаҳаҟаҵара иаҟәыҵуа дрыцҳашьахоит.
15 Иӷыӷуа алыми иугәыдло амшәи даҩызоуп
Зхы ззымыхьчо ауаа ирхагылоу анапхгаҩы цәгьа.
16 Аилкаара змам анапхгаҩы имчра цәгьашақә ихы иаирхәоит,
Мыцла ирҳау амал зцәымӷу иԥсҭазаара иациҵоит.
17 Ашьа ахькаиҭәаз азы ахара зду ауаҩы дыԥсаанӡа абна дылазаауеит,
Аӡәгьы уи димыцхраалааит.
18 Ламыс змоу ауаҩы цқьа арыцҳара иҽацәихьчоит,
Ламысцқьала зхы мҩаԥызымго иаалырҟьаны арыцҳара дақәшәоит.
19 Зыдгьыл иқәаарыхуа меигӡарахда афатә имазаауеит,
Акгьы иаԥсам аусқәа ирҿу аӷәыцәҳәы дықәтәоит.
20 Узықәгәыӷыртә иҟоу ауаҩы азылԥхарақәа рацәаны иоуеит,
Абеиахара иахыццакуа агәнаҳа ҟаимҵар залшом.
21 Ауаа реилыхра бзиаӡам,
Аха ҿаҵак ачазы ауаҩы цәгьарак ҟаиҵар илшоит.
22 Ишьыцуа* ауаҩы амал дазгәышьуеит,
Аӷәыцәҳәы дшықәтәогьы издырӡом.
23 Ауаҩы дандыриашо, аҵыхәтәаны дзыриашаз еиҳа иҭабуп ҳәа иеиҳәоит,
Иҿагәыбзыӷуа иаасҭа.
24 Зани заби ирымоу рымызхуа, нас «уи гәнаҳаӡам» зҳәо
Арҳәцәа дреиӷьӡам.
25 Аԥсыцәгьа* аҵәы иршуеит,
Иегова иқәгәыӷуа иакәзар, ақәҿиара имазаауеит.
26 Зхы* иақәгәыӷуа дгаӡоуп,
Ҟәышрала зхы мҩаԥызго арыцҳара дацәцоит.
27 Аӷарцәа ирызҭо акгьы даргәаҟлаӡом,
Урҭ гәазымҭо ашәи рацәаны изыԥшызаауеит.
28 Ауаа цәгьақәа амчра анроуа, ажәлар рҽыԥхьаркуеит,
Урҭ анҭахо, ауаа иашақәа рацәаҩхоит.