Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Ажәамаанақәа 26
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

Ажәамаанақәа. Ахҳәаа

    • ИУДЕИАТӘИ АҲ ЕЗЕКИА ИМАҴУЦӘА ИХЫРҨЫЛААЗ СОЛОМОН ИАЖӘАМААНАҚӘА (25:1—29:27)

Ажәамаанақәа 26:2

Албаагақәа

  • *

    Мамзаргьы иҟалап «аҵыс шыҵԥраауа еиԥш, ажәҵыс шышьҭыԥраауа еиԥш, иақәнагам ашәигьы уаҩсны ицоит».

Ажәамаанақәа 26:6

Албаагақәа

  • *

    Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ақәымчра ужәыр».

Ажәамаанақәа 26:10

Албаагақәа

  • *

    Ма «еилых ҟамҵакәа зегь зхәуа».

  • *

    Ма «ахыци ахәымпали рыла ихысуа».

Ажәамаанақәа 26:17

Албаагақәа

  • *

    Мамзаргьы иҟалап «шьоукы реимак-реиҿак зҽалазгало».

Ажәамаанақәа 26:18

Албаагақәа

  • *

    Ара зыӡбахә цо ахә кьаҿ змоу идыршәуа аԥса ауп.

Ажәамаанақәа 26:25

Албаагақәа

  • *

    Ма «избанзар игәы зегь хәымгоуп».

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
  • 14
  • 15
  • 16
  • 17
  • 18
  • 19
  • 20
  • 21
  • 22
  • 23
  • 24
  • 25
  • 26
  • 27
  • 28
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Ажәамаанақәа 26:1–28

Ажәамаанақәа

26 Аԥхын асы аур шахәҭам еиԥш, аҭагалараан ақәа леир шақәнагам еиԥш,

Агаӡагьы аҳаҭыр иқәнагаӡам.

 2 Аҵыс ус баша ишмыҵԥраауа еиԥш, ажәҵысгьы баша ишышьҭымԥраауа еиԥш,

Ашәигьы мзызк амамкәа иҟаӡам*.

 3 Аҟамчы — аҽы азоуп, аӷәра — аҽада азоуп,

Алаба — агаӡақәа рыбӷа азоуп.

 4 Агаӡа агаӡа иеиԥш аҭак иумҭалан,

Иара уиеиԥшымхарц азы.

 5 Агаӡа агаӡа иеиԥш аҭак иҭала,

Дҟәышуп ҳәа игәы иаанамгарц азы.

 6 Агаӡа аус инапы анҵара

Ушьапқәа ԥҵәаны, ухаҭа ухы цәгьарак азуу* иаҩызоуп.

 7 Ицыркьуа, аныҟәара зҭахым ашьапқәа ирҩызоуп

Агаӡа ииҳәо ажәамаана.

 8 Агаӡа ахьӡ-аԥша иҭара

Ахаҳә аршәга ахаҳә адҿоуҳәала иаҩызоуп.

 9 Аҩыжәҩы инапы иаку амаӷ иаҩызоуп

Агаӡа ииҳәо ажәамаана.

10 Иахьабалак ихысуа* ахысҩы*

Агаӡа ма имҩасны ицо аусура дызго диҩызоуп.

11 Ала иаҿнахыз ахь ишыхынҳәуа еиԥш,

Агаӡагьы игаӡара еиҭаҟаиҵоит.

12 Сҟәышуп ҳәа зхы зыԥхьаӡо ауаҩы дубахьома?

Агаӡа еиҳа иҽиԥсахыр ҟалап уи иаасҭа.

13 Аашьаҩ ус иҳәоит: «Алым амҩа иануп!

Алым ақалақь ашҭа иқәуп!»

14 Ашә агәыцә иҭагьежьуеит,

Аашьаҩгьы ииарҭаҿы днаҳәы-аҳәуеит.

15 Аашьаҩ инапы ачанах аҟынӡа инеигоит,

Аха иҿахьы анагаразы амч имаӡам.

16 Аашьаҩ еиҳа дҟәышу џьишьоит,

Хшыҩла аҭак ҟазҵо быжьҩык раасҭа.

17 Шьоукы ак еимаркит ҳәа зыԥсахы еибакуа ауаҩы

Ала алымҳацәқәа кны ирыхо диҩызоуп*.

18 Амца зку аҵәқәеи* узшьуа ахҿақәеи зыршәуа ахеилага

19 Цәгьарак игәы иҭакны изааигәоу дызжьо, нас: «Сыхәмарит!» — зҳәо ауаҩы диҩызоуп.

20 Мҿыда амца ыцәоит,

Иҟам-ианым зҳәо дахьыҟам аимак-аиҿак еиқәтәоит.

21 Арацәа акәицқәа рзоуп, амҿы амца азоуп,

Аҵәыршҩы аимак-аиҿак ирҿиоит.

22 Иҟам-ианым зҳәо иажәақәа афатә хаа иаҩызоуп,

Урҭ ҟыԥ-ҟыԥҳәа ианылбаардалак, ишиашоу рымгәахь ицоит.

23 Згәы ацәгьара ҭоу иажәа хаақәа

Анышәаԥшь иалху аԥҽыха иақәҭәоу араӡны иаҩызоуп.

24 Егьырҭ зцәымӷу ауаҩы иажәа хаақәа рыла ишицәымӷу иӡоит,

Арахь амц иҳәарц игәы иҭоуп.

25 Хаала дуацәажәозаргьы, игәра умган,

Избанзар игәы быжь-хәыцра цәгьак ҭоуп*.

26 Амц ҳәаны, ицәымӷра шиҵәахуагьы,

Иус цәгьақәа ажәлар рҿаԥхьа иаатуеит.

27 Ажра зжуа ихаҭа дҭаҳауеит,

Ахаҳә адызго, ихаҭа дарҟьацуеит.

28 Амцҳәаҩ иижьо дицәымӷуп,

Ииҳәо аҿагәыбзыӷбызшәа егьырҭ ықәнахуеит.

Аԥсуа публикациақәа (2000—2026)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • Аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2026 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра